АҴАРАЗЫ АСТАТИА 19
Ишԥааирԥшуеи Иегова абзиабареи аиашареи аизараҿы аӡәы ацәгьара данақәшәо? (ԥшь-хәҭак рҟынтә ахԥатәи ахәҭа)
«Уара ацәгьоура бзиа изымбо Анцәа уоуп; ауаҩы цәгьа ахаангьы уара уҿы дзыҟалом» (АԤСАЛ. 5:4).
АШӘА 142 Ҳгәыӷра ахаангьы иаҳхашҭӡом
АХҲӘААa
1—3. а) Дышԥарзыҟоу Иегова ацәгьарақәа, Аԥсалом 5:4—6 иану инақәыршәаны? б) Избан ахәыҷы ицәа ԥызҽуа «Христос изакәанԥҟара» еилеигоит ҳәа ҳҳәар зҳалшо?
ИЕГОВА ацәгьоурақәа даара ицәымӷуп, урҭ зеиԥшразаалакгьы. (Шәаԥхьа Аԥсалом 5:4—6.) Шаҟа игәы ԥнажәозеи иара ахәыҷқәа рцәа анԥырҽуа, уи зегь раасҭа иҿаасҭоу цәгьароуп. Ҳара, Иегова ишаҳаҭцәа, иара иеиԥш ари ацәгьоура ҳцәымӷуп, насгьы аизараҿы уи аҩыза шыҟалаз еилаҳкаазар, ҳнапқәа еиқәыԥсаны ҳтәом, уи ҟазҵаз игәнаҳа ҳҵәахӡом, ҳагьидгылаӡом (Рим. 12:9; Аур. 12:15, 16).
2 Ахәыҷы ицәа ԥызҽуа ауаҩы «Христос изакәанԥҟара» еилеигоит (Гал. 6:2). Избан ус ҳҳәар зҳалшо? Ҳазхысыз астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, Христос изакәанԥҟара — ажәалеи ихатә ҿырԥшалеи ауаа идирҵоз зегьы — шьаҭас иамаз абзиабареи аиашареи ракәын. Ақьырсианцәа ари азакәан нарыгӡоит ахәыҷқәа бзиабарала ирызныҟәозар, ирыхьчозар, насгьы ргәы рыдмырхьуазар. Аха ахәыҷы ицәа ԥызҽуа ауаҩы ихы мацара дазхәыцуеит, насгьы ахәыҷы ииашамкәа дизныҟәоит. Уи аҩыза иақәшәо ахәыҷы аӡәгьы бзиа димбошәа, насгьы димыхьчошәа ибоит.
3 Илахьеиқәҵагоуп, аха ари ацәгьоура адунеи иалаҵәаз, ииашоу ақьырсианцәагьы ирылакьысыз уадаҩра ӷәӷәоуп. Избан? Избанзар «ауаа цәгьақәеи амцҳәацәеи» рхыԥхьаӡара еиҳа еиҳахоит, насгьы урҭ рахьтә шьоукы аизара рхы аларкырц рҽазыршәоит (2 Тим. 3:13). Уи инеиҳангьы, аизараҿы иҟаз шьоукы иҿаасҭаз ргәаҳәарақәа рыҽрыҭаны, ахәыҷқәа рцәа ԥырҽит. Шәааи еилҳаргап ахәыҷқәа рцәаԥҽра гәнаҳа ӷәӷәаны изыԥхьаӡоу. Анаҩс ҳахәаԥшуеит аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо, иаҳҳәап, аӡәы ахәыҷы ицәа анԥиҽуа, аизара аиҳабацәа уи аус шырыӡбо, насгьы аҭаацәа рхәыҷқәа рыхьчарц азы иҟарҵалар рылшоb.
АГӘНАҲА ӶӘӶӘА
4, 5. Иаҳҳәар зҳалшозеи ахәыҷы ицәа ԥызҽыз ауаҩы ахәыҷы иҿаԥхьа агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит ҳәа?
4 Зцәа ԥырҽыз ахәыҷы дзықәшәаз ацәгьара иахылҿиаауа алҵшәа бааԥсқәа акыраамҭа иныруеит, аха уи зныруа иара имацара иакәӡам, ахәыҷы бзиа дызбо зегьы, иҭаацәеи игәрахаҵара ицеиҩызшо иашьцәеи иаҳәшьцәеи рзы уи ааха ӷәӷәахоит. Ари даараӡа гәнаҳа ӷәӷәоуп.
5 Ахәыҷы иҿаԥхьа агәнаҳа. Уи агәнаҳа акгьы зхарам ауаа ахьаа ӷәӷәеи агәаҟрақәеи рзаанагоит. Анаҩстәи астатиа аҟынтә ишеилаҳкаауа еиԥш, ахәыҷы ицәа ԥызҽуа ауаҩы ахәыҷы иԥсҭазаара зегь бжьихуеит. Иара ахәыҷы ихамышҭуа ахьаа ӷәӷәа изааигоит. Ахәыҷы уи ауаҩ игәра игон, аха иара уи ихы иархәаны дижьоит. Уи иахҟьаны ахәыҷы зегьы дрыцәшәо далагоит, насгьы наунагӡа агәҭынчра ицәыӡуеит. Ҳара ус еиԥш иҟоу ауаа цәгьақәа рҟынтә ҳхәыҷқәа ҳахьчалароуп, насгьы уи ацәгьара бааԥс иақәшәаз ацхыраара раҳҭароуп, рыгәгьы ҳарҭынчлароуп (1 Фес. 5:14).
6, 7. Избан ахәыҷы ицәа ԥызҽыз аизара аҿаԥхьеи аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿаԥхьеи агәнаҳа ҟаиҵеит ҳәа зыԥхьаӡо?
6 Аизара аҿаԥхьа агәнаҳа. Аизара иахәҭаку аӡәы ахәыҷы ицәа анԥиҽуа, аизара ахьымӡӷ аиргоит (Матф. 5:16; 1 Пиотр 2:12). Иара Анцәа изиашоу, зыгәрахаҵара иазықәԥо миллионҩыла иашьцәеи иаҳәшьцәеи рыхьӡ бжьихуеит (Иуда 3, АдҾ). Ҳара ҳабжьара иҟамзароуп ацәгьоура ӷәӷәақәа ҟазҵо, насгьы иахьымхәуа, убри ала аизара ахьымӡӷ азырго агәнаҳаҟаҵаҩцәа.
7 Агәнаҳа аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿаԥхьа. Ақьырсианцәа аҳәынҭқарратә мчрақәа ирзыӡырҩлар ауп (Рим. 13:1). Ҳара ҳахьынхо атәыла азакәанқәа наҳагӡозар ауп. Аха аизараҿы аӡәы азакәан еилеигозар, иаҳҳәап, ахәыҷы ицәа ԥиҽуазар, аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵоит. (Иаҿшәырԥш Аусқәа 25:8.) Аҳәынҭқарратә закәанқәа еилазго рахьырхәра зыхәҭоу аизара аиҳабацәа шракәымгьы, дара ари ацәгьоура аҳәынҭқарцәа рҟынтә ирҵәахӡом (Рим. 13:4). Галаҭаа рахь 6:7 аҿы иануп: «Ауаҩы илаиҵаз ауп иааирыхуа».
8. Дышԥазыҟоу Иегова ауаҩы даҽаӡәы иҿаԥхьа агәнаҳа аныҟаиҵо?
8 Агәнаҳа Анцәа иҿаԥхьа (Аԥсал. 51:4). Еиҳагьы еицәоу, ауаҩы даҽаӡәы иҿаԥхьа агәнаҳа аныҟаиҵо, уи Анцәа иҿаԥхьагьы иҟаиҵоит. Анцәа Моисеи ила Израильаа ириҭаз Азакәан инақәыршәаны аӡәы дызжьоз, ма джьаны ак имызхуаз ауаҩы Иегова иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵон (Алев. 6:2—4). Убас еиԥшҵәҟьа ахәыҷы ицәа ԥызҽыз Анцәа иҿаԥхьа агәнаҳа ҟаиҵоит, избанзар ахәыҷы иара игәра игон, аха иара уи джьаны ихы даирхәеит. Уи иахҟьаны ахәыҷы зегьы дрыцәшәо далагоит, насгьы агәҭынчра ицәыӡуеит. Уи агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵо ауаҩы Иегова ихьӡ ирцәгьоит. Убри аҟынтә ҳара уи аҩыза ацәгьара ҳақәыӡбоит.
9. Иарбан Абиблиа шьаҭас измоу информациоу Иегова иорганизациа ала ашықәсқәа рыҩныҵҟа иҳаиҭо, насгьы избан?
9 Иегова иорганизациа ала ахәыҷқәа рцәа аԥҽра иазкны имаҷымкәа аинформациа ҳаҭара даҿуижьҭеи акыршықәса ҵуеит. Иаҳҳәап, ажурналқәа «Ахьчаратә бааш», насгьы «Пробудитесь!» ирныз астатиақәа рҿы иааган уи ацәгьара иақәшәаз ирыцхраауа алабжьарақәа. Иара убас урҭ ирнын уи иақәшәаз егьырҭ рыцхраар шрылшо, насгьы аҭаацәа рхәыҷқәа рыхьчара ирыцхраауа алабжьарақәа. Иара убас аизара аиҳабацәа уи ацәгьоура аӡбара ирыцхраауа Абиблиа шьаҭас измоу арҵара роуеит. Уи инеиҳангьы, уи иадҳәалоу анапхгара есымша еиҭадырҿыцуеит, насгьы ианаҭаху ирыԥсахуеит. Избан? Аизара аиҳабацәа уи ацәгьоура анеилдырго Христос изакәанԥҟара ақәныҟәара, насгьы абзиабареи аиашареи аарԥшра ирыцхраарц азы.
АИЗАРАҾЫ АӠӘЫ АГӘНАҲА ӶӘӶӘА АНЫҞАИҴО
10—12. а) Ирхадмыршҭуазеи аизара аиҳабацәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз иус анырыӡбо, насгьы изызхәыцуазеи дара зегь раԥхьаӡа иргыланы? б) Изышьҭоузеи аизара аиҳабацәа Иаков 5:14, 15 иану инақәыршәаны?
10 Аизара аиҳабацәа агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз иус анырыӡбо, еснагь иргәалашәоит Христос изакәанԥҟара инақәыршәаны аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь абзиабара аадырԥшлар, насгьы Анцәа ишиҭаху еиԥш иашарала ирызныҟәалар шрыхәҭоу. Убри аҟынтә аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз анраҳауа дара зызхәыцша рацәоуп. Раԥхьаӡа иргыланы аизара аиҳабацәа зызхәыцуа Иегова ихьӡ шдырҳараклаша, насгьы ишырыхьчалаша ауп (Алев. 22:31, 32; Матф. 6:9). Иара убас дара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рдоуҳатә гәабзиара иеиҷаҳауеит, убри аҟынтә ацәгьара иақәшәаз ацхыраареи агәҭынчреи рырҭар рҭахуп.
11 Уи адагьы, агәнаҳа ҟазҵаз аизара дахәҭакзар, насгьы иҟаиҵаз дахьхәуазар, аизара аиҳабацәа Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ицхраауеит. (Шәаԥхьа Иаков 5:14, 15.) Иҽеим агәазыҳәарақәа зыҽрызҭаз ақьырсиан доуҳала дычмазаҩуп. Уи иаанагоит Иеговеи иареи реизыҟазаашьақәа ҽеиӡам ҳәаc. Аизара аиҳабацәа аҳақьымцәа ирыҿҳарԥшыр ҳалшоит. Дара «ачымазаҩ», даҽакала иаҳҳәозар агәнаҳа ҟазҵаз, ихәышәтәра рҽазыршәоит. Аизара аиҳабацәа абиблиатә принципқәа рхы иархәаны агәнаҳаҟаҵаҩ Анцәеи иареи реизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ицхраауеит, иара иҟаиҵаз дахьхәуазар (Аус. 3:19, АдҾ; 2 Кор. 2:5—10).
12 Ишаҳбаз еиԥш аизара аиҳабацәа аҭакԥхықәра ду рыдуп. Дара Анцәа рнапы ианиҵаз аԥсаса иахӡыӡаауеит (1 Пиотр 5:1—3). Дара ирҭахуп аишьцәеи аиаҳәшьцәеи аизараҿы ианыҟоу ргәы ҭынчзарц, насгьы акгьы иацәымшәаларц. Убри аҟынтә дара аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵеит ҳәа анраҳауа, иаҳҳәап, ахәыҷы ицәа ԥиҽит ҳәа, аамҭа мгакәа аус аилыргара иалагоит. Иҟарҵозеи нас дара? Шәрызхьаԥш абзацқәа 13, 15, 17 злалаго азҵаарақәа.
13, 14. Ирыхәҭоума аизара аиҳабацәа аизара иалахәыз аӡәы ахәыҷы ицәа шԥиҽыз аҳәынҭқарратә мчрақәа рҟынӡа анагара? Иҳаилшәыркаа.
13 Ирыхәҭоума аизара аиҳабацәа аизара иалахәыз аӡәы ахәыҷы ицәа шԥиҽыз аҳәынҭқарратә мчрақәа рҟынӡа анагара, атәыла азакәан уи рыднаҵозар? Ааи. Тәылақәак рҿы азакәан инақәыршәаны ауаҩы аӡәы ахәыҷы ицәа ԥиҽит ҳәа иаҳазар, уи аиҳабыратә мчрақәа рҟынӡа инеигароуп. Аизара аиҳабацәа уи азакәан иқәныҟәоит (Рим. 13:1). Уи азакәан Анцәа изакәан иаҿагылаӡом (Аус. 5:28, 29). Убри аҟынтә аизара аиҳабацәа аӡәы ахәыҷы ицәа ԥиҽит ҳәа раҳазар, иаразнак афилиал ахь адырра ҟарҵоит, атәыла азакәан ишықәныҟәаша еилыркаарц азы.
14 Аизара аиҳабацәа зцәа ԥырҽыз ахәыҷы иҭаацәеи иареи ма уи здыруа ианрацәажәо, иргәаладыршәоит дара иҟалаз аҳәынҭқарратә мчрақәа рҟынӡа анагара азин шрымоу. Аха уи иахҟьаны аизара иахәҭаку аӡәы ахәыҷы ицәа шԥиҽыз зегьы ираҳар? Дхәыцлар аума уи ацәгьоура шыҟалаз аҳәынҭқарратә мчрақәа рҟынӡа иназгаз ақьырсиан Анцәа ихьӡ ирцәгьеит ҳәа? Мап. Анцәа ихьӡ зырцәгьаз ахәыҷы ицәа ԥызҽыз иоуп.
15, 16. а) Избан 1 Тимофеи иахь 5:19 иану инақәыршәаны аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз ашьақәырӷәӷәаразы ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирыдамзаргьы иҟазар захәҭоу? б) Иҟарҵар рыхәҭоузеи аизара аиҳабацәа, аизараҿы аӡәы ахәыҷы ицәа ԥиҽит ҳәа анраҳалак?
15 Избан аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа шыҟаиҵаз ашьақәырӷәӷәаразы ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирыдамзаргьы иҟазар захәҭоу? Избанзар уи аиашара зныԥшуа абиблиатә принцип ауп. Ауаҩы агәнаҳа ӷәӷәа ихарарҵозар, аха иара уи мап ацәикуазар, аӡбаратә комитет еиҿыркаанӡа аизара аиҳабацәа уи ацәгьоура шыҟалаз зыблала избаз ҩыџьа ашаҳаҭцәа ирыдамзаргьы рымазар ауп (Ҩынтә. 19:15; Матф. 18:16; шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 5:19). Иаанагома нас уи аӡәы ахәыҷы ицәа шԥиҽыз аҳәынҭқарратә мчрақәа рҟынӡа инаҳгаанӡа уи зыблала избаз ҩыџьа ашаҳаҭцәа ҳрацәажәар ауп ҳәа? Мап, избанзар уи апринцип ахархәара анаҭаху аизараҿы ирыӡбо аусқәа раан ауп. Аизара аиҳабацәа, ма егьырҭ ауаа аӡәы ацәгьоура шыҟаиҵаз аҳәынҭқарцәа рҟынӡа инаргарц азы уи апринцип иқәныҟәар акәӡам.
16 Аизара аиҳабацәа аизараҿы аӡәы уи аҩыза ацәгьоура ҟаиҵеит ҳәа анраҳалак, дара зегь раԥхьаӡа иргыланы атәыла азакәан инақәыршәаны уи аҳәынҭқарратә мчрақәа ирарҳәоит, анаҩс абиблиатә принципқәа рхы иархәаны иҟалаҵәҟьаз аилкаара рҽазыршәоит. Раԥхьа аизара аиҳабацәа ахара здырҵо ауаҩы иацәажәоит, аха иара ахара шиду мап ацәикуазар, дара уи шыҟалаҵәҟьаз збаз ашаҳаҭцәа ирзыӡырҩуеит. Аизара аиҳабацәа аӡбаратә комитет еиҿыркаарц азы иҟалаз збаз ҩыџьа ашаҳаҭцәа рымазароуп, аӡәы — ауаҩы ахара идызҵо, даҽаӡәы — ахара здырҵо ауаҩы уи ахәыҷы, мамзаргьы даҽа хәыҷык уаанӡа уи аҩыза ацәгьара шизиуз збахьазd. Ацәгьоура шыҟалаз ашьақәырӷәӷәара зылшо аӡәызаҵәык иакәзар, уи ииҳәо мцуп ҳәа ахәыцра иашам. Ақьырсиан ахәыҷы ицәа шԥиҽыз шьақәзырӷәӷәар зылшо ҩыџьа ашаҳаҭцәа ыҟамзаргьы, аизара аиҳабацәа еилыркаауеит ахара здырҵо ауаҩы егьырҭ аԥхасҭа ӷәӷәа рзаазгаз агәнаҳа ӷәӷәа ҟаиҵазар шалшо. Дара ацәгьоура иақәшәаз ацхыраара рырҭалоит, насгьы ргәы дырҭынчлоит. Иара убас аизара рыхьчарц азы ахара здырҵо ауаҩы ихымҩаԥгашьа зҿлымҳарала иацклаԥшлоит (Аус. 20:28).
17, 18. Иҳаилшәыркаа аӡбаратә комитет хықәкыс иамоу.
17 Хықәкыс иамоузеи аӡбаратә комитет? Ажәа «аӡбаратә» иаанагаӡом аизара аиҳабацәа агәнаҳа ҟазҵаз атәыла азакәан ахьеилеигаз азы иахьырхәра аҭаху аҭахыму рыӡбоит ҳәа. Аизара аиҳабацәа еилыркаауеит ацәгьаҟаҵаҩ дшахьырхәтәу зыӡбо аҳәынҭқарратә мчрақәа шракәу (Рим. 13:2—4; Тит 3:1). Аизара аиҳабацәа ирыӡбо агәнаҳа ӷәӷәа ҟазҵаз аизараҿы даанхар илшо илымшо ауп.
18 Аӡбаратә комитет иалахәу аишьцәа ирыдыркыло аӡбарақәа зыдҳәалоу агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩи Иеговеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәеи иашьцәеи иаҳәшьцәеи иареи реизыҟазаашьақәеи роуп. Иара иҟаиҵаз агәнаҳа дахьымхәуазар, аизара дшалырцо иарҳәоит, анаҩс аизараҿы алаҳәара ҟарҵоит (1 Кор. 5:11—13). Аха иҟаиҵаз дахьхәуазар, аизараҿы даанхар ауеит. Убри аамҭазгьы аизара аиҳабацәа иеилдыркаауеит аизараҿы иара акыршықәса рыҩныҵҟа, мамзаргьы ахаангьы аҭакԥхықәрақәа шимоуа. Иара убас ахәыҷқәа рыхьчарц азы аизара аиҳабацәа зықәра наӡам ахәыҷқәа змоу аҭаацәа ирарҳәоит уи ауаҩы рхәыҷы иааигәара дшыҟоу гәарҭар хылаԥшрада даанырмыжьырц. Убри аамҭазгьы аизара аиҳабацәа агәнаҳаҟаҵаҩ ацәгьара ззиуз дызусҭоу рымҳәароуп.
АҬААЦӘА РХӘЫҶҚӘА РЫХЬЧАР ШРЫЛШО
Аҭаацәа рхәыҷқәа асексуалтә қәымчра аҟынтә ирыхьчоит ацәеижьтә еизааигәахара иазку рықәра иаҵанакуа аинформациа рзеиҭаҳәо. Уи азы аҭаацәа рхы иадырхәоит Анцәа иорганизациа ала ириҭо аинформациа. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 19—22.)
19—22. Иҟарҵар рылшозеи аҭаацәа рхәыҷқәа рыхьчаларц азы? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)
19 Изыхәҭада зегь раԥхьаӡа иргыланы ахәыҷқәа рыхьчара? Аҭаацәаe. Ахәыҷқәа Анцәа ишәиҭаз ҳамҭақәоуп (Аԥсал. 127:3). Убри аҟынтә шәхәыҷқәа рыхьчара зыхәҭоу шәара шәоуп. Иҟашәҵар шәылшозеи шәхәыҷқәа асексуалтә қәымчра аҟынтә ишәыхьчарц азы?
20 Зегь раԥхьаӡа иргыланы шәара шәхаҭа асексуалтә қәымчра иадҳәалоу аинформациа ҭышәҵаароуп. Шәара ижәдыруазароуп изеиԥш уаау уи ацәгьоура ӷәӷәа ҟазҵо, насгьы урҭ ахәыҷқәа шыржьо. Шәазхәыц иарбан ҭагылазаашьақәоу, насгьы уаау шәхәыҷқәа рзы ишәарҭоу (Ажәам. 22:3; 24:3). Ишәхашәмыршҭын лассы-лассы уи ацәгьоура ҟазҵо ахәыҷы зыгәра иго, насгьы иидыруа ауаҩы шиакәу.
21 Аҩбатәи, шәхәыҷы еснагь шәиацәажәала, насгьы игәы иҭоу зегьы шәзеиҭеиҳәаларц игәазҭашәҵала (Ҩынтә. 6:6, 7). Даараӡа ихадоуп ахәыҷы иажәа ԥымҟакәа изыӡырҩра (Иак. 1:19). Иазгәаҭатәуп зцәа ԥырҽыз ахәыҷы уи аӡәы изеиҭаҳәара дышшәо. Иара игәра рымгар ҳәа дшәозар алшоит, мамзаргьы ицәа ԥызҽыз ауаҩы уи аӡәгьы иеимҳәарц азы диршәазар ауеит. Шәхәыҷы ак ихьит ҳәа агәҩара шәымазар, хаала азҵаарақәа ишәҭ, анаҩс ачҳара аарԥшны ииҳәо шәазыӡырҩла, насгьы иажәа ԥышәымҟан.
22 Ахԥатәи, шәхәыҷқәа рхы рыхьчар шрылшо дшәырҵа. Ирзеиҭашәҳәа шәхәыҷқәа ацәеижьтә еизааигәахара иазку рықәра иаҵанакуа аинформациа. Ирашәҳәа аӡәы ишахәҭам еиԥш дрылакьысуа далагар ирҳәар, насгьы иҟарҵар рылшо. Шәхы иашәырхәала шәхәыҷқәа шәыхьчаларц азы Иегова иорганизациа ала ишәиҭо аинформациа. (Шәахәаԥш арамка «Аҭаацәеи ахәыҷқәеи рзы ацхыраара».)
23. Ҳашԥарзыҟоу ҳара ахәыҷы ицәа ԥызҽуа, насгьы еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
23 Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш ҳара еилаҳкаауеит ахәыҷы ицәа ԥызҽуа ауаҩы агәнаҳа ӷәӷәеи ацәгьоуреи шыҟаиҵо. Ҳара Христос изакәанԥҟара ҳақәныҟәоит, насгьы агәнаҳа ҟазҵаз ицәгьоура алҵшәақәа дырцәаҳахьчом. Аха ицәырҵуеит даҽа зҵаарак: ишԥаҳалшо уи аҩыза ацәгьара иақәшәахьоу ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рыцхраара? Анаҩстәи астатиаҿы уи азҵаара еилҳаргоит.
АШӘА 103 Ахьчацәа — «ауаа аҳамҭақәа»
a Ари астатиа иҳаилнаркаауеит ахәыҷқәа асексуалтә қәымчра аҟынтә ишыхьчалатәу. Иара убас еилаҳкаауеит аизара аиҳабацәа аизара рыхьчарц азы иҟарҵалар рылшо, насгьы аҭаацәа рхәыҷқәа рыхьчалар шрылшо.
b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ахәыҷы ицәа аԥҽра ари асексуалтә қәымчроуп. Ус ҟазҵо ауаҩы ахәыҷы ихы даирхәоит исексуалтә гәаҳәарақәа наигӡарц азы. Уахь иаҵанакуеит ахәыҷы цәеижьла изааигәахара, иоралтәу, мамзаргьы ианалтәу асекс, иԥхашьаратә цәеижьхәҭақәеи, игәыԥҳәи, итәарҭачыреи рылакьысра, уҳәа убас иҵегьы. Ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп зцәа ԥырҽыз ахәыҷы акгьы шихарам. Еиҳарак зцәа ԥырҽуа аӡӷабцәа роуп, аха аҷкәынцәагьы рцәа анԥырҽуа ыҟоуп. Лассы-лассы уи ахәымгара ҟазҵо ахацәа роуп, аха аҳәсагьы ианыҟарҵо ыҟоуп.
c Ауаҩы доуҳала дыԥсыҽзар, агәнаҳа ҟаиҵаргьы егьаурым ҳәа ахәыцра иашаӡам. Иара Иегова иҿаԥхьа иҟаиҵаз агәнаҳа азы аҭак ҟаиҵоит (Рим. 14:12).
d Ахәыҷы ихьаа иацрымҵарц азы аизара аиҳабацәа ахара здырҵо ауаҩы ианиацәажәо ахәыҷы уахь днаргарц иаҳәаӡом. Ахәыҷы иҭаацәа руаӡәк, ма зыгәра иго даҽаӡәы аизара аиҳабацәа рҟынӡа инеигар ауеит ахәыҷы уи изеиҭеиҳәаз зегьы.
e Раԥхьаӡа иргыланы ара зыӡбахә цо аҭаацәа роуп, аха ари аинформациа ахәыҷы ихылаԥшра закәанла азин зырҭаз ауаагьы ирыҵанакуеит.