АҴАРАЗЫ АСТАТИА 16
Шәыҽрылашәмырхәлан Абиблиа шьаҭас измам аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа
«Ҳара еилаҳарҩашьом аиаша-ҵабырг адоуҳаи имцу, узырҩашьо адоуҳаи» (1 ИОАНН 4:6).
АШӘА 73 Иҳаҭ агәымшәара
АХҲӘААa
Анцәа игәы изырхьуа аҵасқәа рыҽрылархәра аҭыԥан, зҭынха дызцәыԥсыз шәыуа игәы шәырҭынчла (Шәрыхәаԥш абзацқәа 1, 2.)b
1, 2. а) Ишԥеижьо Аҩсҭаа ауаа? б) Еилҳаргозеи ари астатиаҿы?
АҨСҬАА «амц абыс дамоуп». Адамеи Евеи инадыркны иара ауаа ржьара даҿуп (Иоанн 8:44). Иаҳҳәап, иара аԥсра иадҳәалоу амцҵарақәа ауаа ирылаирҵәоит, насгьы аԥсра ашьҭахь аԥсҭазаара ыҟоушәа ижьоит. Ари амц иахылҿиааз еиуеиԥшым аҵасқәеи амцҵарақәеи адунеи иалаҵәеит. Убри аҟынтә ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирзааигәоу аӡәы данырцәыԥсуа урҭ аҵасқәа рыҽрыларымҟьашьырц азы рыгәрахаҵара иазықәԥалар ауп (Иуда 3).
2 Шәара ари аҩыза аԥышәара шәақәшәазар, ишәыцхраар алшозеи Абиблиа шьаҭас измам аҵасқәа рҽырцәыхьчара? (Еф. 6:11). Ишԥашәылшо Анцәа игәы изырхьуа урҭ аҵасқәа рыҽрылархәра здырцало аишьцәеи аиаҳәшьцәеи шәрыцхраар? Ари астатиаҿы еилҳаргоит Иегова иҳаиҭо абиблиатә принципқәа. Аха раԥхьа шәааи ҳазхәыцып Абиблиа аԥсра иазкны иаҳәо.
АԤСЦӘА РҬАГЫЛАЗААШЬА ИАЗКУ АҴАБЫРГ
3. Ԥхасҭас иаанагазеи раԥхьатәи амц?
3 Анцәа игәҭакы инақәыршәаны ауаа мыԥслар акәын. Аха наунагӡа инхаларц азы Адами Евеи Иегова изыӡырҩлар рыхәҭан. Иара урҭ ириҭаз адҵа анагӡара даара имариан: «Ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла аҟынтә иумфан, избанзар уи ануфа аҽны, хымԥада уԥсуеит» (Аҟаз. 2:16, 17). Аха Аҩсҭаа зегь бжьихит. Амаҭ ихы иархәаны иара Ева ус леиҳәеит: «Мап, шәыԥсӡом». Илахьеиқәҵагоуп, аха лара уи игәра ганы ашәыр лфеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Адамгьы уи ифеит (Аҟаз. 3:4, 6). Абасала ауаа зегьы агәнаҳаи аԥсреи иаҵалеит (Рим. 5:12).
4, 5. Ишԥеижьо Аҩсҭаа ауаа иахьа уажәраанӡа?
4 Анцәа ишиҳәахьаз еиԥш Адами Евеи ԥсит. Аха уи аахижьҭеи Аҩсҭаа аԥсра иазкны амц аҳәара даҟәымҵӡеит. Иара мцык аҿы даанымгылаӡеит. Иаҳҳәап, иара ихәыцит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа. Ари амц иахылҿиааз еиуеиԥшым амцҵарақәа адунеи иалаҵәеит, иахьа уажәраанӡагьы хыԥхьаӡара змам ауаа уи агәра ргоит (1 Тим. 4:1).
5 Агәра зыргозеи ауаа уи амц? Аҩсҭаа ибзианы идыруеит ҳара аԥсра ҳшазыҟоу, насгьы ҳаижьарц азы уи ихы иаирхәоит. Ҳара наунагӡа ҳанхаларц азы ҳшан аҟынтә ҳаԥсыр ҳҭахӡам (Еккл. 3:11). Ҳара ҳзы аԥсра аӷа ииҩызоуп (1 Кор. 15:26).
6, 7. а) Илшама Аҩсҭаа аԥсцәа рҭагылазаашьа иазку аҵабырг аҵәахра? Иҳаилшәыркаа. б) Ишԥаҳацхраауеи Абиблиа иану аҵабырг аԥсцәа ҳарцәымшәаларц?
6 Аҩсҭаа егьа иҽазишәазаргьы, аԥсцәа рҭагылазаашьа иазку аҵабырг изымҵәахит. Иахьа аԥсцәа рҭагылазаашьа иазку аҵабырг здыруа, насгьы урҭ гәыӷрас ирымоу еилызкаауа ауаа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Дара уи аҵабырг егьырҭгьы ирзеиҭарҳәоит (Еккл. 9:5, 10; Аус. 24:15). Ари аҵабырг ҳгәы арҭынчуеит, насгьы ҳамшәаларц иҳацхраауеит. Иаҳҳәап, ҳара аԥсцәа ҳрыцәшәаӡом, иара убас урҭ гәаҟуеит ҳәагьы ҳшәаӡом. Уи адагьы ҳара иаҳдыруеит ауаҩы данԥсуа иԥсҭазаара шҿахҵәо, насгьы аӡәгьы дшиԥырхагамхо. Иԥсыз ауаҩы дҭаҳәахаа дыцәазшәа иаҩызоуп (Иоанн 11:11—14). Иара убас ҳара иаҳдыруеит иԥсыз изы аамҭа шаангыло. Убри аҟынтә аԥсҭалараан, ашәышықәсақәа раԥхьа иԥсхьоу рзгьы урҭ ашықәсқәа минуҭк иаҩызахоит, рылацәақәа хҩаны иаразнак иаадыртызшәа ргәы иабоит.
7 Шәақәшаҳаҭзар акәхап иԥсхьоу рҭагылазаашьа иазку аҵабырг еилыкка ишыҟоу, аилкаара шымариоу, насгьы алогика шаҵоу. Шаҟа иеиԥшымзеи уи Аҩсҭаа иихәыцыз амц! Аҩсҭаа ауаа ржьара даҿуп, аха еиҳагьы еицәоу ииҳәо амц Ҳазшаз ихьӡ ахьарцәгьоу ауп. Аҩсҭаа иихәыцыз амц шаҟа аԥхасҭа ахылҿиааз еиӷьны еилаҳкаарц азы шәааи х-зҵаарак еилҳаргап: ишԥарцәгьеи Иегова ихьӡ Аҩсҭаа имц? Ишԥарԥырхагоу уи ауаа Христос иԥсхҭынҵара агәра агара? Ишԥарыцнаҵеи уи ауаатәыҩса рхьааи ргәаҟрақәеи?
ԤХАСҬАС ИААНАГАЗЕИ АҨСҬАА ИМЦ?
8. Ишԥарцәгьо Иегова ихьӡ Аҩсҭаа имц, Иеремиа 19:5 ишаҳнарбо ала?
8 Аҩсҭаа иихәыцыз аԥсцәа ирызку амц Иегова ихьӡ арцәгьоит. Шьоукы агәра ргоит иԥсыз ауаа џьаҳаным амцеилашыраҿы игәаҟуеит ҳәа. Уи Анцәа дарџьоит. Избан? Избанзар уи амцҵара иаанарԥшуеит абзиабара злоу Анцәа Аҩсҭаа иеиԥш дгәымбылџьбароушәа (1 Иоанн 4:8). Иарбан цәаныррақәоу уи ишәызцәырнаго? Аха еиҳарак ихадоу, иарбан цәаныррақәоу уи агәымбылџьбарара зцәымӷу Иегова изцәырнаго? (Шәаԥхьа Иеремиа 19:5.)
9. Ишԥарԥырхагоу Аҩсҭаа имц ауаа Иоанн 3:16; 15:13 аҿы зыӡбахә ҳәоу Христос иԥсхҭынҵара агәра агара?
9 Аҩсҭаа имц ауаа Христос иԥсхҭынҵара агәра агара ирԥырхагоуп (Матф. 20:28). Аҩсҭаа ауаа ижьоит ауаҩы ԥсра зқәым аԥсы ихазшәа. Ус акәызҭгьы, ауаҩы наӡаӡа анхара илшон. Уи инеиҳангьы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара ҳаурц азы Христос иԥсы ҳахҭнимҵаргьы ауан. Ишәхашәмыршҭлан Христос иԥсхҭынҵара ауаа рахь абзиабара дуӡӡа шаанарԥшуа. (Шәаԥхьа Иоанн 3:16; 15:13.) Шәазхәыц Иеговеи Иисуси зыхә ҳараку ари аҳамҭа хәыдазтәуа амцҵарақәа ишырзыҟоу.
10. Ишԥарыцнаҵеи Аҩсҭаа имц ауаатәыҩса рхьааи ргәаҟрақәеи?
10 Аҩсҭаа имц ауаатәыҩса рхьааи ргәаҟрақәеи ирыцнаҵоит. Зны-зынла зхәыҷы дызцәыԥсыз аҭаацәа Анцәа амаалықьцәа изхомызт аҟынтә, уи ажәҩан ахь дигеит ҳәа рарҳәоит. Ирыцхраауама ари амц аҭаацәа ахьаа ахгара, ма рхьаа еиҳагьы иацнаҵоу? Ажәытәан ауахәаматә ҵарақәа ирықәшаҳаҭмыз ауаа амца рыцраҵаны ирбылуан. Убас еиԥш иҟаз ацәгьоурақәа ҟазҵоз амца ахьеилашуа џьаҳаным иазку амцҵара ала рхы дыриашон. Ашәҟәы «Испанская инквизиция» излаҳәо ала урҭ ацәгьоурақәа ҟазҵоз ауаа агәра ргозар ауан дара аеретикцәа ирзеиӷьу ҟарҵоит ҳәа. Ишԥа? Дара ргәы иаанагон амца зыцраҵаны ирбылуаз ауаа џьаҳаным зеиԥшроу аилкаара ирыцхраауеит ҳәа, насгьы уи абзоурала урҭ ԥсаанӡа рыгәнаҳақәа ирыхьхәыр, наунагӡа џьаҳаным игәаҟлаӡом ҳәа. Атәылақәа жәпакы рҿы ауаа иԥсхьоу рабацәеи рабдуцәеи рзы афатә дырхиоит, аԥсаҭатә ҟарҵоит. Уи ала дара урҭ рахь аҳаҭыр аадырԥшуеит ҳәа рыԥхьаӡоит, насгьы дара рҟынтә ацхыраара роулоит ҳәа игәыӷуеит. Даҽа шьоукы шәоит аԥсцәа рԥырхагахар ҳәа, убри аҟынтә урҭ ргәы ҟаҳҵоит ҳәа иашьҭоуп. Илахьеиқәҵагоуп, аха Аҩсҭаа имц шьаҭас измоу аҵарақәа ауаа ииашаҵәҟьоу агәҭынчра рнаҭом. Уи аҭыԥан ашәареи агәҭынчымрақәеи рзааргоит.
АБИБЛИА ИАНУ АҴАБЫРГ ШӘЫХЬЧАЛА
11. Ишԥарылшо ҳҭынхацәа ма ҳҩызцәа Анцәа Иажәа иаҿагыло аҵасқәа рыҽрылархәра ҳадырцалар?
11 Анцәа иахь, насгьы Иажәа Абиблиахь иҳамоу абзиабара ҳгәазҭанаҵоит Иегова изыӡырҩра, ҳҭынхацәа ма ҳҩызцәа аԥсрақәа ирыдҳәалоу Анцәа Иажәа иаҿагыло аҵасқәа ҳаҽрылаҳархәырц анҳадырцало. Ҳаҽрылаҳмырхәыр, урҭ ҳдырԥхашьарц азы иԥсыз бзиа дҳамбозшәа, мамзаргьы пату иқәҳамҵозшәа аҳәара иалагаргьы алшоит. Иара убас ҳара иҳахҟьаны иԥсхьоу зыԥсы ҭоу ирԥырхагахар ауеит ҳәа рҳәар ҟалоит. Ишԥаҳалшо Абиблиа иану аҵабырг ҳахьчар? Ҳрызхәыцып Анцәа Иажәа иану принципқәак.
12. Иарбан аԥсцәа ирызку ҵасқәоу Анцәа Иажәа иаҿагыло?
12 Анцәа Иажәа иаҿагыло аҵасқәеи амцҵарақәеи шәҽырцәышәыхьчала (2 Кор. 6:17). Карибтәи амшын иаҵанакуа тәылак аҿы аӡәырҩы агәра ргоит ауаҩы данԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит, насгьы иԥсы анҭаз дзыргәаауаз зегьы ирԥырхагахоит ҳәа. Еилыркаагак иаҳәоит уи аԥсы ауаажәларгьы ирԥырхагахар алшоит ҳәа. Африка ауаҩы дахьыԥсыз аҩнаҭаҿы асаркьақәа ак рықәдыршәуеит, насгьы апатреҭқәа аҭӡамц ахь иаадырҳәуеит. Избан? Шьоукы ирҳәоит аԥсы ихы ибар ҟалаӡом ҳәа. Ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, Аҩсҭаа имц агәра ҳгаӡом, насгьы уи иадҳәалоу аҵасқәа ҳаҽрылаҳархәӡом! (1 Кор. 10:21, 22).
Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа ҭышәҵаауазар, насгьы Иегова ишаҳаҭцәам шәҭынхацәа шәрацәажәозар, ауадаҩрақәа шәҽырцәышәыхьчар шәылшоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13, 14.)c
13. Иҟашәҵар шәыхәҭоузеи, ҵаск аганахь ала шәхы шымҩаԥыжәгаша шәзымдыруазар, Иаков 1:5 инақәыршәаны?
13 Ҵаск аганахь ала шәхы шымҩаԥыжәгаша шәзымдыруазар, Иегова аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. (Шәаԥхьа Иаков 1:5.) Анаҩс уи азҵаара иазкны ҳпубликациақәа рҿы иаҳәо ҭышәҵаа. Иаҭаххар, аизара аиҳабацәагьы шәразҵаа. Урҭ инҭкааны иҟашәҵаша шәарҳәаӡом, аха ишәыцхраауа абиблиатә принципқәа шәдырбоит, иаҳҳәап, ари астатиаҿы еилырго апринципқәа. Ус аныҟашәҵо, «ацәгьеи абзиеи реилкаара-реиҩдыраара» шәҵоит (Аур. 5:14).
14. Иҟаҳҵар ҳалшозеи аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны ҳҟамларц азы?
14 «Иҟашәҵозаалакь... зегьы Анцәа изгәдура, Уи ихьӡ-иԥша рыҳаракра иазкызароуп. Уаҩ дзырҩашьауа шәҽалашәымгалан» (1 Кор. 10:31, 32). Ҵаск ҳҽалаҳархәру ҳҽалаҳмырхәру анаҳаӡбо, ҳаӡбара егьырҭ, еиҳарак ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи, ирныныр шалшо ҳазхәыцлар ауп. Ҳәарада, ҳара иаҳҭахӡам аӡәы дзыхҟьашо хаҳәны ҳҟалар! (Марк 9:42). Иара убас ҳагәрахаҵара ҳацеиҩызымшогьы ҳаргәаар ҳҭахӡам. Абзиабара ҳгәазҭанаҵоит урҭ ҳаҭырқәҵарала рацәажәара, уи Иеговагьы дҳаранакуеит. Ҳара иаҳҭахӡам ауаа ажәа рымаҳклар, мамзаргьы рҵасқәа ҳархыччалар. Ишәхашәмыршҭлан, абзиабара амч ду амоуп! Бзиабарала ауаа рахь агәрыцҳашьареи аҳаҭырқәҵареи анааҳарԥшуа, иаҳҿагылоугьы ргәы ҳарҟәымшәышәыр ҳалшоит.
15, 16. а) Избан Иегова имаҵ шаҳуа егьырҭ деилыркаара зҟәыӷароу? Иаажәга аҿырԥштәы. б) Ҳгәы зызҭарҵозеи Римаа рахь 1:16 иану ажәақәа?
15 Зегьы Иегова ишаҳаҭ шшәаку рдыруаз (Ис. 43:10). Шәҭынхацәеи шәгәылацәеи Иегова имаҵ шыжәуа рдыруазар, аилибамкаара анцәырҵуа, уи аӡбара еиҳа ишәзымариахоит. Абар Мозамбик инхо Франсишку ииҩыз: «Каролинеи сареи аҵабырг анеилаҳкаа, ҳҭынхацәа ираҳҳәеит уаҳа аԥсцәа рымаҵ шаҳмуло. Аха Каролина лаҳәшьа данԥсы, ҳхаҵара ԥышәахеит. Ҳҭыԥ аҿы иҟоу динхаҵаратә ҵаск инақәыршәаны иԥсыз ауаҩы дыркәабоит. Изааигәаӡоу ҭынхак уи дызларкәабаз аӡы ахькарҭәаз аҭыԥ аҿы хымш дыцәазароуп. Дара ргәы иаанагоит уи иԥсыз иԥсы арҭынчуеит ҳәа. Сыԥҳәыс лҭаацәа азыԥшын Каролина уи ҟалҵоит ҳәа».
16 Иҟарҵазеи нас Франсишку иԥҳәыси иареи? Иара иҳәоит: «Ҳара Иегова бзиа даҳбоит, насгьы дҳаргәырӷьалар ҳҭахуп, убри аҟынтә ҳҭынхацәа уи аҵас ҳаҽшалаҳмырхәуа раҳҳәеит. Каролина лҭаацәа рыԥсахы еибакит. Дара иԥсыз ҳаҭыр лықәаҳҵом ҳәа аҳәара иалагеит. Иара убас уаҳа ҳбарагьы ишымнеило, иагьшаҳмыцхраало ҳарҳәеит. Ҳара зыгәра ҳго деилҳаркаахьан аҟынтә, рыԥсахы еибакны ианыҟаз аминуҭ азы акгьы раҳамҳәеит. Ҳҭынхацәа шьоукы ҳара иҳадгылеит. Дара ирҳәеит рҵасқәа ҳхы шрылаҳмырхәуа заа ишраҳҳәахьаз. Ԥыҭрак ашьҭахь Каролина лҭынхацәа рыҽдырҭынчит. Шьоукы ҳаҩны иааны ҳпубликациақәагьы ирыҳәеит». Шәааи аԥсцәа рҭагылазаашьа иазкны Абиблиа иану аҵабырг адгылара ахаангьы ҳацәыԥхамшьалап! (Шәаԥхьа Римаа рахь 1:16.)
АГӘЫРҨА ИАҚӘШӘАЗ РГӘЫ ШӘЫРҬЫНЧЛА, НАСГЬЫ ШӘРЫЦХРААЛА
Аҩызцәа бзиақәа игәырҩо ауаҩы игәы дырҭынчуеит, насгьы ицхраауеит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17—19.)d
17. Иҳацхраауазеи агәырҩа иақәшәаз ҳашьцәа рзы ҩыза бзианы аҟалара?
17 Ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирзааигәоу данырцәыԥсуа, ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп «арыцҳара аныҟало азы» ииуа ҩызаны ҳарзыҟаларц (Ажәам. 17:17). Ишԥаҳалшо агәырҩа иақәшәаз ҳашьцәа ҳрыцхраар, еиҳарак Анцәа Иажәа иаҿагыло аҵасқәа рыҽрыладырхәырц анрыдырцало? Шәааи еилҳаргап уи аҿы иҳацхраауа Абиблиа шьаҭас измоу ҩ-принципк.
18. Избан Иисус дызҵәуаз, насгьы иаҳнарҵозеи иара иҿырԥшы?
18 «Иҵәыуа шәрыцҵәуа» (Рим. 12:15). Зны-зынла аӡә дызцәыԥсыз ауаҩы иаҳҳәаша ҳақәымшәар алшоит. Аха ҳалаӷырӡқәа ауаҩы иарҳәар рылшо рацәоуп. Иисус иҩыза данԥсы Мариеи, Марфеи, егьырҭ ауааи уи дырҵәуон. Ԥшьымш рышьҭахь Иисус дара рахь даннеи, Лазарь иԥсы шҭеиҵо шидыруазгьы, «илаӷырӡ ааит» (Иоанн 11:17, 33—35). Иисус илаӷырӡқәа иаадырԥшит Лазарь иԥсра Иаб Иегова шаҟа игәы иалсыз. Уи адагьы, Марфеи Мариеи Иисус дышҵәуоз анырба шаҟа бзиа ибоз еилыркааит, ҳәарада, уи дара ргәы шьҭнахит. Убас еиԥш ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо, насгьы ҳгәы ишыҵхо анырбо еилыркаауеит дара рхала ишыҟам, насгьы еснагь ацхыраара рызҭо рҩызцәа шрывагыло.
19. Ишԥаҳалшо Екклезиаст 3:7 иану ақәныҟәара, аӡә дызцәыԥсыз игәы анышьҭаҳхуа?
19 «Иҟоуп... аҿымҭра аамҭа, ацәажәара аамҭа» (Еккл. 3:7). Аӡә дызцәыԥсыз ауаҩы игәы шьҭаҳхырц ҳҭахызар, ҳара иара убас иҳалшоит уи ҳлымҳа кыдҵаны ҳаизыӡырҩыр. Шәашьцәа ражәа ԥымҟакәа ргәы иҵхо дшәырҳәа, насгьы ирҳәо ихшыҩдоу ажәақәа шәырцәымгәаалан (Иов 6:2, 3). Дара ирзааигәоу ауаҩы дахьырцәыԥсыз рзымхакәа, рыгәрахаҵара рыцеиҩызымшо рҭынхацәа ахьрықәыӷәӷәо иахҟьаны ргәы еиҳагьы икаҳауазар алшоит. Убри аҟынтә шәрыдтәаланы дара рзы Анцәа шәиҳәа. Шәиҳәа «аҳәарақәа Ирзыӡырҩуа» урҭ амч риҭарц, насгьы ииашаны ахәыцра дрыцхраарц азы (Аԥсал. 65:2). Алшара шәымазар, Абиблиа, мамзаргьы ирыхәаша статиак шәеицаԥхьа, иаҳҳәап, игәышьҭыхгоу биографиак.
20. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
20 Шаҟа ҳаигәырӷьозеи ҳара аԥсцәа ирызку аҵабырг ахьаҳдыруа, насгьы «адамрақәа ирҭоу зегьы» иссиру аԥеиԥш шрымоу ахьеилаҳкаауа (Иоанн 5:28, 29). Шәааи агәымшәара аарԥшуа, ажәалагьы услагьы Анцәа Иажәа иану аҵабырг ҳахьчалап, насгьы алшара анҳауа уи егьырҭ ирзеиҭаҳҳәалап. Анаҩстәи астатиаҿы ҳара еилҳаргоит Аҩсҭаа ауаа адоуҳатә лашьцара иамҟәыҵакны имазарц азы ихы иаирхәо даҽа шьацҳәак — аспиритизм. Астатиа иҳаилнаркаауеит уи ашьацҳәа иадҳәалоу аусқәеи агәырҿыхагақәеи ҳҽырцәаҳахьчалар зҳахәҭоу.
АШӘА 24 Придите на гору Иеговы
a Аҩсҭаа идемонцәеи иареи ауаа ржьоит. Иаҳҳәап, дара аԥсцәа рҭагылазаашьа иазкны амц ауаа ирыладырҵәоит. Уи амц иахҟьаны ицәырҵит Абиблиа иаҿагыло ԥхьаӡашьак змам аҵасқәа. Ари астатиа ишәнарбоит иаашәыкәыршаны иҟоу ауаа урҭ аҵасқәа рыҽрылархәра аншәыдырцало Иегова шәизиашаны шәаанхар шшәылшо.
b АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иегова ишаҳаҭцәа зҭынха дызцәыԥсыз рыуа лгәы дырҭынчуеит.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аиашьа аԥсыжра иадҳәалоу аҵасқәа анҭиҵаа ашьҭахь, ҳаҭырқәҵарала иуацәа зыгәра иго рзеиҭеиҳәоит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: аизара аиҳабацәа зҭынха дызцәыԥсыз аиашьа игәы дырҭынчуеит, насгьы ицхраауеит.