Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 октиабр ад. 3—8
  • Аиаша шәҳәала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аиаша шәҳәала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АҨСҬАА АУАА ШИЖЬО
  • АУАА АМЦ ЗЫРҲӘО
  • ҲАРА АИАША ЕИБАҲҲӘОИТ
  • Шәыҽрылашәмырхәлан Абиблиа шьаҭас измам аԥсра иадҳәалоу аҵасқәа
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Избан ацәгьареи агәаҟрақәеи зыҟоу?
    Шәалагәырӷьала аԥсҭазаара иахьагьы наӡаӡагьы! Абиблиатә курс
  • Иабаҟоу иԥсхьоу ауаа?
    Иаҳнарҵозеи Абиблиа?
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 октиабр ад. 3—8

Аиаша шәҳәала

«Аиаша еибышәҳәала» (ЗАХАРИА 8:16).

АШӘАҚӘА: 56, 124

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Ишԥеижьо Аҩсҭаа иахьа ауаа?

  • Избан ауаа амц зырҳәо?

  • Ишԥаҳалшо аиаша аибыҳәара?

1, 2. Ихы иаирхәазеи Аџьныш ауаатәыҩса аԥхасҭа ӷәӷәа риҭарц азы?

АҬЕЛИ, алампочкеи, амашьынеи, архьшәашәагеи ауаҩы иихәыцыз, насгьы аԥсҭазаара зырмариаз амаҭәарқәа иреиуоуп. Егьырҭ амаҭәарқәа аԥсҭазаара еиҳагьы идырцәгьеит, иаҳҳәап, абџьар, аминақәа, аҭаҭын, атомтә бомба. Аха ауаа абарҭқәа зегь рхәыцаанӡа ауаатәыҩса акырӡа еиҳау аԥхасҭа рзаазгаз ак ыҟоуп. Изакәызеи уи? Амц! Амцҳәара ари аӡәы дужьарц азы ииашам аинформациа аниоуҳәо ауп. Дарбану зегь раԥхьаӡа амц зҳәаз? Аџьныш! Иисус Христос уи «амц абыс дамоуп» ҳәа изиҳәеит. (Шәаԥхьа Иоанн 8:44.) Ианбеиҳәеи иара раԥхьаӡатәи амц?

2 Уи ҟалеит Едемтәи абаҳчаҿы зқьышықәсақәа раԥхьа. Адами Евеи иблахкыгаз Џьанаҭ аҿы Анцәа ириҭаз аԥсҭазаара иалагәырӷьон. Анцәа урҭ иреиҳәеит «ацәгьеи абзиеи уеилзыркаауа аҵла» иҿаз ашәыр рфазҭгьы ишыԥсуаз. Аҩсҭаа уи идыруан, аха амаҭ ихы иархәаны Ева ус леиҳәоит: «Мап, шәыԥсӡом». Уи раԥхьаӡатәи амц акәын. Анаҩс Аҩсҭаа иациҵеит: «Идыруеит Анцәа уи ашәыр анышәфо аҽны шәыблақәа шыхтуа, насгьы Анцәа иеиԥш ацәгьеи абзиеи здыруа шәакәны шәшыҟало» (Аҟазаара 2:15—17; 3:1—5).

3. Избан Аҩсҭаа имц згәымбылџьбараз, насгьы иалҵшәахазеи уи?

3 Аҩсҭаа игәы ацәгьара ҭакны амц иҳәеит, убри аҟынтә уи игәымбылџьбараз мцын, иара идыруан Ева игәра ганы ашәыр лфазҭгьы дшыԥсуаз. Убри ауп иҟалазгьы. Ева, анаҩс Адамгьы Анцәа иԥҟара еиларгеит, аҵыхәтәангьы иԥсит (Аҟазаара 3:6; 5:5). Уи инеиҳангьы Адам игәнаҳа иахҟьаны ауаа зегьы аԥсра рҭынхеит. Ааи, Адам игәнаҳа иеиԥшыз агәнаҳа ҟазымҵаз рҿаԥхьагьы аԥсра аҳра ауан (Римаа рахь 5:12, 14, АдҾ). Убри азоуп иахьа ҳзынаӡам, насгьы Анцәа ишиҭахыз еиԥш наӡаӡа ҳазнымхо. Уи аҭыԥан ҳақәра 70 шықәса рҟынӡоуп иахьынӡанаӡо, ианеиҳаха — 80 рҟынӡа. Уи адагьы урҭ ашықәсқәа џьабаалеи чмазаралеи иҭәуп (Аԥсалом 90:10). Абри зегь зыхҟьаз Аҩсҭаа ииҳәаз амц ауп!

4. а) Иарбан зҵаарақәоу зҭак ҳдыруазар ҳахәҭоу? б) Изылшода Иегова иҩызахара Аԥсалом 15:1, 2, инақәыршәаны?

4 Иисус Аҩсҭаа изкны иҳәеит: «Иҽизнымкылт алашараҿ, избан акәзар уи ҵабыргра илам». Иисус арҭ ажәақәа иҳәеижьҭеи Аҩсҭаа иҽимԥсахӡеит. Иара иахьа уажәраанӡагьы амц ихы иархәаны адгьыл зегьы ирҩашьоит (Аатра 12:9). Аха ҳара Аҩсҭаа ҳаижьарц ҳҭахӡам. Убри аҟынтә х-зҵаарак рҭак ҳдыруазар ауп. Ишԥеижьо Аҩсҭаа иахьа ауаа? Избан ауаа амц зырҳәо? Насгьы ишԥаҳалшо еснагь аиаша аҳәара, Адами Евеи Анцәа иҩызара шырцәыӡыз еиԥш иаҳцәымӡырц азы? (Шәаԥхьа Аԥсалом 15:1, 2.)

АҨСҬАА АУАА ШИЖЬО

5. Ишԥеижьо Аҩсҭаа иахьа ауаа?

5 Ҳара иҳалшоит Аҩсҭаа ҳжьара илҳмыршар. Апостол Павел иҳәеит: «Ҳара уи игәҭакқәа ҳзымдыруа ҳаҟаӡам» (2 Коринфаа рахь 2:11). Ҳара иаҳдыруеит Аҩсҭаа адунеи зегь напхгара шазиуа, амцдинхаҵареи, аҵарҭыша зго аиҳабырақәеи, аԥсыцәгьара злоу акоммерциеи уахь иналаҵаны (1 Иоанн 5:19). Убри аҟнытә ҳара иџьаҳшьаӡом Аҩсҭаа идемонцәеи иареи амчра змоу ауаа амц рҳәаларц ргәы ахьазҭарҵо (1 Тимофеи иахь 4:1, 2). Иаҳҳәап, абизнес иаҿу шьоукы, ауаа ирзеицәоу амаҭәарқәа рҭиирц, мамзаргьы аԥара дырҳарц азы аӡыргарақәа рҿы амц рҳәоит.

6, 7. а) Избан адиннапхгаҩцәа амц анырҳәо уи еиҳагьы изеицәоу? б) Иарбан мцу шәара адиннапхгаҩцәа рҟынтә ишәаҳахьоу?

6 Адиннапхгаҩцәа амц анырҳәо уи еиҳагьы еицәоуп. Избан? Избанзар ауаа урҭ ирҳәо амцҵарақәа рыгәра ргар, насгьы Анцәа ицәымӷу аусқәа ҟарҵар, наӡаӡа анхаразы алшара рцәыӡыр ауеит (Осиа 4:9). Иисус идыруан адиннапхгаҩцәа ауаа шыржьоз. Иара урҭ гәымшәарала иреиҳәеит: «Ееҳ, гәырҩа шәыгымзааит шәарҭ, ашәҟә-дырҩцәеи, афарисеицәеи, агәыҩбақәеи, аӡәы идамзаргьы дымҩахҟьандаз ҳәа мшыни дгьыли ирыкәшауа; уи данымҩахышәҟьалакь... геена даԥсаны... дҟашәҵоит». Иисус ара геена ҳәа зыӡбахә иҳәоз наӡаӡатәи ақәӡаара ауп (Матфеи 23:15). Иисус иҳәеит урҭ адиннапхгаҩцәа раб, Аџьныш, ишиеиԥшыз. Иара «аханатә дуаҩшьҩын» (Иоанн 8:44).

7 Иахьагьы адиннапхгаҩцәа рхыԥхьаӡара даара ирацәоуп. Дара еиуеиԥшым атитулқәа рымазар ауеит. Иаҳҳәап, апастор, аԥшьаҩы, араввин, мамзаргьы еиҭа даҽакы. Афарисеицәа реиԥш дара Анцәа Иажәа иану аҵабырг ауаа иддырҵаӡом, уи аҭыԥан «Анцәа ииаша-ҵабырг мыцла ирыԥсахит» (Римаа рахь 1:18, 25). Абар урҭ рымцҵарақәа иреиуоу: ауаҩы данԥслак ашьҭахь џьаҳаным дақәшәар алшоит, иԥсы нхоит, ма даҽаӡә иахь ииасуеит, Анцәа дазыразуп ахаҵеи ахаҵеи, ма аԥҳәыси аԥҳәыси анеицныҟәо, насгьы ахацәеи ахацәеи, аҳәсеи аҳәсеи аҭаацәара еицалалар ауеит.

8. Иарбан мцу иаарласны аполитикцәа ирҳәо, аха ишԥаҳахәҭоу ҳара уи ақәҿыҭра?

8 Аполитикцәагьы ауаа ржьарц азы амц рҳәоит. Иаарласны урҭ ирҳәараны иҟоу зегь иреицәоу амц, уи адунеи зегь аҿы «аҭынчреи ашәарҭадареи» шышьақәдыргыло ауп. Аха усҟан иаалырҟьаны урҭ рҵыхәтәа ааиуеит. Убри аҟынтә ҳара урҭ рыгәра ҳамгар ауп. Избанзар иаҳдыруеит «Иҳақәиҭу имш, ҵхагәазы идәықәу аӷьыч иеиԥш» ишааиуа (1 Фессалоникаа рахь 5:1—4).

АУАА АМЦ ЗЫРҲӘО

9, 10. а) Избан ауаа амц зырҳәо, насгьы лҵшәас иаанагозеи уи? б) Иаҳгәалашәалар акәзеи Иегова изкны?

9 Иахьа амц зҳәо амчра змоу ауаа рымацара ракәӡам. Журналистк ииҩыз астатиаҿы ианиҵеит амцҳәара ауаа ирҟазшьахеит ҳәа. Даҽакала иуҳәозар, ауаа амцҳәара цәгьара зҵам ак еиԥш ирыԥхьаӡоит. Ауаа лассы-лассы амц рҳәоит рхы рыхьчарц, иҟарҵаз агхақәа, мамзаргьы ацәгьоурақәа рҵәахырц азы. Иара убас амц рҳәоит аԥара дырҳарц, ма даҽа феидак роурц азы. Иара убас уи астатиаҿы иануп шьоукы зынӡаск ишырцәыцәгьам ирзымдыруа ауаа, аус зцыруа, рҩызцәа, насгьы бзиа ирбо ржьара.

Ауаа амц анырҳәо егьырҭ ржьара рылшоит, аха Иегова дрызжьом

10 Лҵшәас ианаагазеи нас уи? Ауаа агәреибагара рцәыӡит, убри аҟынтә реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит. Иаҳҳәап, шәхаҿы иаажәг азиашара аазырԥшуа ахаҵа ихы шибарыз иԥҳәыс дшылыԥсахыз, анаҩс уи лҵәахырц азы дшылжьаз еиликаазҭгьы. Мамзаргьы шәхаҿы иаажәг шаҟа иҿаасҭоу ахаҵа иԥҳәыси ихәыҷқәеи аҩны ииашамкәа дрызныҟәозар, аха ауаа иахьырбо бзиа ибозшәа, насгьы дреиҷаҳауазшәа ааирԥшуазар. Абас еиԥш зхы мҩаԥызго ауаа егьырҭ ржьара рылшоит, аха ҳара иаҳхаҳмыршҭлар ауп урҭ Иегова дшырзымжьо. Абиблиаҿы иануп Иегова изы «ак ҵәахышьак амам, Уи иҿаԥхьа зегь аатуп» ҳәа (Ауриацәа рахь 4:13).

11. Иаҳнарҵозеи Ананиеи Сапфиреи ирыхьыз? (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

11 Абиблиаҿы иануп Аҩсҭаа Анцәа ижьара згәаирԥхаз хаҵеи-ԥҳәыси рҿырԥштәы. Ананиеи Сапфиреи апостолцәа ржьарц рыӡбеит. Дара рмазара хәҭак ҭины, ироуз аԥара абжа апостолцәа ирызнаргеит. Ананиеи Сапфиреи иҟарҵаз аизараҿы зегьы игәарҭарц рҭахын, убри аҟынтә ироуз аԥарақәа зегьы апостолцәа ирызнаргазшәа рҳәеит. Аха Иегова идыруан урҭ амц шырҳәаз, убри аҟынтә иахьирхәит (Аусқәа 5:1—10).

12. Ирԥеиԥшузеи цәгьахәыцрала амц зҳәо, насгьы уи иахьымхәуа ауаа? Избан?

12 Дышԥарзыҟоу Иегова амц зҳәо ауаа? Цәгьахәыцрала амц зҳәо, насгьы уи иахьымхәуа зегьы Аҩсҭаа иеиԥш «мцала — тыҩшала иеилабылуа» аӡиа иалажьхоит. Даҽакала иуҳәозар, наӡаӡа иқәӡаауеит (Аатра 20:10; 21:8; Аԥсалом 5:6). Избан? Избанзар амц зҳәо ауаа Иегова изы егьырҭ аус хәымгақәа ҟазҵо иреиԥшуп (Аатра 22:15).

13. Иаҳдыруазеи ҳара Иегова изкны, насгьы ҳгәы зызҭанаҵозеи уи?

13 Абиблиаҿы иануп «Анцәа дуаҩым амц иҳәартә еиԥш», насгьы «Анцәа мыцрак далаҟан дыҟам» ҳәа (Ахыԥхьаӡарақәа 23:19; Ауриацәа рахь 6:18). Иегова ицәымӷуп амц зҳәо абз (Ажәамаанақәа 6:16, 17). Убри аҟынтә Анцәа дҳаргәырӷьаларц ҳҭахызар, аиаша ҳҳәалар ауп. Убри азоуп ҳара амц зеибаҳамҳәо (Кәаласаа рахь 3:9).

ҲАРА АИАША ЕИБАҲҲӘОИТ

14. а) Излареиԥшымзеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа амцдинхаҵара агәра зго ауаа? б) Иҳаилшәыркаа Лука 6:45 иану апринцип?

14 Излареиԥшымзеи ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа амц динхаҵара агәра зго ауаа? Ҳара аиаша еибаҳҳәоит. (Шәаԥхьа Захариа 8:16, 17.) Павел иҳәеит аиаша ҳәо «иҳалшо зегьы ала ҳашьҭоуп Анцәа имаҵ аура» ҳәа (2 Коринфаа рахь 6:4, 7). Иисус иҳәеит «ауаҩы игәы иахыжжуа ауп дзырцәажәауа» ҳәа (Лука 6:45). Уи иаанагоит ламысцқьарала зхы мҩаԥызго ауаҩы аиаша шиҳәало. Иара ижьаӡом изымдыруа, аус ицызуа, иҩызцәа, насгьы бзиа иибо ауаа. Шәааи еилҳаргап еснагь аиаша аҳәара ҳаҽшазаҳшәо узырбо ҿырԥштәқәак.

Ижәбома шәара иқәыԥшу ари аиаҳәшьа илымоу ауадаҩра? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 15, 16.)

15. а) Избан изиашам ҩ-ԥсҭазаашьак амҩаԥгара? б) Ирыцхраар алшозеи аҿар рықәлацәа рнырра аҿагылара? (Шәахәаԥш албаага.)

15 Уара уқәыԥшзар, иҟалап уқәлацәа уреиԥшзарц уҭахызар. Уи агәаҳәара иахҟьаны аҿарацәа шьоукы ҩ-ԥсҭазаашьак мҩаԥыргоит. Дара рҭаацәа ианырбо, насгьы аизарақәа рҿы ианыҟо Анцәа инормақәа инарықәыршәаны инхошәа рхы аадырԥшуеит, аха Иегова имаҵ зымуа ианрыцу, мамзаргьы асоциалтә каҭақәа ианырҭо зынӡаск даҽакала рхы мҩаԥыргоит. Иҟалап дара рхы иадырхәозар ажәа ҟьашьқәа, ихырҟьацәаны рҽеиларҳәозар, иҽеим ажәақәа злоу ашәақәа ирзыӡырҩуазар, арыжәтә рҽадыршьуазар, анаркотик ҟарҵозар, маӡала аӡәы иацәажәозар, мамзаргьы иҽеим даҽа усқәак ҟарҵозар. Дара рҭаацәеи, рашьцәеи раҳәшьцәеи, Иеговеи ржьоит (Аԥсалом 26:4, 5). Аха Иегова ибоит ажәала мацара ҳаҭыр аниқәаҳҵо, аха ҳагәқәа иара ианицәыхароу (Марк 7:6). Еиҳа еиӷьуп ажәамаана ишаҳәо еиԥш ахымҩаԥгара: «Угәы агәнаҳаҟаҵаҩцәа ирыҵамшьыцлааит, иаашар хәлаанӡа Иегова уицәшәала» (Ажәамаанақәа 23:17)a. (Шәахәаԥш албаага.)

16. Аҭак ҟаҳҵар шԥаҳахәҭоу ҳаамҭа зегь Иегова имаҵ ауразы арзаҳал анхаҳарҭәаауа?

16 Уара пионерс амаҵ аура, мамзаргьы уаамҭа зегь Анцәа имаҵ аура иазукыр уҭахызар, иаҳҳәап, Вефиль аҿы, арзаҳал хаурҭәаар ауп. Даараӡа ихадоуп угәабзиареи, иалухуа агәырҿыхагақәеи, ухымҩаԥгашьеи ирызку азҵаарақәа рҭак ламысцқьарала аҟаҵара (Ауриацәа рахь 13:18). Аха иҟауҵарызеи Иегова ицәымӷу, мамзаргьы уламыс зыргәаҟуа ак ҟауҵазар, аха уи аизара аиҳабацәа ираумҳәазар? Урыҳәа урҭ ацхырааразы, усҟан ламысцқьарала Иегова имаҵ уулар улшоит (Римаа рахь 9:1; Галаҭаа рахь 6:1).

17. Иҟаҳҵар ҳахәҭоузеи ианҳашьҭашәарыцо ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ирызкны азҵаарақәа ҳарҭозар?

17 Иҟауҵар акәзеи уахьынхо аҭыԥ аҿы ажәабжьҳәаратә ус мап ацәкызар, насгьы амчра змоу ауаа уҭаркзар, иара убас уашьцәеи уаҳәшьцәеи ирызку азҵаарақәа урҭозар? Ироуҳәар аума уара иааудыруа зегьы? Иҟаиҵазеи Иисус римтәи анапхгаҩы иара азҵаарақәа анииҭоз? Иисус ихы иаирхәеит Екклезиаст аҟынтә апринцип. Уа иануп анҿумҭша аамҭеи уанцәажәаша аамҭеи шыҟоу, убри аҟынтә Иисус зҵаарақәак рҭак зынӡаскгьы иҟаимҵеит (Екклезиаст 3:1, 7; Матфеи 27:11—14). Ҳаргьы убри аҩыза ҳақәшәар, ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ашәарҭара иҭаҳмыргыларц азы агәҽанызаара ааҳарԥшлар ауп (Ажәамаанақәа 10:19; 11:12).

Ишԥеилукаар улшо аҿымҭра ианаамҭоу, насгьы аиаша аҳәара ианаамҭоу? (Шәрыхәаԥш абзацқәа 17, 18.)

18. Иҟаҳҵар акәзеи аизара аиҳабацәа ҳашьцәа ирызкны азҵаарақәа ҳарҭозар?

18 Иҟауҵар акәзеи аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар, насгьы уара уи удыруазар? Аизара аиҳабацәа аизараҿы ацқьара ыҟазарц иахылаԥшлароуп, убри аҟынтә дара уҳәар алшоит иудыруа рзеиҭоуҳәарц. Иҟауҵозеи агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы уҩыза бзиа, мамзаргьы уҭынха иакәзар? Абиблиаҿы иануп: «Ламысцқьара злоу ауаҩы аиаша иҳәоит» (Ажәамаанақәа 12:17; 21:28). Убри аҟынтә уара аизара аиҳабацәа акгьы рцәымҵәахӡакәа аиаша роуҳәар ауп. Аизара аиҳабацәа аиаша аилкааразы азин рымоуп, уи абзоурала дара агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы ҿыц Иегова иҩызахара еиҳа еиӷьны ицхраар рылшоит (Иаков 5:14, 15).

19. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?

19 Давид Анцәа диҳәон: «Ауаҩы игәы иҭоу аҵабырг агәахәара узаанагоит» (Аԥсалом 51:6). Давид идыруан шаҟа ихадоу ауаҩы игәаҭа зеиԥшроу. Ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа еснагь аиаша еибырҳәоит. Амцдинхаҵара агәра зго ауаа ҳашреиԥшым аарԥшразы еиҭа алшара ҳазҭо Абиблиа иану аҵабырг ауаа дырҵара ауп. Анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит уи аҟаҵара шҳалшо.

a Шәахәаԥш аброшиура «Аҿар ирызцәырҵуа 10 зҵаарак рҭак» аҿы азҵаара 6 «Ишԥасылшо иҽеим анырра аҿагылара?», насгьы ашәҟәы «Ответы на твои вопросы», атом 2 аҿы ахы 16 «Нужно ли покончить с двойной жизнью?».

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Игәымбылџьбароу амц уи ауаҩы ацәгьара изырурц, мамзаргьы ихьӡ бжьырхырц азы ирҳәо амц ауп

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра