Аҽынкылара аарԥшышьа шәҵала
«Доуҳала шәыҟазаара лҵшәас иаиуа... аҽынкылара» (ГАЛ. 5:22, 23).
1, 2. а) Дабананаго ауаҩы аҽынкылара анизымхо? б) Избан уи аҟазшьа иахьа изхадоу?
АҼЫНКЫЛАРА — ари Анцәа ицхыраарала еизҳарҳар ҳалшо ҟазшьоуп (Гал. 5:22, 23). Иегова уи аҟазшьа наӡаны иааирԥшуеит. Ауаа ракәзар, ари аҟазшьа аарԥшра рцәыцәгьоуп, избанзар дара наӡаӡам. Иазгәаҭатәуп ауаа ауадаҩрақәа изрықәшәо, еиҳараӡак аҽынкылара ахьрымам шакәу. Аҽынкылара змам ауаа ихадоу аусқәа ианаамҭоу иҟарҵаӡом, аҵара бзианы ирҵаӡом, мамзаргьы ишахәҭоу еиԥш аус руӡом. Уи адагьы, аҽынкылара ззымхо ауаа ажәа бааԥсқәа рҳәоит, арыжәтә рҽадыршьуеит, гәымбылџьбарала рхы мҩаԥыргоит, рхатә ҩыза илҵуеит, иаҭахым ауалқәа рықәырҵоит, еиуеиԥшым ашьцыларақәа рыҽрырҭоит, абахҭа иҭашәоит, агәхьаа рызцәырҵуеит, иара убас ацәеижьтә еизааигәахарала ииасуа ачымазарақәа роуеит, насгьы ирҭахымкәа рцәа ртәымкәа иҟалар рылшоит (Аԥсал. 33:12—15, [34:11—14, АдҾ]).
2 Ишаҳбо еиԥш, аҽынкылара ззымхо ауаа рыхгьы дыргәаҟуеит, егьырҭгьы дыргәаҟуеит. Аамҭа цацыԥхьаӡа аҭагылазаашьа еиҳа-еиҳа еицәахоит. Абиблиа ҭызҵаауа уи зынӡа иџьаршьом, избанзар Абиблиа инақәыршәаны, аҽынкылара амамзаара — «аҵыхәтәантәи амшқәа» раан ҳшынхо узырбо амзызқәа ируакуп (2 Тим. 3:1—3).
3. Избан аҽынкылара аарԥшра ақьырсианцәа рзы изхадоу?
3 Избан аҽынкылара аарԥшра захәҭоу? Ҳарзааҭгылап ҩ-мзызк. Актәи, иазгәаҭан аҽынкылара аазырԥшуа ауадаҩрақәа еиҳа имаҷны ишрымоу. Ирласны еилашәо ауаа реиԥш акәымкәа, аҽынкылашьа здыруа аҭышәынтәалара аадырԥшуеит, егьырҭ рнаалара еиҳа ирзымариоуп, ачҳара рымоуп, иара убас агәҭынчымреи адепрессиеи уиаҟара рыҽрырҭом. Аҩбатәи, Анцәа ҳаиҩызцәаны ҳаанхаларц азы даара ихадоуп ахыхрақәа ҳарҿагылаларц, насгьы ииашам агәаҳәарақәа ҳаҽраҳамҭаларц. Адами Евеи ирыхьыз уи еилыкка иаҳнарбоит (Аҟаз. 3:6). Иара убас иазхәыцтәуп ихадоу ари аҟазшьа аазмырԥшуаз ауаа ирзаанагаз алҵшәа бааԥсқәа.
4. Иҳацхраауазеи аҽынкылара аарԥшра зцәыцәгьоу ауаа ргәы ашьҭыхра?
4 Инаӡам ауаа аҵыхәтәанынӡа аҽынкылара аарԥшра рылшом. Иегова идыруеит имаҵзуҩцәа аҽынкылара аарԥшра шаҟа ирцәыцәгьоу, насгьы урҭ ирызцәырҵуа ииашам ргәаҳәарақәа риааира дрыцхрааларц иҭахуп (1 Аҳ. 8:46—50). Абзиабара аазырԥшуа Аҩыза иеиԥш, иара гәыкала имаҵ аура зҭаху, аха аҽынкылара аарԥшра зцәыцәгьоу зегьы дрыцхраауеит. Шәааи раԥхьа Иегова аҽынкылара шааирԥшуа еилҳаргап. Анаҩс ҳалацәажәоит ибзиаз, насгьы ибзиамыз аҿырԥштәы ҳзаанзыжьыз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа иаҳдырҵо. Иара убас иаҳгәалаҳаршәоит еиҳа еиӷьны аҽынкылара аарԥшра иҳацхраауа алабжьарақәа.
ИЕГОВА АҾЫРԤШЫ ҲАИҬОИТ
5, 6. Иарбан ҿырԥшу Иегова иҳаиҭаз аҽынкылара аарԥшра аганахь ала?
5 Иегова аҵыхәтәанынӡа аҽынкылара ааирԥшуеит, избанзар иара зегь рыла днаӡоуп (Ҩынтә. 32:4). Аха ҳара ҳнаӡаӡам. Уеизгьы, Иегова иҿырԥштәы ҳацхраауеит уи аҟазшьа аарԥшра, насгьы еиҳагьы Анцәа иҿыԥшра. Раԥхьа иаҳгәалаҳаршәап Иегова иааџьоушьартә еиԥш аҽынкылара ахьааирԥшуаз аҭагылазаашьақәа.
6 Шәазхәыц Иегова ихы шымҩаԥигаз Аҩсҭаа ахамаԥагьара аарԥшны даниҿагыла. Ҳәарада, Аҩсҭаа иҟаиҵаз аҿагылара Анцәа изиашаз адоуҳатә шамҭақәа аргәамҵит, насгьы ргәы ԥнажәеит. Иҟалап Аҩсҭаа ауаа шаҟа ахьааи арыцҳареи иақәиршәаз шәаназхәыцуа, шәаргьы убас еиԥш иҟоу ацәаныррақәа шәызцәырҵуазар. Аха Иегова уи аҭак аҭара дахымыццакӡеит. Иара ибзианы дазхәыцны аҭак ҟаиҵеит. Иара агәыԥжәара аарԥшра дшахымццакуа, насгьы дышиашоу ҳирбеит (Ақәҵ. 34:6; Иов 2:2—6). Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Иегова аамҭа царц алиршеит, избанзар иара иҭахӡам ауаа рҟынтә аӡә дыԥсыр, аха «зегьы аҭамзаара ианаҳәаша аамҭа» дазыԥшуп (2 Пиотр 3:9).
7. Иаҳнарҵар алшозеи Иегова иҿырԥштәы?
7 Иегова иҿырԥштәы иаҳнарҵоит ҳажәақәа раӡаны ҳцәажәалар шҳахәҭоу, насгьы иҟаҳҵо ибзианы ҳазхәыцлар шакәу. Ихадоу азҵаара шәыӡбар акәзар, уи аӡбара иашахарц азы иаҭаху аамҭа азалышәхла. Ишәҳәарц ма иҟашәҵарц ишәҭаху иашазарц азы, Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала (Аԥсал. 140:3 [141:3, АдҾ]). Шәцәаныррақәа шәыҽрышәҭар, ииашамкәа шәхы мҩаԥыжәгар ҟалоит. Аӡәырҩы ақьырсианцәа иахыццакны ак ахьырҳәаз ма иахьыҟарҵаз иахьхәит (Ажәам. 14:29; 15:28; 19:2).
АНЦӘА ИМАҴЗУҨЦӘА ИБЗИОУИ ИБЗИАМИ РҾЫԤШТӘҚӘА
8. а) Иабаҳаԥшаар ҳалшо Анцәа игәаԥхо аҟазшьақәа аазырԥшуаз ауаа рҿырԥштәқәа? б) Ицхраази Иосиф ииашаны ихы амҩаԥгара, Потифар иԥҳәыс дхылхырц анылҭахыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)
8 Иарбан библиатә ҿырԥштәқәоу аҽынкылара аарԥшра шаҟа ихадоу ҳзырбо? Ҳәарада, шәара ишәгәалашәоит имариам аҭагылазаашьаҿы аҽынкылара аазырԥшуаз Абиблиаҿы зыӡбахә ҳәоу ауаа. Урҭ дыруаӡәкуп Иаков иԥа Иосиф. Иара ауаа рыхьчаҩцәа реиҳабы Потифар иҩнаҿы амаҵ иуан. Потифар иԥҳәыс Иосиф длаԥшықәылҵеит, избанзар иара иԥшреи-исахьеи иеиҿартәышьеи ԥшӡан, убри аҟынтә зныкымкәа дхылхырц дашьҭан. Аха ицхраазеи Иосиф лхы игәалырԥхарц азы иҟалҵоз зегьы мап ацәкра? Ҳәарада, иара дазхәыцуан агәҽанызаара ицәыӡыр дахьнанаго. Потифар иԥҳәыс Иосиф данихьынҳала, иара уи дылцәыбналаны дцеит. Уи иҳәеит: «Ишԥаҟасҵо сара абри аҩыза ацәгьара дуӡӡа, агәнаҳа Анцәа иҿаԥхьа?» (Аҟаз. 39:6, 9; уаԥхьа Ажәамаанақәа 1:10).
9. Ишәыцхраар алшозеи ахыхрақәа шәанрықәшәо?
9 Иаҳнарҵар алшозеи Иосиф иҿырԥштәы? Ҳара Анцәа изакәан еилаҳгартә еиԥш акы ҳахнахуазар, уи ахыхра, инықәырԥшны иуҳәозар, ҳацәыбналалароуп. Иегова ишаҳаҭцәаны иҟалаанӡа шьоукы арыжәтә рҽадыршьуан, аҭаҭын иахон, анаркотик рыдыркылон, гәаԥхашәадарала рхы мҩаԥыргон, насгьы рымгәа азага рыздыруамызт. Рҽанӡаарх ашьҭахьгьы, дара лассы-лассы уаанӡатәи рыԥсҭазаарахь ихынҳәырц азы агәаҳәара рызцәырҵуеит. Иҟашәҵар шәылшозеи агәнаҳа шәыхнахуазар? Ииашам агәаҳәара шәҽашәҭар, уи Иеговеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа ишырныруа шәазхәыцла. Ус ҟашәҵалар, иҽеим агәаҳәарақәа риааира шәылшоит. Ахыхра шәақәшәар ахьшәылшо аҭагылазаашьақәа заа рбара шәҽазышәшәала, насгьы урҭ аҭагылазаашьақәа рыцәцара шшәылшо шәазхәыцла (Аԥсал. 25:4 [26:4, 5, АдҾ]; Ажәам. 22:3). Ахыхра шәанақәшәо, Иегова аҟәыӷареи аҽынкылареи шәиҭарц азы еснагь шәиҳәала.
10, 11. а) Иарбан уадаҩрақәоу аӡәырҩы иқәыԥшу ақьырсианцәа ашкол аҿы изықәшәо? б) Ирыцхраар алшозеи уи ақәыӷәӷәара аҿагылара?
10 Иосиф дзықәшәаз ахыхра иқәыԥшу ақьырсианцәа аӡәырҩы ақәшәахьеит. Абар Ким зыхьӡу аӡӷаб лҿырԥштәы. Аҵара лыцызҵоз реиҳараҩык ацәеижьтә еизааигәахара закәу ԥыршәахьан, насгьы аԥсшьарамшқәа рышьҭахь уи иалаҽхәон. Ким урҭ ирзеиҭалҳәаша лымамызт. Лара егьырҭ дахьреиԥшмыз зны-зынла лхы заҵәны, насгьы аӡәгьы диҭахымшәа лбон. Ким аҩызаҷкәын дахьлымамыз азы лықәлацәа дгаӡоуп ҳәа рыԥхьаӡон. Аха уи ала Ким, ҳәарада, аҟәыӷара аалырԥшуан, избанзар лара еилылкаауан уанқәыԥшу цәеижьла аизааигәахаразы агәаҳәара шыӷәӷәоу (2 Тим. 2:22). Аҵара лыцызҵоз лазҵаауан абыржәраанӡагьы ахаҵа длымбацкәа дыҟоума ҳәа. Усҟан лара ацәеижьтә еизааигәахара мап зацәылкуаз рзеиҭалҳәарц азы алшара лоуан. Ҳара зықәлацәа рнырра зҽазымҭо, насгьы асексуалтә гәаԥхашәадара зҽацәызыхьчо иқәыԥшу ақьырсианцәа ҳрызгәдууп. Иеговагьы урҭ даара дрызгәдууп.
11 Абиблиаҿы иануп аҽынкылара аазмырԥшыз, насгьы асексуалтә гәаԥхашәадара зҽазҭаз ауаа рҿырԥштәқәа. Ус еиԥш иҟаз хшыҩдарала ахымҩаԥгашьа алҵшәа бааԥсқәа рзаанагеит. Ким дзықәшәаз иеиԥшу аҭагылазаашьа шәақәшәазар, Ажәамаанақәа 7-тәи ахаҿы зыӡбахә ҳәоу аԥышәа змамыз арԥыс ихҭыс шәазхәыц. Иара убас ишәгәалашәыршәа Амнон иҟаиҵаз, насгьы уи дахьнанагаз (2 Сам. 13:1, 2, 10—15, 28—32). Аҭаацәаратә мҵахырхәараан аҭаацәа рхәыҷқәеи дареи хыхь иаагоу абиблиатә цыԥҵәахақәа еилдыргар рылшоит, рхәыҷқәа аҽынкылареи аҟәыӷареи раарԥшраҿы ирыцхраарц азы.
12. а) Ишԥаилшеи Иосиф иашьцәа аниба ицәаныррақәа рыҵәахра? б) Иааҳарԥшлар абаҳахәҭоу аҽынкылара?
12 Иосиф даҽа хҭыск аҿгьы аҽынкылара шаарԥшлатәу аганахь ала аҿырԥштә бзиа ҳаиҭеит. Иашьцәа афатә аархәарц азы Мысра ианнеи, иара урҭ ргәы иҭаз еиликаарц азы дызусҭаз имҳәаӡеит. Ицәаныррақәа раанкылара уаҳа анилымша, илаӷырӡқәа аӡәгьы имбарц азы аҩныҵҟатәи ауадахь дцеит (Аҟаз. 43:30, 31). Қьырсианк ма ишәзааигәоу ауаҩы ииашамкәа даншәызныҟәо аҽынкылара аашәырԥшлар, уи шәыцхраауеит шәзыхьхәыр шәылшо аҟамҵара (Ажәам. 16:32; 17:27). Иҟалап аизара иалцоу ауацәа шәымазар. Урҭ иаҭахымкәа шәырмацәажәаларц азы аҽынкылара аашәырԥшлароуп. Уи аҟаҵара зны-зынла имариам. Аха Анцәа ҳшиҿыԥшуа, насгьы илабжьара ҳшықәныҟәо анеилаҳкаауа, уи аҟаҵара мариахоит.
13. Иаҳнарҵар алшозеи Давид иҿырԥштәы?
13 Иара убас аҳ Давид иҿырԥштәы ахәарҭа алҳхыр ҳалшоит. Зны Саул, анаҩс Шимеигьы Давид ииашамкәа ихы мҩаԥигарц игәы аназҭарҵоз, уи амчра ду шимазгьы агәыԥжәара иҽеимҭеит (1 Сам. 26:9—11; 2 Сам. 16:5—10). Ҳәарада, Давид аҽынкылара еснагь иааирԥшуамызт. Уи убарҭоуп Вирсавиа лҿы иҟаиҵаз агәнаҳа аҟынтә, насгьы иҳарамыз Навал дизныҟәарц шиҭахыз ала (1 Сам. 25:10—13; 2 Сам. 11:2—4). Аха уеизгьы, уи иҿырԥштәы иаҳнарҵо рацәоуп. Актәи, Анцәа ижәлар рыбжьара амчра змоу аҽынкылара аарԥшра рыхәҭоуп, ирымоу азинқәа ирхымԥаларц азы. Аҩбатәи, ахыхра ахаан ҳҽаҳҭом ҳәа ҳхы ҳақәымгәыӷцәалароуп (1 Кор. 10:12).
ИХАРХӘАГОУ АЛАБЖЬАРАҚӘА
14. Иарбан хҭысу иашьак дзықәшәаз, насгьы избан ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы аҽынкылара аарԥшра захәҭоу?
14 Ишԥаҳалшо аҽынкылара аарԥшышьа ҳҵар? Еилҳаргап Луиџьи зыхьӡу аиашьа иҿырԥштәы. Имашьына ашьҭахь даҽа машьынак асит. Зегь зхараз уи амашьынаныҟәцаҩ иакәын, аха уи Луиџьи длаирҟәуа далагеит, насгьы дипҟарц иҭахын. Луиџьи Иегова аҽынкылара аарԥшра дицхраарц диҳәеит. Иара убас иара уи амашьынаныҟәцаҩ дааникыларц иҽазишәеит, аха акгьы изалымҵит. Луиџьи уи ахаҵа имашьына аномер ҭаиҩын, наҟ диԥырҵит, аха ахаҵа аҳәҳәара даҟәыҵуамызт. Мчыбжьык ашьҭахь Луиџьи Абиблиахь аинтерес аазырԥшыз аԥҳәыс дылҭааит. Луиџьи еиликааит имашьына иасыз ауаҩы уи аԥҳәыс лхаҵа шиакәыз. Уи ахаҵа даара дыԥхашьеит, насгьы ихымҩаԥгашьазы аҭамзаара шьҭеиҵеит. Иара Луиџьи иԥгаԥсатә компаниа дадҵааларц идигалеит, ирзаҳал еиҳагьы ирласны аҭыԥ иқәырҵарц азы. Иара убас уи ахаҵа аинтерес аарԥшны Абиблиа далацәажәеит. Луиџьи даара деигәырӷьеит ари аҭагылазаашьаҿы убас еиԥш ихы ахьымҩаԥигаз, избанзар еиликаауан уи даҽакала дизныҟәазҭгьы иҽеим алҵшәақәа шаанагоз. (Уаԥхьа 2 Коринфаа рахь 6:3, 4.)
Еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа рҿы аҽынкылара шааҳарԥшуа ҳмаҵзура ианырлар алшоит (Шәахәаԥш абзац 14.)
15, 16. Ишәыцхраар шԥалшо Абиблиа аҭҵаара шәҭаацәеи шәареи еиҳагьы аҽынкылара аарԥшра?
15 Ақьырсианцәа ргәақәкны, насгьы инҭырҳәыцааны Абиблиа анҭырҵаауа, уи аҽынкылара аарԥшра ирыцхраауеит. Иаҳгәалаҳаршәап Анцәа Иисус Навин иеиҳәаз ажәақәа: «Еснагь иугәалашәоз ари азакәан ашәҟәы иану. Уаԥхьала уи уахгьы-ҽынгьы бжьыҵакрыла, ишану еиԥш ак агмыжькәа уацныҟәаларц азы. Убасҟан умҩаҿы уманшәалахоит, насгьы ҟәыӷарала уныҟәалоит» (Иис. Н. 1:8). Аха ишԥаҳацхраауеи Абиблиа аҭҵаара?
16 Ишеилҳаргаз еиԥш, Иԥшьоу Аҩыраҿы иануп аҽынкылара анааҳарԥшуа, насгьы ианааҳмырԥшуа иаанаго алҵшәақәа ҳзырбо аҿырԥштәқәа. Урҭ ахҭысқәа Иегова Иажәаҿы изану ахәарҭа алаҳгарц азы ауп (Рим. 15:4). Шаҟа ихадоузеи урҭ рыҭҵаара, насгьы рызхәыцра! Шәҭаацәеи шәареи уи ишәнарҵар алшо шәазхәыцла. Иегова уи аҿы дшәыцхрааларц шәиҳәала. Ахынраалара шышәзымхо шәбозар, ишәымҵәахлан. Ауадаҩра шшәымоу Анцәа изеиҭашәҳәала, насгьы шәыҽшәыриашарц шшәылшо шәазхәыцла (Иак. 1:5). Ҳпубликациақәа анҭышәҵаауа, ишәыхәар алшо алабжьарақәа рыԥшаара шәылшоит.
17. Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аҽынкылара рылааӡара?
17 Ишԥарылшо аҭаацәа рхәыҷқәа аҽынкылара рылааӡара? Аҭаацәа ирдыруеит уи аҟазшьа ахәыҷы иланы дшымиуа. Убри аҟынтә аҭаацәа рхәыҷқәа рхатә ҿырԥштәы ддырбалароуп (Еф. 6:4). Шәхәыҷқәа аҽынкылара аарԥшра шырцәыцәгьоу гәашәҭазар, шәхы шәазҵаа: «Ирысҭома сара аҿырԥштә бзиа уи аганахь ала?» Ишәхашәмыршҭлан иааиԥмырҟьаӡакәа ажәабжьҳәара шәҽаналашәырхәуа, аизарақәа шәанырҭаауа, насгьы аҭаацәаратә мҵахырхәара анымҩаԥыжәго, уи шәхәыҷқәа анырра ӷәӷәа шырнаҭо. Ианаҭаху шәхәыҷқәа мап ҳәа раҳәара шәацәымшәалан. Иегова Адами Евеи рхақәиҭра аҳәаақәа аиҭеит, избанзар имчрахь апатуқәҵара еиздырҳар иҭахын. Убас еиԥш аҭаацәа рҿырԥштәи рымҩақәҵарақәеи рхәыҷқәа аҽынкылара аарԥшра днарҵоит. Шәхәыҷқәа Анцәа имчра бзиа абара, насгьы изакәанқәа пату рықәҵара андшәырҵо, шәара урҭ зегь раҵкыс зыхә ҳараку аҳамҭа рышәҭоит. (Уаԥхьа Ажәамаанақәа 1:5, 7, 8.)
18. Избан аҩызцәа ииашаны ралхра зхадоу?
18 Ҳәарада, ҳара зегьы ииашаны аҩызцәа алҳхлароуп. Адоуҳатә хықәкқәа рынагӡареи ишәарҭоу аҭагылазаашьақәа рҽырцәыхьчареи ишәыцхраауа аҩызцәа шәыԥшаала (Ажәам. 13:20). Аҽынкылара аазырԥшуа доуҳала ишәу ақьырсианцәа шәрыҿцәажәалар, уи алҵшәа бзиақәа шәзаанагоит, насгьы урҭ рҿыԥшра шәгәазҭанаҵоит. Шәҿырԥштәы акәзар, уи шәҩызцәа ахәарҭа рзаанагоит. Аҽынкылара ааҳарԥшлар, ҳара гәырӷьарыла иҭәу, инасыԥу аԥсҭазаареи Анцәа иразреи ҳауеит, насгьы бзиа иаҳбо ауаа абзиара рзыҟаҳҵалоит.