Аҽынкылара. Иегова иразра аиуразы иаҭаху ҟазшьоуп
«Сыуак иԥсахы еибакны ажәа сымакра даналага, ихәцә ааныскылан ихәаҽра салагеит. Сара уи дысшьырц сҭаххеит» (Пол).
«Сҭаацәараҿы иаразнак зегьы рзы аԥырқьҳәа сыҵҟьон. Иаасымпыҵашәалак зегь ԥысҽуан, аҩнымаҭәа, схәыҷқәа рыхәмаргақәа, уҳәа убас иҵегьы» (Марко).
Ҳәарада, ҳара абарҭ аҩыџьа реиԥш ҳгәымбылџьбарамзар ҟалоит. Аха зны-зынла аҽынкылара анаҳцәыцәгьоу ыҟоуп. Зегь раԥхьаӡа иргыланы уи зыхҟьо раԥхьатәи ауаҩы, Адам, иҟынтә иаҳҭынхаз агәнаҳа ауп (Рим. 5:12). Шьоукы хыхь зыӡбахә ҳәаз Поли Маркои реиԥш ргәыԥжәара аанкылара рцәыцәгьоуп. Даҽа шьоукы рхәыцрақәа рзынкылом, иаҳҳәап, изыцәшәо ма ргәы казыжьуа ак азхәыцра изаҟәыҵуам. Егьырҭ ирцәыцәгьоуп ацәеижьтә еизааигәахара иадҳәалоу агәазыҳәарақәа рынкылара, ма арыжәтә аҽаршьреи анаркотикқәа рыдкылареи ирыдҳәалоу агәаҳәарақәа рынкылара.
Зхәыцшьеи, згәазыҳәарақәеи, зхымҩаԥгашьеи зызнымкыло ауаа рнапала рхы ҭадырхоит. Аха ҳара уи аҩыза аԥеиԥш ҳҽацәаҳахьчар ҳалшоит. Ишԥа? Аҽынкылара еизҳарҳауазар. Шәааи еилҳаргап уи аизырҳара иҳацхраауа х-зҵаарак: 1) Изакәызеи аҽынкылара? 2) Избан уи аизырҳара даараӡа изхадоу? 3) Иҳацхраауазеи Анцәа идоуҳа иалҵшәоу уи аҟазшьа аизырҳара? (Гал. 5:22, 23). Анаҩс ҳалацәажәап зны-зынла аҽынкылара ҳзымхозар иҟаҳҵар ҳалшо.
ИЗАКӘЫЗЕИ АҼЫНКЫЛАРА?
Аҽынкылара злоу ауаҩы аԥырқьҳәа дыҵҟьаӡом. Иара Анцәа игәы иамыхәо ажәақәеи аусқәеи иҽырцәихьчоит.
Иисус ибзиаҵәҟьаны иаҳирбеит аҽынкылара аарԥшра иаанаго
Иисус ибзиаҵәҟьаны иаҳирбеит аҽынкылара аарԥшра иаанаго. Абиблиа иануп: «Иара даныладырҟәуаз, данҵәылырхуаз — уаҩ длаимырҟәит, ицәа ԥимҽит, гәаҟра шигмызгьы; Уи аӡәгьы диқәмақаруамызт, игәы-иԥсы зегьы Иашала Аӡбара мҩаԥызго имаданы дыҟан» (1 Пиотр 2:23). Иисус агәаҟратә шьаҟа данкыдыз иаӷацәа ихыччон, аха иара аҽынкылара ӷәӷәа ааирԥшит (Матф. 27:39—44). Уи аԥхьа Иисус аҽынкылара ааирԥшит адиннапхгаҩцәа иакәым идырҳәарц азы еиуеиԥшымыз азҵаарақәа анирҭоз (Матф. 22:15—22). Изакәытә ҽынкылароузеи уи иааирԥшыз зыԥсахы еибакыз аиудеицәа ахаҳә дадыргарц анырҭаххазгьы! Урҭ рыхәҭа рақәыршәара аҭыԥан иара «иҽрыларӡны дҩарылсын, аныҳәарҭа дындәылҵны дцеит» (Иоанн 8:57—59).
Иҳалшома ҳара Иисус иеиԥш ахымҩаԥгара? Инагӡаҵәҟьаны иҳалымшаргьы, иҳалшоит. Апостол Пиотр иҳәеит: «Христосгьы ҳара ҳзы ауп дзықәшәаз агәаҟрақәа дызрықәшәаз, аҿырԥштәы заҳзаанижьыз, Иара имҩала ҳцаларазы» (1 Пиотр 2:21). Ҳара ҳшынаӡамгьы Иисус иҿыԥшра, насгьы аҽынкылара аарԥшра ҳҽазаҳшәоит. Избан уи убас изхадоу?
ИЗБАН АҼЫНКЫЛАРА УБАС ИЗХАДОУ?
Аҽынкылара ааҳмырԥшлар Иегова даҳзыразхом. Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, иареи ҳареи ҳаиҩызара ҳцәыӡыр алшоит, иаҳҳәо, насгьы иҟаҳҵо ҳацкламԥшуазар.
Ҳахәаԥшып Моисеи иҿырԥштәы. Усҟантәи аамҭазы иара адгьыл иқәынхоз зегь раасҭа иҟәымшәышәыз уаҩын (Ахыԥхь. 12:3). Акыршықәса рыҩныҵҟа иара Израильаа ргәынамӡарақәа, рҟәындҟәындбжьы ичҳауан, аха ҽнак зны аҽынкылара изымхеит. Урҭ аӡы ахьрымамыз азы еиҭах ашшра ианалага, иара иԥсахы еибакит. Убри аҟынтә дрықәыцәҟьан иреиҳәеит: «Шәӡырҩы, аҿагылаҩцәа! Абри ацаҟьа аҟынтә ҳара аӡы шәаҳҭар аума?» (Ахыԥхь. 20:2—11).
Моисеи иҽизнымкылеит. Убри иахҟьаны џьашьахәыла аӡы аазышьҭыз Иегова дҳареимкит (Аԥсал. 106:32, 33). Убри аҟынтә Иегова Моисеи азин иимҭаӡеит Израильаа зықәиргәыӷыз адгьыл ахь анеира (Ахыԥхь. 20:12). Иҟалап Моисеи иԥсы ахьынӡаҭаз уи агха ахьихьыз хьааигозҭгьы (Ҩынтә. 3:23—27).
Иаҳнарҵозеи ҳара ари ахҭыс? Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи акыршықәса ҵуазаргьы, ҳара ҳгәы иамыхәо ак зҳәо ма иҟазҵо, ма ириашатәу аӡәы ахаангьы ипату ларҟәны ҳаимацәажәароуп (Еф. 4:32; Кәал. 3:12). Ииашоуп, ҳақәра цацыԥхьаӡа, ҳгәамбзиара иахҟьаны ачҳара ҳацәмаҷхар ауеит. Аха ишәхашәмыршҭын Моисеи ихьыз. Ҳара иаҳҭахӡам аҽынкылара ахьаҳзымхаз иахҟьаны иаҳбахьоу аџьабаа зегьы аӡы иагар. Иҳацхраар алшозеи зда ԥсыхәа ыҟам ари аҟазшьа аизырҳара?
ИҲАЦХРААУАЗЕИ АҼЫНКЫЛАРА АИЗЫРҲАРА?
Анцәа иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц шәиҳәала. Избан? Избанзар аҽынкылара иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу аҟазшьақәа ируакуп. Иегова иԥшьоу адоуҳа риҭоит уи иаҳәо зегьы (Лука 11:13). Иегова идоуҳа ихы иархәаны аҽынкылара аарԥшра дҳацхраар илшоит (2 Кор. 4:7). Уи адагьы, иара аҽынкылара аарԥшра иҳацхраауа, иԥшьоу адоуҳа иалҵшәоу егьырҭ аҟазшьақәагьы реизырҳара дҳацхраар илшоит, иаҳҳәап, абзиабара (1 Кор. 13:5).
Шәҽацәышәыхьчала аҽынкылара аарԥшра ишәԥырхаго, уи закәызаалакгьы
Аҽынкылара аарԥшра ишәԥырхаго шәҽацәышәыхьчала, уи закәызаалакгьы. Иаҳҳәап, иҽеим ак жәбар ахьалшо асаитқәеи агәырҿыхагақәеи шәхы рцәышәыхьчала (Еф. 5:3, 4). Ааи, ҳара иҽеим ак аҟаҵара ҳгәазырԥхар алшо зегьы ҳҽырцәаҳахьчалароуп (Ажәам. 22:3; 1 Кор. 6:12). Иаҳҳәап, иҽеим агәазыҳәарақәа рҿагылара зцәыцәгьоу ауаҩы аромантикатә шәҟәқәеи афильмқәеи дырмыхәаԥшларц иӡбар еиҳа еиӷьхар ҟалоит.
Ари алабжьара ақәныҟәара ҳцәыцәгьахаргьы алшоит. Аха ҳамч зықәхо зегь ҟаҳҵар, Иегова аҽынкылара аарԥшра дҳацхраауеит (2 Пиотр 1:5—8). Иара дҳацхраауеит ҳхәыцрақәеи, ҳажәақәеи, ҳусқәеи рыцклаԥшра. Хыхь зыӡбахә ҳәаз Поли Маркои рҿырԥштәы уи шьақәнарӷәӷәоит, дара аҽынкылара аарԥшышьа рҵеит. Ҳахәаԥшып даҽа иашьак иҿырԥштәы. Иара машьынала амҩа дананыз лассы-лассы иԥсахы еибакуан, ауаа ажәа рымакрагьы далагон. Ицхраазеи иара аҽыриашара? Абар уи ииҳәо: «Сара есыҽны сӷьаҵәы-ӷьаҵәуа Анцәа сиҳәон. Иҭысҵаауан аҽынкылара аӡбахә ахьаныз астатиақәа, насгьы уи аарԥшра исыцхраауаз абиблиатә жәеинраалақәа гәныскылон. Уи аганахь ала схы аус адулара саҿуижьҭеи акыр шықәса шыҵуагьы, есышьыжь исгәаласыршәоит аҭынчра шаҟа ихадоу. Иара убас аҩны заа сдәылҵуеит амҩа санану смыццакларц азы».
АҼЫНКЫЛАРА ҲЗААМЫРԤШЫЗАР
Знымзар-зны ҳара уеизгьы ҳаҽҳазнымкылар ҟалоит. Ус анҳахьуа, Иегова иҳәара ҳаԥхашьозар алшоит. Аха убасҟан ауп ҳара еиҳагьы Иегова ицхыраара ҳаназгәаҟуа. Убри аҟынтә иаразнак Анцәа шәиҳәа. Шәиҳәа шәыгха шәанаижьразы, ацхыраара шәиҭарц азы, насгьы уаҳа ус ҟашәымҵаларц шәыӡба (Аԥсал. 51:9—11). Иегова шәыҳәара тәамбашақә дазнеиуам (Аԥсал. 102:17). Апостол Иоанн иҳәеит «Анцәа Иԥа Иисус Христос Ишьа ҳазҵоу агәнаҳарақәа зегьы арыцқьоит» ҳәа (1 Иоанн 1:7; 2:1; Аԥсал. 86:5). Иегова иҭахуп агха ҟазҵо рыгхақәа мԥхьаӡаӡакәа иранаҳажьларц. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит иаргьы ҳара ҳганахь ала убас шыҟаиҵало (Матф. 18:21, 22; Кәал. 3:13).
Моисеи ацәҳәыраҿы зны аҽынкылара анааимырԥш, уи Иегова игәы иамыхәеит. Ус шакәугьы, иара Моисеи игха ианаижьит. Иара убас Абиблиа Моисеи даараӡа ибзианы ихцәажәоит, уа иануп иара зеиԥшыҟам агәрахаҵара иман ҳәа (Ҩынтә. 34:10; Аур. 11:24—28). Ааи, Иегова Израильаа зықәиргәыӷыз адгьыл ахь Моисеи днаимышьҭӡеит, аха иара уи џьанаҭ дгьыл аҿы дынирхоит, наунагӡа анхаразгьы алшара ииҭоит. Зда ԥсыхәа ыҟам аҽынкылара еизҳарҳалар, ҳаргьы наунагӡатәи аԥсҭазаара ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳазыԥшлар ҳалшоит (1 Кор. 9:25).