АҴАРАЗЫ АСТАТИА 42
Лак-ҩакрада аҵабырг шәадгылаз!
«Зегь ԥышәшәала — иеиӷьу алышәхла» (1 Фес. 5:21).
АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом
АХҲӘААa
1. Иарбан зҵаарақәоу аӡәырҩы ирызцәырҵуа?
ЖӘАНЫЗҚЬЛА адинхаҵарақәа ақьырсианра ныҟәаҳгоит ҳәа рҳәоит, насгьы Анцәа ииашаны имҵахырхәоит ҳәа ргәы иаанагоит. Убри аҟынтә аӡәырҩы ирызцәырҵуеит азҵаара: иԥхьаӡома Анцәа ииашоу динхаҵарас иҟоу акоуп ҳәа, мамзаргьы ауаҩы иныҟәиго адинхаҵара зеиԥшразаалакгьы Анцәа изы зегь дара роума? Иџьашьатәӡам ауаа урҭ рҩызцәа азҵаарақәа ахьрызцәырҵуа! Агәра ганы ҳаҟоума ҳара Иегова ишаҳаҭцәа рырҵарақәа шҵабыргу, насгьы Анцәа ишигәаԥхо еиԥш имаҵ шаҳуа? Иамоума ҳагәрахаҵара ашьаҭа ӷәӷәа? Шәааи, еилаҳкаап.
2. Избан Павел аҵабырг шиԥшааз агәра ганы дзыҟаз? (1 Фессалоникаа рахь 1:5).
2 Апостол Павел аҵабырг шиԥшааз агәра ганы дыҟан. (Шәаԥхьа 1 Фессалоникаа рахь 1:5.) Уи аҩыза агәрагара зимаз зыгәра игоз ахьигәаԥхоз мацара азы акәӡамызт. Павел «Аҩыра зегьы» бзианы иҭиҵаауан, насгьы уи Анцәа идоуҳала ишҩу агәра игон (2 Тим. 3:16). Еиликаазеи иара иҭҵаарақәа рыбзоурала? Иԥшьоу Аҩыраҿы иара иԥшааит Иисус изқәыргәыӷыз Мессиа шиакәыз узырбоз ашьақәырӷәӷәарақәа. Аха урҭ ашьақәырӷәӷәарақәа иудеиатәи адиннапхгаҩцәа хьаасгьы ирымамызт. Ҩ-хаҿрак змаз адиннапхгаҩцәа Анцәа ихаҭарнакцәа ҳауп ҳәа рҳәон, аха русқәа уи ишицәхьаҵыз аадырԥшуан (Тит 1:16). Апостол Павел Анцәа Иажәа зынӡа даҽакалоуп дшазыҟаз, уи зыгәра игалои зыгәра имгалои ҳәа еилихӡомызт. Уи дааҟәымҵӡакәа Анцәа иҟаиҵараны иҟаз зегь атәы еиҭеиҳәон (Аус. 20:27).
3. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшома аҵабырг шыҳаԥшааз, ҳазҵаарақәа зегьы рҭак ҳмоуазаргьы? (Шәахәаԥш иара убас арамка «Ауаа „ахаан Анцәа иусқәа зегьы... [рзеилкааӡом]“».)
3 Шьоукы ргәы иаанагоит ииашоу адинхаҵара рызҵаарақәа зегьы рҭак ҟанаҵароуп ҳәа, урҭ азҵаарақәа рҭак Абиблиаҿы инҭкааны ианымзаргьы. Аха ииашоума уи аҩыза агәаанагара? Ҳахәаԥшып апостол Павел иҿырԥшы. Иара аишьцәеи аиҳәшьцәеи иреиҳәон: «Зегь ԥышәшәала» (1 Фес. 5:21). Убри аамҭазгьы иара идыруан изеилымкаауазгьы шырацәаз: «Ҳара ҳдыррақәа зегьы хыбжа-ҿыбжатә дыррақәоуп... Уажә ҳара иаабо, ҳазлагылоу зегьы — асаркьа хәашь ишунарбо аиԥш ауп ишаабо» (1 Кор. 13:9, 12). Ааи, Павел зегь изеилкаауамызт, ҳаргьы убас ауп. Аха иара Иегова изку ихадоу аҵабыргқәа бзианы идыруан. Уи аҵабырг шиԥшааз агәра агаразы изхон.
4. Ишԥаҳалшо аҵабырг шыҳаԥшааз аилкаара, насгьы еилаҳкаауазеи ари астатиа аҟынтә ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа ирызкны?
4 Аҵабырг шыҳаԥшааз агәра ганы ҳаҟазарц азы шәааи, Иисус Христос Анцәа ииашаны ишимҵахырхәалатәу ала иаҳзынижьыз аҿырԥштәи, Иегова ишаҳаҭцәа рырҵарақәеи рхымҩаԥгашьеи еиҿҳарԥшып. Ари астатиаҿы еилаҳкаауеит, ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа: 1) аныхамҵахырхәара рыҽшацәырыхьчо; 2) Анцәа ихьӡ, Иегова, пату шақәырҵо; 3) аҵабырг бзиа ишырбо; 4) бзиа ишеибабо.
ҲАРА АНЫХАМҴАХЫРХӘАРА ҲҼАЦӘЫҲАХЬЧОИТ
5. Еилаҳкаазеи Иисус ибзоурала, Анцәа ииашаны ишимҵахырхәалатәу иазкны, насгьы ҳақәныҟәалар шԥаҳалшо Иисус ишьҭанеицәа идирҵоз?
5 Иисус даараӡа Иегова бзиа дибоит, убри аҟынтә иара заҵәык иоуп дзымҵахырхәо (Лука 4:8). Иара убас ҟаиҵон ажәҩан аҿы даныҟазгьы, адгьыл аҿы даныҟазгьы. Иисус ишьҭанеицәагьы Иегова заҵәык имҵахырхәаларц дирҵон. Иисусгьы гәыкала изыҟаз иҵаҩцәагьы Анцәа имҵахырхәараҿы ахаан асахьақәа рхы иадырхәаӡомызт. Анцәа — иумбо доуҳатә хаҭароуп, убри аҟынтә ауаҩы инапы иҟанаҵо иарбанзаалак асахьа Анцәа ихьӡ-иԥша заанарԥшӡом! (Ис. 46:5). Аха ҳхы иаҳархәалар ҳалшома иԥшьоу ҳәа изышьҭоу рсахьақәа, насгьы урҭ рыҳәара? Иегова ижәлар ириҭаз Жәа-ԥҟарак рҟынтә аҩбатәи аԥҟара иаҳәон: «Иҟаумҵан ухазы иҭаԥҟоу асахьа, хыхь ажәҩанаҿи, ҵаҟа адгьылаҿи... Урҭ урмеихырхәан, рымаҵгьы умун» (Ақәҵ. 20:4, 5). Анцәа гәыкала имаҵ аура зҭаху рзы арҭ ажәақәа еилкаауп.
6. Изҿыԥшуада Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа имҵахырхәараҿы?
6 Аҭоурыхҭҵааҩцәа ирҳәоит актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Анцәа заҵәык ишимҵахырхәоз. Ақьырсиантә уахәама аҭоурых иазку усумҭак аҿы иануп, раԥхьатәи ақьырсианцәа Анцәа иахьимҵахырхәоз аҭыԥқәа рахь асахьақәа рнагара шырымуаз (History of the Christian Church). Иахьагьы Иегова ишаҳаҭцәа уи аҩыза агәаанагара рымоуп. Ҳара «иԥшьоу», амаалықьцәа, ма Иисус Христос ҳрыҳәаӡом. Иара убас, ҳара аҳәынҭқарратә символқәа ҳрымҵахырхәаӡом. Егьа иуадаҩзаргьы, Иисус иажәақәа инарықәыршәаны ҳанхоит: «Уиеихырхәала Иуқәиҭу Унцәа» (Матф. 4:10).
7. Изларылукаауазеи Иегова ишаҳаҭцәа егьырҭ адинхаҵарақәа?
7 Иахьа еиуеиԥшым ауахәамақәа рыԥшьаҩцәа рыбжьара зегьы еицырдыруа ыҟоуп. Зны-зынла урҭ Анцәа иеиԥш иҳараркуеит. Ауаа урҭ руахәамақәа дырҭәуеит, рышәҟәқәа аархәоит, насгьы ирацәаны аԥара рырҭоит. Дара урҭ ирҳәо убриаҟара агәра ргоит, насгьы ианырбалак убриаҟара иреигәырӷьоит, Иисус Христос ихаҭа дылбаазҭгьы уиаҟара имеигәырӷьар ҟаларын. Аха иаҳҳәар ҳалшозеи Иегова ииашоу имаҵзуҩцәа рзы? Ҳара зегьы ҳаиҟароуп. Ҳорганизациаҿы аҭакԥхықәрақәа зду пату рықәаҳҵоит, аха ҳара иаҳхаҳаршҭӡом Иисус иҵаҩцәа иреиҳәаз ажәақәа: «Шәарҭ зегьы шәеишьцәоуп» (Матф. 23:8—10). Убри аҟынтә ҳара ауаа ҳараҳкӡом, адинхаҵаратә напхгаҩцәа ракәыз, аполитикцәа ракәыз. Урҭ русқәа рҿгьы ҳрыдгылаӡом. Аполитика иадҳәалоу азҵаарақәа рҿы анеитралитет ҳахьчоит, насгьы ари адунеи аусқәа ҳаҽрылаҳархәӡом. Убри ала ақьырсианра ныҟәаҳгоит ҳәа зҳәо адинхаҵаратә гәыԥқәа ҳрылукаауеит (Иоанн 18:36).
АНЦӘА ИХЬӠ, ИЕГОВА, ПАТУ АҚӘАҲҴОИТ
Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа Иегова иӡбахә егьырҭ рзеиҭаҳәара ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8—10.)d
8. Иабантәиаадыруеи Иегова ихьӡ ҳаракхарц, насгьы уи ауаа зегь ирдырларц шиҭаху?
8 Зны Иисус Анцәа даниҳәоз абас иҳәеит: «Саб! Ухьӡ ырҳарак». Анаҩс ажәҩан аҟынтә Иегова ихаҭа ибжьы геит: «Иҳараскхьеит, еиҭаҳараскрангьы сыҟоуп» (Иоанн 12:28). Иисус адгьыл аҿы амаҵ аниуаз еснагь Иаб ихьӡ ҳареикуан (Иоанн 17:26). Иарбан лкаау иҟаҳҵар ҳалшо? Ииашоу ақьырсианцәагьы Анцәа ихьӡ рхы иадырхәалароуп, уи иӡбахә егьырҭ ирзеиҭарҳәалароуп, насгьы уи ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡалароуп.
9. Ишԥаадырԥши актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа Анцәа ихьӡ пату шақәырҵоз?
9 Актәи ашәышықәса ҳара ҳеразы ақьырсиантә еизара анышьақәгыла ашьҭахь дук мырҵыкәа, Иегова «егьырҭ ажәларқәа [дрызхьаԥшит], урҭ рҟынтә иара ихьӡ ала иныҟәало ажәлар алихырц» (Аус. 15:14, АдҾ). Усҟан инхоз ақьырсианцәа Анцәа ихьӡ егьырҭ рзеиҭаҳәара алшара ахьрымаз ҳаҭыр дуны ирыԥхьаӡон. Уи адагьы, Абиблиа иахәҭакхаз ашәҟәқәа анырыҩуаз Анцәа ихьӡ рхы иадырхәонb. Убас ала урҭ ақьырсианцәа иаадырԥшит Анцәа ихьӡ ныҟәызго ажәлар шракәу (Аус. 2:14, 21).
10. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҟоу Иегова ишаҳаҭцәа — Анцәа ихьӡ ныҟәызго ажәлар шракәу?
10 Иаҳҳәар ҳалшома Иегова ишаҳаҭцәа Анцәа ихьӡ ныҟәызго жәларуп ҳәа? Шәааи, ашьақәырӷәӷәарақәа ҳрыхәаԥшып. Иахьа апапцәа аӡәырҩы ирылшо зегь ҟарҵоит, руахәамақәа рахь иныҟәо ауаа Анцәа ихьӡ рмаҳарц азы. Дара иҟарҵо Абиблиа аиҭагақәа рҿы Анцәа ихьӡ анырхуеит, уи адагьы руахәамақәа рҿы Анцәа ихьӡ ахархәара ауаа азин анрырымҭогьы ыҟоупc. Илшома аӡәы иҳәар Иегова ишаҳаҭцәа рыда Анцәа ихьӡ пату ақәызҵо аӡәыр дыҟоуп ҳәа? Иҟоума даҽа динхаҵарак, ауаа Анцәа ихьӡ еилыркаарц азы Иегова ишаҳаҭцәа раҟара ҟазҵо? Убри азоуп ҳара Иегова ишаҳаҭцәа зҳахьӡу? (Ис. 43:10—12). Ҳара 240 миллион екземплиар инареиҳаны Абиблиа «„Адунеи ҿыц“ аиҭага» ҳкьыԥхьхьеит. Уи аиҭагаҿы егьырҭ аиҭагаҩцәа Анцәа ихьӡ ахьанырхыз аҭыԥқәа зегьы рҿы еиҭашьақәыргылоуп. Уи адагьы, 1 000 бызшәа инареиҳаны рыла Иегова ихьӡ ахьану, Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҭҳажьуеит!
ҲАРА АҴАБЫРГ БЗИА ИАҲБОИТ
11. Иԥшаадырԥшуаз актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аҵабырг ахь ирымаз абзиабара?
11 Иисус Анцәеи игәҭаки ирызку аҵабырг бзиа ибон. Иара уи инақәыршәаны дынхон, егьырҭгьы уи рзеиҭеиҳәон (Иоанн 18:37). Иисус иҵаҩцәагьы аҵабырг бзиа ирбон (Иоанн 4:23, 24). Апостол Пиотр ақьырсиантә мҩа, аҵабырг мҩа ҳәа азиҳәеит (2 Пиотр 2:2). Актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа аҵабырг ахь ирымаз абзиабара ргәазҭанаҵон, уи иаҿагыло зегьы мап ацәкра. Иаҳҳәап, амцдинхаҵара иднарҵоз аҵасқәеи ақьабзқәеи, ма рхатә гәаанагара (Кәал. 2:8). Иахьагьы ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа аҵабырг амҩала ацара рҽазыршәоит, даҽакала иуҳәозар урҭ зыгәра рго Анцәа Иажәа шьаҭас иамоуп, насгьы еилыркаауа инақәыршәаны инхоит (3 Иоанн 3, 4).
12. Иҟарҵозеи Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа, библиатә рҵарак шеилаҳкаауаз еиҭарҿыцтәызар, насгьы избан?
12 Анцәа имаҵзуҩцәа Абиблиа иану зегьы ак агымкәа еилыркаауеит ҳәа рҳәаӡом. Зны-зынла дара абиблиатә рҵарақәа ииашамкәа еилыркаауеит, ма ииашам аӡбарақәа рыдыркылоит. Аха ҳара уи џьаҳамшьалароуп. Абиблиа иаҳәо инақәыршәаны, Анцәа ижәлар аамҭа цацыԥхьаӡа аҵабырг еиҳа-еиҳа еиӷьны еилыркаалоит (Кәал. 1:9, 10). Иегова аҵабырг хәыҷы-хәыҷла ауп ишааиртуа, убри аҟынтә ҳара ачҳара ааҳарԥшлароуп (Ажәам. 4:18). Зны-зынла Анапхгаратә хеилак аҟынтә аишьцәа еилыркаауеит уаанӡа библиатә рҵарак ииашамкәа ишеилыркаауаз. Убасҟан дара аамҭа мгакәа ирымаз аилкаара еиҭадырҿыцуеит. Иахьа адинхаҵарақәа жәпакы ргәаанагара зырыԥсахуа, руахәамахь инеиуа ауаа ргәы ҟарҵарц, ма ари адунеи аҿы иҟоу анормақәа рыҽрықәдыршәарц азоуп. Аха Иегова иорганизациаҿы аԥсахрақәа зыҟарҵо Анцәа игәы аҟаҵаразы ауп, насгьы Анцәа ишимҵахырхәалатәу ала Иисус иаанижьыз аҿырԥшы еиҳа еиӷьны иқәныҟәаларц азоуп (Иак. 4:4). Уи зыҟарҵо ари адунеи анормақәа рыҽрықәдыршәарц азы акәӡам, аха абиблиатә рҵарақәа еиҳа еиӷьны еилаҳкааларц азоуп. Ааи, ҳара ииашаҵәҟьаны аҵабырг бзиа иаҳбоит! (1 Фес. 2:3, 4).
ҲАРА БЗИА ҲАИБАБОИТ
13. Иарбан ҟазшьоу ииашоу ақьырсианцәа зегьы ирылызкаауа, насгьы ишԥаадырԥшуеи уи аҟазшьа Иегова ишаҳаҭцәа?
13 Актәи ашәышықәсазы иҟаз ақьырсиантә еизара зегьы изларылукаауаз ирыбжьаз абзиабарала акәын. Иисус иҳәеит: «Шәара сҵаҩцәа шшәакәу злардыруа, шәара-шәара ишәыбжьоу абзиабарала ауп» (Иоанн 13:34, 35). Иахьагьы адунеи зегь аҿы Иегова ишаҳаҭцәа еидызкыло абзиабара ауп. Адунеизегьтәи ҳаиашьара милаҭла, расала, ибеиоу-иӷару ҳәа еилаҳхӡом. Убри ала егьырҭ адинхаҵарақәа ҳрылукаауеит. Ҳара гәыкала бзиа ҳшеибабо ҳаизарақәеи ҳконгрессқәеи рҿы иубарҭоуп. Уи даҽазныкгьы иҳаилнаркаауеит Иегова ҳмаҵзура дшақәныҳәо.
14. Излоубарҭоузеи гәыкала бзиа ҳшеибабо? (Кәаласаа рахь 3:12—14).
14 Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит: «Гәык-ԥсыкала бзиа шәеибабала» (1 Пиотр 4:8). Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа иаҳбоит аҟынтә, рыгхақәа ҳхы рзаҳашьҭӡом, насгьы урҭ ранаҳажьуеит. Уи адагьы, ҳара аизараҿы зегь рахь агәыҳалалреи асасдкылареи ааҳарԥшуеит, ҳгәы ҳзырхьыз рахьгьы. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 3:12—14.) Ҳаиашьара еидызкыло абзиабара ари ииашоу ақьырсианцәа шҳакәу, зегьы ирбарҭоу шьақәырӷәӷәароуп.
«ХАҴАРАК»
15. Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҟоу актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рҿырԥшала Анцәа ҳашимҵахырхәо?
15 Иарбан шьақәырӷәӷәарақәоу иҟоу актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа рҿырԥшала Анцәа ҳашимҵахырхәо? Иаҳҳәап, ҳаизарақәа рҿы усҟан апостолцәа ишьақәдыргылаз аиҿкаара аҩыза ыҟоуп. Ҳара иҳамоуп араионтә хылаԥшыҩцәа, аизара аиҳабацәа, насгьы аизара ацхырааҩцәа (Флп. 1:1; Тит 1:5). Раԥхьатәи ақьырсианцәа реиԥш, ҳаргьы ацәеижьтә еизааигәахареи, аҭаацәалазаареи, ашьа пату ақәҵареи, насгьы зыгәнаҳа иахьымхәуа иҟынтә аизара шыхьчатәу ирызку Анцәа изакәанқәа пату рықәаҳҵоит (Аус. 15:28, 29; 1 Кор. 5:11—13; 6:9, 10; Аур. 13:4).
16. Иарбан ихадоу ҵабыргу Ефесаа рахь 4:4—6 аҿы иану?
16 Иисус излеиҳәахьаз ала аӡәырҩы иҵаҩцәа ҳауп ҳәа рҳәалоит, аха уи ус акәхаӡом (Матф. 7:21—23). Абиблиагьы ҳгәаҳҽаннаҵоит аҵыхәтәантәи амшқәа рзы аӡәырҩы «адәахьала — нцәахаҵарак рымоушәа рхы [шудырбало] (2 Тим. 3:1, 5). Уи адагьы, уа еилыкка иануп динхаҵара заҵәык шакәу Анцәа игәы иақәшәо. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:4—6.)
17. Ишьҭанеиуада иахьа Иисус, насгьы иныҟәызгода ииашоу динхаҵара заҵәык?
17 Иазусҭцәада иахьа иҵабыргу динхаҵарак ныҟәызго? Иқәныҟәода иахьа Иисус Христос Анцәа имҵахырхәараҿы иаҳзынижьыз аҿырԥшы, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа уи шыҟарҵоз еиԥш? Ҳзыхцәажәаз афактқәа иаҳдырбеит ҭак заҵәык шакәу иҟоу. Урҭ Иегова ишаҳаҭцәа роуп. Иегова ижәлар рыбжьара аҟазаареи, Анцәеи иара игәҭаки ирызку аҵабырг адырреи ҳаҭыр дууп! Шәааи анаҩсгьы лак-ҩакрада уи аҵабырг ҳадгылалап!
АШӘА 3 Ҳара ҳамч, ҳгәыӷра, ҳагәрагара
a Иисус Христос Анцәа имаҵ шиуаз Анцәа ииашаны ишимҵахырхәалатәу ҳнарбоит. Ари астатиаҿы ҳара еилаҳкаауеит, актәи ашәышықәсазы инхоз ақьырсианцәа уи ишиҿыԥшуаз. Иара убас еилҳаргоит, иахьа Иегова ишаҳаҭцәагьы уи аҿырԥшы ишықәныҟәо ҳзырбо ашьақәырӷәӷәарақәа.
b Шәахәаԥш, 2010 шықәса, ииуль 1 азы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» адаҟьа 6 аҿы иаагоу арамка «Употребляли ли первые христиане имя Бога?».
c Иаҳҳәап, 2008 шықәсазы Римтәи Папа Бенедикт XVI-тәи аепископцәа адҵа риҭеит Анцәа ихьӡ «рхы иадмырхәаларц, ма ирымҳәаларц» Анцәа имҵахырхәарақәа раан, ашәаҳәарақәа раан, насгьы анцәаиҳәарақәа раан.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Анцәа ихьӡ зну Абиблиа ауаа зегьы рхатәы бызшәала иаԥхьаларц азы, Иегова иорганизациа «„Адунеи ҿыц“ аиҭага» 200 бызшәа инареиҳаны рыла иҭнажьит.