Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 февраль ад. 20—25
  • Ишԥааирԥшуаз Иегова ажәытәан ижәлар рахь абзиабареи аиашареи?

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ишԥааирԥшуаз Иегова ажәытәан ижәлар рахь абзиабареи аиашареи?
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АБЗИАБАРА ШЬАҬАС ИЗМАЗ АЗАКӘАН
  • ИИАШАНЫ АХЫМҨАԤГАРА РГӘАЗҬАЗҴОЗ АЗАКӘАН
  • АЗАКӘАН АНАГӠАРА ШРЫХӘҬАЗ
  • ИАХЬЧОДАЗ АЗАКӘАН ЗЕГЬ РАԤХЬАӠА ИРГЫЛАНЫ?
  • АЗАКӘАН — АУАА ИРЗЫԤШЫЗ АБЗИАРАҚӘА РЫГАГА АКӘЫН
  • Ишԥааирԥшуеи Иегова абзиабареи аиашареи ақьырсиантә еизараҿы?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 февраль ад. 20—25

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 9

Ишԥааирԥшуаз Иегова ажәытәан ижәлар рахь абзиабареи аиашареи? (ԥшь-хәҭак рҟынтә актәи ахәҭа)

«Иара аиашареи иашала аӡбареи бзиа ибоит. Адгьыл ҭәуп абзиабара зныԥшуа Иегова иқьиара ала» (АԤСАЛ. 33:5).

АШӘА 3 Наша сила, наша надежда, наша уверенность

АХҲӘААa

1, 2. а) Иаҳҭахузеи ҳара зегьы? б) Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?

ҲАРА иаҳҭахуп бзиа ҳарбаларц, насгьы ииашаны иҳазныҟәаларц. Убри аҟынтә зныкымкәа-ҩынтәымкәа ииашамкәа иҳазныҟәозар, иара убас ҳара ҳахь абзиабара аадмырԥшуазар ҳгәы каҳар, насгьы акгьы ҳаԥсамызшәа ҳбар алшоит.

2 Иегова идыруеит абзиабареи аиашареи ҳара ҳзы даара ишхадоу (Аԥсал. 33:5). Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Ҳанцәа даараӡа бзиа ҳшибо, насгьы ииашаны иҳазныҟәаларц шиҭаху. Уи ус шакәу еилаҳкаар ҳалшоит Иегова Моисеи ила Израильаа ириҭаз Азакәан иаҳәоз ҳазхәыцыр. Шәара шәахь абзиабара ахьаадмырԥшуа, насгьы ииашамкәа иахьшәызныҟәо азы шәгәы каҳауазар, шәазхәыц Моисеи изакәанb Иегова имаҵзуҩцәа хьаас ишимоу шаанарԥшуа.

3. а) Иҳаилнаркаауазеи Моисеи изакәан, Римаа рахь 13:8—10 инақәыршәаны? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?

3 Моисеи изакәан абзиабара ду злоу Ҳанцәа Иегова дшаҳзыҟоу аилкаара иҳацхраауеит. (Шәаԥхьа Римаа рахь 13:8—10.) Ари астатиаҿы ҳара Иегова Израильаа ириҭаз закәанқәак ҳарзааҭгылоит, насгьы абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟаҳҵоит: избан Азакәан шьаҭас иамаз абзиабара ауп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? Избан уи Израильаа иашарыла ахымҩаԥгара ргәазҭанаҵон ҳәа аҳәара зҳалшо? Ишԥақәныҟәалар акәзи Азакәан амчра змаз ауаа? Насгьы иахьчодаз уи зегь раԥхьаӡа иргыланы? Арҭ азҵаарақәа рҭак агәҭынчреи агәыӷреи ҳарҭоит, уи инеиҳангьы, бзиа ҳазбо Ҳаб изааигәахара иҳацхраауеит (Аус. 17:27; Рим. 15:4).

АБЗИАБАРА ШЬАҬАС ИЗМАЗ АЗАКӘАН

4. а) Избан Моисеи изакәан шьаҭас иамаз абзиабара ауп ҳәа ҳҳәар зҳалшо? б) Иарбан ԥҟарақәоу Иисус дызлацәажәоз, Матфеи 22:36—40 инақәыршәаны?

4 Иегова иҟаиҵо зегьы абзиабара аҵоуп, убри аҟынтә Моисеи изакәан шьаҭас иамаз абзиабара ауп ҳәа ҳҳәар ҳалшоит (1 Иоанн 4:8). Моисеи изакәан ианыз аԥҟарақәа зегьы шьаҭас ирыман ихадоу ҩ-закәанк, актәи — бзиа дба Унцәа, аҩбатәи — бзиа дба иузааигәоу (Алев. 19:18; Ҩынтә. 6:5; шәаԥхьа Матфеи 22:36—40). Убри аҟынтә еилкаауп Азакәан шьақәзыргылоз аԥҟарақәа зегьы Анцәа ибзиабара еиуеиԥшым аганқәа шырныԥшуаз. Урҭ 600 ԥҟара инареиҳаны иҟан. Шәааи уи шьақәзырӷәӷәо ҿырԥштәқәак еилҳаргап.

5, 6. Дыззыԥшузеи Иегова хаҵеи-ԥҳәыси рҟынтә, насгьы иибозеи иара? Иаажәга аҿырштәы.

5 Ухатә ҩыза уизиашаз, ухәыҷқәагьы уреиҷаҳала. Иегова иҭахуп хаҵеи-ԥҳәыси рыбзиабара дырӷәӷәаларц, насгьы рыԥсы ахьынӡаҭоу бзиа еибабаларц (Аҟаз. 2:24; Матф. 19:3—6). Ахатә ҩыза иԥсахра зегь раасҭа еицәоу ацәгьоурақәа ируакуп. Убри аҟынтә Жәа-ԥҟарак рҟынтә абыжьбатәи аԥҟара иаҳәон ахатә ҩыза иԥсахра шыҟамлоз (Ҩынтә. 5:18). Зхатә ҩыза дзыԥсахуа Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵоит, уи адагьы ихатә ҩыза ахьаа ду изааигоит (Аҟаз. 39:7—9). Ауаҩы уи ахьаа акыршықәсагьы ихымгар ауеит.

6 Иегова ибоит хаҵеи-ԥҳәыси шеизыҟоу, уи иара изы даара ихадоуп. Иара иҭахын Израильаа рыҳәса ибзианы ирызныҟәаларц. Моисеи изакәан назыгӡоз ахаҵа иԥҳәыс бзиа дибон, насгьы иаалывибалак азы дкаижьӡомызт (Ҩынтә. 24:1—4; Матф. 19:3, 8). Аха амзыз ӷәӷәа иманы длылҵырц иӡбозҭгьы, иԥҳәыс аилыҵра аршаҳаҭга лиҭар акәын. Уи аршаҳаҭга аԥҳәыс дахьчон, избанзар ишакәым лхы мҩаԥылгеит ҳәа аӡәгьы ахара лызидҵомызт. Аха уи адагьы, ахаҵа иԥҳәыс аршаҳаҭга лиҭаанӡа, ақалақь аиҳабацәа дрыдҵаалар акәын. Уи абзоурала ақалақь аиҳабацәа хаҵеи-ԥҳәыси рҭаацәалазаара аиқәырхара ирыцхраар рылшон. Израильтәи ахаҵа амзыз имамкәа иԥҳәыс данкаижьуаз, Иегова уи даанимкыларгьы алшон, аха иара уи иԥҳәыс лылаӷырӡқәа ибон, насгьы лхьаа ихьаан (Мал. 2:13—16).

Иегова иҭахуп аҭаацәа рхәыҷқәа абзиабара аарԥшны ирааӡаларц, урҭ акгьы иацәымшәаларц азы (Шәрыхәаԥш абзацқәа 7, 8.)c

7, 8. а) Ирыдиҵазеи Иегова аҭаацәа? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.) б) Иарбан лкаақәоу иҟаҳҵар ҳалшо?

7 Азакәан иара убас иаанарԥшуан Иегова аҭаацәа рхәыҷқәа иреиҷаҳаларц шиҭахыз. Иара аҭаацәа рхәыҷқәа акрырҿаҵареи реилаҳәареи адагьы, рдоуҳатә ҭахрақәа иреиҷаҳаларц рыдиҵеит. Аҭаацәа рхәыҷқәа Иегова Изакәан аилкаареи уи ахә ашьареи ирыцхраарц азы алшарақәа зегь рхы иадырхәалар рыхәҭан. Уи адагьы Иегова иахь абзиабара рыларааӡалар акәын (Ҩынтә. 6:6—9; 7:13). Иегова Израильаа захьирхәыз амзызқәа руак урҭ рхәыҷқәа гәымбылџьбарала иахьрызныҟәоз азы ауп (Иер. 7:31, 33). Аҭаацәа мхәыцлар акәын рхәыҷқәа дара иртәуп, насгьы ишырҭаху ирызныҟәалар рылшоит ҳәа. Уи аҭыԥан дара урҭ зыхә ашьара рыхәҭоу Иегова ириҭаз аҳамҭа еиԥш ирзыҟазар рыхәҭан (Аԥсал. 127:3).

8 Алкаа. Иегова ибоит хаҵеи-ԥҳәыси шеизныҟәо. Иара убас иара иҭахуп аҭаацәа рхәыҷқәа бзиа ирбаларц. Дара урҭ шырааӡо азы иара иҿаԥхьа аҭак ҟарҵоит.

9—11. Изриҭазеи Иегова Израильаа «аӡәы итәы уеиламҳан» ҳәа зҳәоз азакәан?

9 Аӡә иитәу уеиламҳан. Жәа-ԥҟарак рҟынтәи аҵыхәтәантәи аԥҟара иаҳәон аӡә иитәу аилаҳара, мамзаргьы сара исымандаз ҳәа ахәыцра шыҟамло (Ҩынтә. 5:21; Рим. 7:7). Ари азакәанԥҟара ала Иегова ижәлар даараӡа ихадоу ак дирҵарц иҭахын — дара ргәы рыхьчалар рыхәҭан. Даҽакала иаҳҳәозар, рхәыцрақәеи рцәаныррақәеи ирыцклаԥшлар акәын. Иара идыруеит иҽеим аусқәа рахь ҳназго иҽеим ахәыцрақәеи ацәаныррақәеи шракәу (Ажәам. 4:23). Анцәа ижәлар иатәыз ауаҩы игәаҿы ииашам агәазыҳәарақәа еизҳалартә алиршазҭгьы, егьырҭ рахь абзиабара аарԥшра даараӡа ицәыцәгьахон. Убри ауп аҳ Давид ихьызгьы. Иара дуаҩ бзиан, аха зны даҽаӡәы иитәыз аԥҳәыс диҭаххеит. Уи агәаҳәара агәнаҳахь днанагеит (Иак. 1:14, 15). Иара даҽаӡәы иԥҳәыс длыцышьҭалеит, лхаҵа амц дижьарц иҽазишәеит, аҵыхәтәаны дыршьыртә иҟаиҵеит (2 Сам. 11:2—4; 12:7—11).

10 Иегова ауаа рыгәқәа ибоит, убри аҟынтә аӡәы абыжьбатәи аԥҟара анеилеигоз иара уи идыруан (1 Аш. 28:9). Аӡәы итәы аилаҳара шыҟамло зҳәоз Азакәан Израильаа идеилнаркаауан ииашам ахымҩаԥгашьахь иназгар алшоз ахәыцрақәа рҽырцәырыхьчалар шрыхәҭаз. Ари аԥҟара иаҳнарбоит Ҳаб Иегова аҟәыӷареи абзиабареи шилоу.

11 Алкаа. Иегова иибо ҳаԥшреи ҳсахьеи мацара акәӡам. Иара ҳгәы ибоит, насгьы ҳзеиԥшуааҵәҟьоу идыруеит (1 Сам. 16:7). Иара иҟынтә ҳара ҳхәыцрақәеи, ҳцәаныррақәеи, ҳхымҩаԥгашьеи ҳзыҵәахуам. Анцәа иҳалоу аҟазшьа бзиақәа рбара иҽазишәоит, насгьы урҭ еизҳарҳаларц ҳааиԥхьоит. Аха иара иҭахуп ииашам ахәыцрақәа анҳазцәырҵуа, иаразнак урҭ гәаҳҭаларц, насгьы ииашам аусқәа рахь ҳнаргартә рылҳмыршаларц (2 Аш. 16:9; Матф. 5:27—30).

ИИАШАНЫ АХЫМҨАԤГАРА РГӘАЗҬАЗҴОЗ АЗАКӘАН

12. Иҳаилнаркаауазеи еиҭа Моисеи изакәан?

12 Моисеи изакәан аҟынтә иара убас еилаҳкаауеит Иегова аиашара бзиа ишибо (Аԥсал. 37:28; Ис. 61:8). Егьырҭ рахь аиашара шаарԥшлатәу аганахь ала иара инаӡоу аҿырԥшы ҳирбоит. Израильаа Иегова изакәанқәа анынарыгӡоз иара урҭ дырзылԥхон. Аха аиашара зныԥшуаз иԥҟарақәа анеиларгоз дара гәаҟуан. Шәааи Жәа-ԥҟарак рҟынтә даҽа ҩ-ԥҟарак еилҳаргап.

13, 14. Иҟарҵалар рыхәҭази Израильаа, Жәа-ԥҟарак рҟынтә раԥхьатәи ҩ-ԥҟарак инарықәыршәаны, насгьы хәарҭас ирзаанагози уи?

13 Иегова заҵәык имаҵ ула. Жәа-ԥҟарак рҟынтә раԥхьатәи ҩ-ԥҟарак Израильаа Иегова заҵәык изиашазарц, насгьы амцнцәахәқәа рымаҵ рмуларц ранаҳәон (Ақәҵ. 20:3—6). Арҭ аԥҟарақәа ахәарҭа ззааргоз Иегова иакәымкәа, дара рхаҭақәа ракәын. Израильаа Иегова ианизиашаз зегь рыла ақәҿиара рыман. Аха амцнцәахәқәа ианрымҵахырхәоз агәаҟрақәа ирықәшәон.

14 Шәааи Хананаа ҳрызхәыцып. Дара зыԥсы ҭоу, ииашаҵәҟьоу Анцәа имаҵ аура аҭыԥан, ԥсы зхам анцәахәқәа ирымҵахырхәон. Убри аҟынтә аус хәымгақәа ҟарҵон (Аԥсал. 115:4—8). Аламысдара дара рымҵахырхәара иахәҭакын, уи адагьы рхәыҷқәа кәырбанс инаргон. Израильаа Иегова дааныжьны амцнцәахәқәа рымҵахырхәара ианалагоз, даргьы аусхәымгақәа рыҽрыларҟьашьуан, насгьы рҭаацәарақәа арыцҳарақәа ирықәдыршәон (2 Аш. 28:1—4). Уи инеиҳангьы, амчра змаз ауаа Иегова инорма иашақәа еиларгон. Дара ирымаз амчра цәгьашақә рхы иадырхәон, насгьы арыцҳақәеи хьчара змамыз ауааи дыргәаҟуан (Иез. 34:1—4). Иегова иҳәеит ҭынха дызмамыз аҳәсеи ахәыҷқәеи гәымбылџьбарала ирызныҟәоз хымԥада иара иҿаԥхьа аҭак шыҟарҵоз (Ҩынтә. 10:17, 18; 27:19). Аха Иегова ижәлар иара ианизиашаз, насгьы ииашаны ианеизыҟаз, азылԥхара дуқәа роуан (1 Аҳ. 10:4—9).

Иегова бзиа ҳаибоит, насгьы аиашамра иахҟьаны ҳангәаҟуа идыруеит (Шәахәаԥш абзац 15.)

15. Иарбан лкаау еиҭа Иегова изкны иҟаҳҵар ҳалшо?

15 Алкаа. Анцәа ҳимҵахырхәоит ҳәа зҳәо шьоукы иара инормақәа ирықәныҟәаӡом, насгьы ижәлар дыргәаҟуеит, аха уи зхароу Иегова иакәӡам. Иегова ҳара бзиа ҳаибоит, насгьы аиашамра ҳанақәшәо идыруеит. Иара ҳхьаа ан лхәыҷы ихьаа шхьаалго аасҭа еиҳаны ихьааигоит (Ис. 49:15). Иара иаразнак зегь имԥсахыргьы алшоит, аха зыцәгьоурақәа ирхьымхәуа ианаамҭоу иахьирхәуеит.

АЗАКӘАН АНАГӠАРА ШРЫХӘҬАЗ

16—18. Иарбан ԥсҭазааратә ганқәоу Моисеи изакәан зыдҳәалаз, насгьы иҳаилнаркаауазеи уи ҳара?

16 Моисеи изакәан ауаҩы иԥсҭазаара аганқәа зегьы ирыдҳәалан, убри аҟынтә Израиль аиҳабацәа Иегова ижәлар русқәа иашарыла ирыӡбалар рыхәҭан. Дара Иегова имҵахырхәара иадҳәалаз азҵаарақәа рымацара адагьы, егьырҭ азҵаарақәеи ацәгьоурақәеи еилдыргалар акәын. Шәааи ҿырԥштәқәак еилҳаргап.

17 Иаҳҳәап, аӡәы дызшьыз ауаҩы иус еилмыргаӡакәа иаразнак дыршьыр ҟаломызт. Аӡбара рыдыркылаанӡа ақалақь аиҳабацәа иҟалаз шыҟалаз ибзианы иҭырҵаар акәын (Ҩынтә. 19:2—7, 11—13). Иара убас дара есыҽнытәи аусқәа ирыдҳәалаз ҵыхәаԥҵәара змамыз азҵаарақәа рыӡбон — амазара аиҩшара инаркны аҭаацәаратә зҵаарақәа рҟынӡа (Ақәҵ. 21:35; Ҩынтә. 22:13—19). Ақалақь аиҳабацәа иашарыла ианыӡбоз, насгьы Израильаа Азакәан ианазыӡырҩуаз зегьы аԥсҭазаара иалагәырӷьон, насгьы Иегова дҳараркуан (Алев. 20:7, 8; Ис. 48:17, 18).

18 Алкаа. Иегова изы даара ихадоуп ҳаԥсҭазаара аганқәа зегь рҿы ҳхы шымҩаԥаҳго. Иара иҭахуп ҳара егьырҭ рахь абзиабара ааҳарԥшларц, насгьы ииашаны ҳрызныҟәаларц. Иара егьырҭ ҳанырымбогьы иаҳҳәо, насгьы иҟаҳҵо ибоит (Аур. 4:13).

19—21. а) Ишԥарызныҟәалар акәыз ақалақь аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи Анцәа ижәлар? б) Ишԥахьчоз Моисеи изакәан ауаа аиашамра аҟынтә, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?

19 Иегова ижәлар иаарыкәыршаны инхоз ажәларқәа рнырра цәгьа аҟынтә ихьчар иҭахын. Убри аҟынтә иара дазыԥшын ажәлар реиҳабацәеи аӡбаҩцәеи ауаа русқәа Азакәан инақәыршәаны ирыӡбалоит ҳәа. Аха убри аамҭазгьы урҭ ражәа узахымԥо иҟамзар акәын, дара еснагь абзиабареи аиашареи аадырԥшлар рыхәҭан (Ҩынтә. 1:13—17; 16:18—20).

20 Иегова ижәлар ахьрыцҳаишьо азы урҭ аиашамра аҟынтә изыхьчоз азакәанқәа риҭеит. Иаҳҳәап, ауаҩы Азакәан ицхраауан мыцла ацәгьара ҟауҵеит ҳәа ахара анидырҵозгьы. Ахара здырҵоз уи идызҵоз дызусҭоу аилкаара азин иман (Ҩынтә. 19:16—19; 25:1). Насгьы иара ахара идуп ҳәа рыԥхьаӡаанӡа, ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирыдамзаргьы шаҳаҭра рур акәын (Ҩынтә. 17:6; 19:15). Аха иҟаҵатәызи ауаҩы ацәгьара шыҟаиҵаз збаз аӡәызаҵәык иақәызҭгьы? Иара уи азы акгьы ихьуам ҳәа ахәыцра ихәҭамызт, избанзар Иегова уи иҟаиҵаз ибон. Аҭаацәараҿы абацәа амчра рыман, аха урҭ рымчра аҳәаақәа аман. Аҭаацәара аҩныҵҟа ицәырҵуаз уадаҩрақәак рганахь ала аҵыхәтәантәи аӡбара адкылара зыхәҭаз ақалақь аиҳабацәа ракәын (Ҩынтә. 21:18—21).

21 Алкаа. Иегова аиашара аарԥшра аганахь ала зегь иреиӷьу аҿырԥшы ҳаиҭоит (Аԥсал. 89:14). Иара дырзылԥхоит еснагь инормақәа ирықәныҟәо, насгьы зымчра ииашамкәа зхы иазырхәо ахьирхәуеит (2 Сам. 22:21—23; Иез. 9:9, 10). Зны-зынла ацәгьара ҟазҵо шьоукы хьаада-баада инхоит ҳәа ҳгәы иаанагар алшоит, аха Иегова иазалихыз аамҭазы урҭ хымԥада дрықәыӡбоит (Ажәам. 28:13). Урҭ рус цәгьақәа ирхьымхәыр, иаарласны еилыркаауеит: «Зыԥсы ҭоу Анцәа импыҵашәара — иуаӷеимшхароу усуп!» (Аур. 10:30, 31).

ИАХЬЧОДАЗ АЗАКӘАН ЗЕГЬ РАԤХЬАӠА ИРГЫЛАНЫ?

Ақалақь аиҳабацәа еиуеиԥшым аусқәа анеилдыргоз, Иегова иеиԥш ауаа рахь абзиабара аадырԥшлар, насгьы аиашара бзиа ирбалар рыхәҭан (Шәахәаԥш абзац 22.)d

22—24. а) Иахьчодаз Азакәан зегь раԥхьаӡа иргыланы, насгьы иҳаилнаркаауазеи уи Иегова изкны? б) Иарбан гәҽанҵароу Ақәҵымҭа 22:22—24 иану?

22 Азакәан ҷыдала иахьчоз ацхырааҩ дызмамыз ракәын, иаҳҳәап, аиаҭымцәеи, аҳәсеибацәеи, атәымтәылауааи. Израиль аӡбаҩцәа ираҳәан: «Атәымтәылауаҩи аиаҭыми рус анеилурго, аиашаӡбара еилоумгалан, насгьы аԥҳәысеиба лымаҭәа шасыс иумгалан» (Ҩынтә. 24:17). Иегова ҷыдала дреиҷаҳауан ҭынха дызмамыз, насгьы зхы ззымыхьчоз ауаа. Уи инеиҳангьы урҭ ииашамкәа ирызныҟәоз ахьирхәуан. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 22:22—24.)

23 Азакәан иара убас хәыҷгьы-дугьы аҭаацәара аҩныҵҟа иҟалар алшоз ахәымгарақәа рҟынтә иахьчон. Уи амаҳагьара иақәыӡбон (Алев. 18:6—30). Израиль иаакәыршаны инхоз ажәларқәа амаҳагьара цәгьарак аҵам ҳәа рыԥхьаӡон. Аха Иегова уи даараӡа ицәымӷын. Иара ижәларгьы ари азҵаара убасҵәҟьа иахәаԥшлар рыхәҭан.

24 Алкаа. Иегова иҭахуп амчра зиҭаз ауаа егьырҭ рахь абзиабара аадырԥшларц. Иара даараӡа ицәымӷуп ицқьам ахымҩаԥгашьа иадҳәалоу ацәгьоурақәа, насгьы иҭахуп зегьы, еиҳараӡак зхы ззымыхьчо, ахьчара рымазарц, насгьы ииашаны ирызныҟәаларц.

АЗАКӘАН — АУАА ИРЗЫԤШЫЗ АБЗИАРАҚӘА РЫГАГА АКӘЫН

25, 26. а) Избан абзиабареи аиашареи аԥсыԥ алагаҩагареи аԥсҭазаареи ирыҿҳарԥшыр зҳалшо? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

25 Абзиабареи аиашареи аԥсыԥ алагаҩагареи аԥсҭазаареи ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Ауаҩы иԥсыԥ имгозар дзынхом. Иегова иашарала дышҳазныҟәо агәра ганы ҳаныҟоу, иара иахь ҳабзиабара еизҳауеит. Анцәеи иара ишьақәиргылаз ииашоу анормақәеи бзиа ианаҳбо, егьырҭ рахь абзиабара ааҳарԥшлоит, насгьы ииашаны ҳрызныҟәалоит.

26 Моисеи изакәан абзоурала Иегова ижәлар еиҳа иара изааигәахеит. Аха Иисус Азакәан анынаигӡа ашьҭахь Анцәа ижәлар уаҳа уи Азакәан аҵаҟа иҟаӡам, избанзар уи Христос Изакәан ала иԥсахын (Рим. 10:4). Апостол Павел иҳәеит Моисеи изакәан «ауаа раԥхьаҟа ирзыԥшыз... абзиарақәа рыгагак» иаҩызан ҳәа (Аур. 10:1). Анаҩстәи астатиаҿы «бзиарақәак» еилҳаргоит, насгьы абзиабареи аиашареи ақьырсиантә еизараҿы шаҟа ихадоу ҳалацәажәоит.

ИШԤААНАРԤШУАЗ МОИСЕИ ИЗАКӘАН ИЕГОВА:

  • ижәлар бзиа ишибо?

  • аиашара бзиа ишибо?

  • арыцҳацәа дышреиҷаҳауа?

АШӘА 109 «Горячо любите друг друга»

a Ари астатиа Иегова дышҳаиҷаҳауа узырбо астатиақәа ԥшьба рҟынтә актәи астатиа ауп. Даҽа х-статиак ҭыҵуеит маи 2019 шықәсазы иҭыжьхо «Ахьчаратә бааш» аҿы. Урҭ рҿы ҳара еилҳаргоит Иегова ақьырсиантә еизараҿы абзиабареи аиашареи шааирԥшуа, аизара аиҳабацәа аизара шырыхьчо, насгьы аҭаацәа рхәыҷқәа асексуалтә қәымчра иацәырыхьчар шрылшо, иара убас ианыхәыҷқәаз уи иақәшәаз ргәы ҳарҭынчыр шҳалшо.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Иегова Моисеи ила Израильаа 600 ԥҟара инеиҳаны ириҭеит. Урҭ «Азакәан», «Моисеи изакәан», насгьы «аԥҟарақәа» ҳәа ирышьҭоуп. Иара убас лассы-лассы Абиблиа шьақәзыргыло раԥхьатәи хә-шәҟәык (Аҟазаара инаркны Ҩынтәзакәан аҟынӡа) ирызкынгьы Азакәан ҳәа рҳәоит. Зны-зынла Анцәа идоуҳа ацхыраарала иҩыз Ауриатә Ҩырақәа зегьы рзгьы ус рҳәоит.

c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: израильтәи аамҭақәа раан афатәҟаҵара иаҿу ан лыԥҳацәа хаала драцәажәоит. Рышьҭахьҟа аб иԥа ауасақәа ишырхылаԥшлатәу иирҵоит.

d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: ақалақь агәашәқәа рҟны итәоу аиҳабацәа ахәаахәҭҩы иижьаз аԥҳәысеиба лԥеи лареи абзиабара аарԥшны ирыцхраауеит.

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра