АҴАРАЗЫ АСТАТИА 18
Ишԥааирԥшуеи Иегова абзиабареи аиашареи ақьырсиантә еизараҿы? (ԥшь-хәҭак рҟынтә аҩбатәи ахәҭа)
«Шәеидара хьанҭақәа еицышьҭышәхла, иеицыжәгала — убри ала Христос изакәанԥҟара нашәыгӡоит» (ГАЛ. 6:2).
АШӘА 12 Анцәа ду Иегова
АХҲӘААa
1. Зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?
ИЕГОВА имаҵзуҩцәа бзиа ибоит. Убас есымша иҟан, насгьы иҟазаауеит. Уи инеиҳангьы иара аиашара бзиа ибоит (Аԥсал. 33:5). Убри аҟынтә агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит 1) Иегова имаҵзуҩцәа иашамрала ианрызныҟәо игәы шихьуа, насгьы 2) ижәлар рзы аиашара шышьақәиргыло, иара убас урҭ ииашамкәа ирызныҟәоз шахьирхәуа. Ԥшь-хәҭак рыла ишьақәгылоу актәи астатиаҿыb ианын Анцәа Моисеи ила Израильаа ириҭаз Азакәан абзиабара шьаҭас ишамаз, насгьы Израильаа ргәы шазҭанаҵоз ауаа зегьы, еиҳарак зхы ззымыхьчоз, иашарала рызныҟәара (Ҩынтә. 10:18). Уи Азакәан ишьақәнарӷәӷәон Иегова имаҵзуҩцәа даараӡа бзиа ишибо.
2. Иарбан зҵаарақәоу ари астатиаҿы еилҳарго?
2 Ишаҳҳәахьаз еиԥш Моисеи изакәан шьаҭас иамаз абзиабара акәын, уи адагьы Израильаа ииашаны ахымҩаԥгара ргәазҭанаҵон. Аха 33 шықәсазы ақьырсиантә еизара анеиҿкааха инаркны Анцәа ижәлар Моисеи изакәан аҵаҟа уаҳа иҟаӡам. Иаанхама нас ақьырсианцәа Азакәан Анцәа ижәлар ирнаҭоз ахьчара ада? Ҳәарада, мап! Дара азакәан ҿыц роуит — Христос изакәанԥҟара. Ари астатиаҿы ҳара уи азакәан ҿыц ҳалацәажәоит. Иара убас абарҭ азҵаарақәа еилҳаргоит: избан иаҳҳәар зҳалшо ари Азакәангьы шьаҭас иамоу абзиабара ауп ҳәа, насгьы ақьырсианцәа егьырҭ иашарала рызныҟәара ргәазҭанаҵоит ҳәа? Ишԥарнырлар акәзеи ари азакәан аҭакԥхықәра зду ахацәа?
ИЗАКӘЫЗЕИ «ХРИСТОС ИЗАКӘАНԤҞАРА»?
3. Иаҵанакуазеи Галаҭаа рахь 6:2 аҿы зыӡбахә ану Христос изакәанԥҟарахь?
3 Шәаԥхьа Галаҭаа рахь 6:2. Ақьырсианцәа «Христос изакәанԥҟара» нарыгӡалароуп. Иисус ишьҭанеицәа азакәанқәа реизга рзаанимыжьӡеит, аха еиуеиԥшым адҵақәеи, аԥҟарақәеи, апринципқәеи риҭеит. Иисус ауаа идирҵоз зегьы Христос изакәанԥҟарахь иаҵанакуеит. Шәааи уи еиҳа инарҭбааны ҳалацәажәап.
4, 5. Иарбан рҵаратә методқәоу Иисус ихы иаирхәоз, насгьы ианбадирҵоз ауаа аҵара?
4 Иарбан рҵаратә методқәоу Иисус ихы иаирхәоз? Актәи, иара ауаа ргәаҵанӡа инеиуаз аҵабыргқәа рзааиртуан: Анцәа иӡбахә рзеиҭеиҳәон, аԥсҭазаара ҵакыс иамоу деилиркаауан, насгьы ауаа ргәаҟрақәа рҵыхәтәа ԥызҵәо Анцәа Иаҳра шакәу иҳәон. Иисус иажәақәа амч ду рыман (Лука 24:19). Аҩбатәи, Иисус ихатә ҿырԥшала иҵаҩцәа идирбон рхы мҩаԥыргалар шрыхәҭоу (Иоанн 13:15).
5 Ианбадирҵоз Иисус ауаа аҵара? Адгьыл аҿы амаҵ аниуаз (Матф. 4:23). Иԥсы анҭала ашьҭахьгьы иара уи аҟаҵара даҟәымҵӡеит. Иаҳҳәап, иԥсы анҭала ашьҭахь Иисус ишьҭанеиуаз ауаа аҵаҩцәа азыҟарҵаларц реиҳәеит, иҟалап урҭ рхыԥхьаӡара 500-ҩык инареиҳазҭгьы (Матф. 28:19, 20; 1 Кор. 15:6). Ажәҩан ахь данца ашьҭахьгьы Иисус аизара ахада иеиԥш иҵаҩцәа аҵара дирҵон. Иаҳҳәап, 96 шықәса ҳ. ҳ. азы Христос иԥшьоу адоуҳала иалхыз ақьырсианцәа апостол Иоанн ила ргәы шьҭихит, насгьы алабжьара риҭеит (Кәал. 1:18; Аат. 1:1).
6, 7. а) Еилаҳкаар абаҳалшо Иисус ауаа идирҵоз аҵабыргқәа? б) Иҟаҳҵалар ҳахәҭоузеи Христос изакәанԥҟара ҳақәныҟәаларц азы?
6 Ԥшь-евангелиек рҟынтә Иисус адгьыл аҿы даныҟаз ииҳәоз, насгьы иҟаиҵоз ирызкны еилаҳкаауа маҷым. Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа рҿы иҟоу егьырҭ ашәҟәқәагьы Иисус еиуеиԥшым азҵаарақәа дшырзыҟоу аилкаара иҳацхраауеит, избанзар урҭ зҩыз «Христос иҟәыӷара» змаз ауаа ракәын (1 Кор. 2:16).
7 Алкаа. Иисус ирҵарақәа ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы рҿы иҳацхраауеит. Христос изакәанԥҟара ҳахьыҟазаалакгьы ҳхымҩаԥгашьа ианыруазароуп, иаҳҳәап, аҩны, аусураҿы ма ашкол аҿы, насгьы аизараҿы. Уи азакәан ҭаҳҵаауеит Ақьырсиантә Бырзен Ҩырақәа ҳанрыԥхьо, насгьы ҳанрызхәыцуа. Иԥшьоу адоуҳа анапхгара абзоурала иҩыз урҭ адҵақәеи, аԥҟарақәеи, апринципқәеи инарықәыршәаны ҳанынхо, Христос изакәанԥҟара ҳақәныҟәоит. Христос изакәанԥҟара ҳанықәныҟәо, ҳара бзиабарала иҭәу Ҳанцәа Иегова ҳаизыӡырҩуеит, избанзар Иисус ауаа идирҵоз зегьы иахыҵхырҭоу иара иоуп (Иоанн 8:28).
АБЗИАБАРА ШЬАҬАС ИЗМОУ АЗАКӘАН
8. Шьаҭас иамоузеи Христос изакәанԥҟара?
8 Ашьаҭа ӷәӷәа змоу аҩнаҿы инхо ауаҩы акгьы дацәшәаӡом. Убас еиԥш ашьаҭа ӷәӷәа змоу азакәан инақәыршәаны инхо ауаҩы акгьы дацәшәаӡом. Христос изакәанԥҟара шьаҭас иамоу абзиабара ауп, уи аасҭа еиӷьу ашьаҭа ыҟам. Избан ус ҳҳәар зҳалшо?
Ауаа рахь абзиабара анааҳарԥшуа, «Христос изакәанԥҟара» наҳагӡоит (Шәрыхәаԥш абзацқәа 9—14.)d
9, 10. Иарбан ҿырԥштәқәоу иаҳзырбо Иисус иҟаиҵоз зегьы абзиабара шаҵаз, насгьы ишԥаҳалшо уи иҿыԥшра?
9 Актәи, Иисус иҟаиҵоз зегьы абзиабара аҵаҵан иҟаиҵон. Агәрыцҳашьареи абзиабареи даараӡа еидҳәалоуп. Уи Иисус игәазҭанаҵон ауаа аҵабырг дырҵара, ачымазаҩцәа рыхәышәтәра, амла иакуаз акрырҿаҵара, насгьы аԥсцәа рыԥсы аҭаҵара (Матф. 14:14; 15:32—38; Марк 6:34; Лука 7:11—15). Арҭ аусқәа Иисус имаҷымкәа аамҭа имырхуан, насгьы ддырааԥсон, аха иара изы ауаа рҭахрақәа еиҳа ихадан ихатә ҭахрақәа раасҭа. Уи инеиҳангьы Иисус иԥсҭазаара ауаа ирыхҭниҵеит, уи ала зеиԥшыҟам абзиабара ааирԥшит (Иоанн 15:13).
10 Алкаа. Ҳара Иисус ҳаиҿыԥшлар ҳалшоит егьырҭ рҭахрақәа ҳара ҳтәқәа раасҭа ихаданы иҳаԥхьаӡозар. Иара убас ҳҽазаҳшәалар ҳалшоит ажәабжь заҳҳәо ауаа рахь еиҳаны агәрыцҳашьара аарԥшра. Агәрыцҳашьара ауаа ажәабжь бзиа рзеиҭаҳәареи аҵабырг дырҵареи ҳгәазҭанаҵозар, Христос изакәанԥҟара ҳақәныҟәоит ҳәа ҳҳәар ҳалшоит.
11, 12. а) Иабантәиҳдыруеи Иегова даараӡа бзиа ҳшибо? б) Ишԥаҳалшо Иегова ҳаиҿыԥшлар?
11 Аҩбатәи, Иисус абзиабара аарԥшраҿы Иаб диҿыԥшуан. Адгьыл аҿы амаҵ аниуаз Иисус ауаа идирбон Иегова имаҵзуҩцәа шаҟа иӷәӷәаны бзиа ибо. Иаҳҳәап, иара иҳәон жәҩантәи Ҳаб хаҭала зегьы ҳахә ҳаракны ишишьо (Матф. 10:31). Ауаҩы игәнаҳа данахьхәуа, насгьы аизарахь даныхынҳәуа Иегова игәырӷьара ҳәаак амам (Лука 15:7, 10). Иара Иԥа иԥсы ҳахҭынҵаны ишьақәирӷәӷәеит даараӡа бзиа ҳшибо (Иоанн 3:16).
12 Алкаа. Ишԥаҳалшо Иегова иҿыԥшра? (Еф. 5:1, 2). Ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи зегьы рыхә ҳшьоит, насгьы даараӡа ҳгәырӷьоит Иегова даанзыжьыз аӡәы иара иахь даныхынҳәуа (Аԥсал. 119:176). Ҳашьцәеи ҳәаҳәшьцәеи бзиа ишаҳбо ааҳарԥшуеит ацхыраара анырҭаху ҳаамҭеи ҳамчқәеи ҳармеигӡозар (1 Иоанн 3:17). Егьырҭ рахь абзиабара анааҳарԥшуа Христос изакәанԥҟара наҳагӡоит.
13, 14. а) Ирыдиҵазеи Иисус иҵаҩцәа, Иоанн 13:34, 35 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи аԥҟара зҿыцыз? б) Ишԥаҳалшо ҳара иҿыцу аԥҟара ақәныҟәара?
13 Ахԥатәи, Иисус ишьҭанеицәа ирыдиҵеит рыбжьара ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аадырԥшларц. (Шәаԥхьа Иоанн 13:34, 35.) Избан ари адҵа ҿыцын ҳәа зыԥхьаӡоу? Избанзар уи Моисеи изакәан Израильаа ирыднамҵоз аҟаҵара ҳаанаԥхьоит: ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи рахь Иисус ҳара ҳахь иааирԥшыз ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшраc. Ҳара урҭ ҳхы аасҭа бзиа иаҳбалароуп, насгьы ҳаԥсҭазаара рыхҭынҵара ҳазхиазароуп. Убри ауп Иисус иаҳзыҟаиҵазгьы.
14 Алкаа. Ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рзы ҳхы ҳамеигӡозар, убасҟан аԥҟара ҿыц наҳагӡоит. Урҭ ҳаԥсҭазаара рыхҭынҵара адагьы, амаҷ аҿгьы ахамеигӡара аарԥшра ҳазхиоуп. Иаҳҳәап, зықәрахь инеихьоу ҳашьак ма ҳаҳәшьак есымчыбжьа аизарахь даҳгоит, иара убас бзиа иаҳбо игәы ҟаҳҵарц азы ак мап ацәаҳкуеит, мамзаргьы аԥсабаратә рыцҳара иақәшәаз ҳрыцхраарц азы аусураҿы аԥсшьара мшқәа ҳгоит. Убас ала ҳара Христос изакәанԥҟара наҳагӡоит. Ус ҟаҳҵозар, аизара зегьы агәҭынчреи ахьчареи ахьроуа ҭыԥны иҟалоит.
ИИАШАНЫ АХЫМҨАԤГАРА ҲГӘАЗҬАЗҴО АЗАКӘАН
15—17. а) Ишԥааирԥшуаз Иисус аиашара ихымҩаԥгашьа ала? б) Ишԥаҳалшо Иисус иҿыԥшра?
15 Абиблиа инақәыршәаны «аиашара» иаанаго Анцәа ииашоуп ҳәа ииԥхьаӡо гәык-ԥсыкала аҟаҵара ауп. Избан иаҳҳәар зҳалшо Христос изакәанԥҟара иашарала ахымҩаԥгара ҳгәазҭанаҵоит ҳәа?
Иисус аҳәса рахь ақьиара ааирԥшуан, насгьы ҳаҭыр рықәиҵон, егьырҭ иатәарымбоз аҳәсагьы уахь иналаҵаны (Шәахәаԥш абзац 16.)e
16 Актәи, шәазхәыц Иисус ихымҩаԥгашьала аиашара шааирԥшуаз. Иара ихаан инхоз адиннапхгаҩцәа иауриамыз зегьы рцәымӷын, аҵара змамыз ауриацәа атәарбомызт, насгьы аҳәса пату рықәырҵомызт. Аха Иисус зегьы ииашаны дрызныҟәон, насгьы ахаан атәамбара ааирԥшуамызт. Иара агәрахаҵара аазырԥшуаз, иауриамыз ауаагьы дреигәырӷьон (Матф. 8:5—10, 13). Уи адагьы ауаа еилымхӡакәа иӷарызгьы, ибеиазгьы ажәабжь бзиа рзеиҭеиҳәон (Матф. 11:5; Лука 19:2, 9). Иисус ахаангьы аҳәса ихжәаны, мамзаргьы иџьбараны дрызныҟәомызт. Иара дара рахь ақьиара ааирԥшуан, насгьы ҳаҭыр рықәиҵон, егьырҭ иатәарымбоз аҳәсагьы уахь иналаҵаны (Лука 7:37—39, 44—50).
17 Алкаа. Иисус ҳаиҿыԥшны ҳара ауаа еилаҳхӡом, насгьы иаҳзыӡырҩуа зегьы ажәабжь бзиа рзеиҭаҳҳәоит, урҭ рдинхаҵара, ма иааныркыло аҭыԥ зеиԥшразаалакгьы. Иара убас аишьцәа Иисус иҿыԥшны аҳәса ҳаҭыр рықәырҵоит. Убас ала ҳара иааҳарԥшуеит Христос изакәанԥҟара шынаҳагӡо.
18, 19. Идирҵози Иисус иҵаҩцәа аиашара аганахь ала, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
18 Аҩбатәи, шәазхәыц аиашара иазкны Иисус ауаа идирҵоз. Иара иҵаҩцәа идирҵоз апринципқәа егьырҭ ииашаны рызныҟәара ирыцхраауан. Ҿырԥштәыс иааҳгап ахьтәы ԥҟара (Матф. 7:12). Ҳара зегьы иаҳҭахуп ауаа иашарыла иҳазныҟәаларц, убри аҟынтә даргьы ииашаны ҳрызныҟәалароуп. Иҟалап усҟан даргьы иашарыла ҳазныҟәара иалагар. Аха аиашамра ҳақәшәазар? Иисус иҭахын иҵаҩцәа агәра ргаларц Иегова уахгьы-ҽынгьы иӷьаҵәыӷьаҵәуа иҳәо рзы аиашара хымԥада ишышьақәиргыло (Лука 18:6, 7). Иисус иажәақәа агәра ҳдыргоит аиашара аазырԥшуа Ҳанцәа Иегова аҵыхәтәантәи арҭ амшқәа рзы ҳзықәшәо зегь шидыруа, насгьы ианаамҭоу аиашара шеиҭашьақәиргыло (2 Фес. 1:6).
19 Алкаа. Иисус иҵаҩцәа идирҵоз апринципқәа рыла ҳанхозар, ауаа зегьы ииашаны ҳрызныҟәалоит. Аҩсҭаа идунеи аҿы аиашамра ҳақәшәазар, Иегова ҳара ҳзы аиашара хымԥада ишеиҭашьақәиргыло ахьаҳдыруа ҳгәы арҭынчуеит.
ИЕГОВА АМЧРА ЗИҬАЗ ЕГЬЫРҬ ИРЫЗНЫҞӘАЛАР ШРЫХӘҬОУ
20, 21. а) Ишԥарыхәҭоу Иегова амчра зиҭаз егьырҭ рызныҟәара? б) Ишԥарылшо ахацәа ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшра, насгьы ишԥарзыҟазар акәзеи абацәа рхәыҷқәа?
20 Ишԥарыхәҭоу Иегова амчра зиҭаз егьырҭ рызныҟәара, Христос изакәанԥҟара инақәыршәаны? Уи азакәан шьаҭас иамоу абзиабара ауп, убри аҟынтә дара рнапы иану ҳаҭыр рықәырҵалар, насгьы ақьиара аарԥшны иреиҷаҳалар ауп. Урҭ ахаан ирхамышҭлар ауп Христос ишьҭанеиларц азы еснагь абзиабара аарԥшра шрыхәҭоу.
21 Аҭаацәараҿы. Ахаҵа иԥҳәыс убас бзиа дибалароуп Христос аизара бзиа ишибо еиԥш (Еф. 5:25, 28, 29). Ахаҵа ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара аарԥшраҿы Иисус диҿыԥшуеит иԥҳәыс лҭахрақәеи лгәаҳәарақәеи иара изы еиҳа ихадазар ихатә ҭахрақәеи игәаҳәарақәеи раасҭа. Ахацәа шьоукы ас еиԥш иҟоу абзиабара аарԥшра рцәыцәгьазар алшоит. Избан? Иҟалап дара аиашареи абзиабареи аарԥшра хадаӡам ҳәа ахьырыԥхьаӡо акультураҿы ирызҳазар. Убри аҟынтә дара аҽыԥсахра рцәыцәгьазар ҟалоит, аха Христос изакәанԥҟара инақәыршәаны инхаларц азы дара уи ҟарҵароуп. Ахаҵа ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара ааирԥшуазар, иԥҳәыс ҳаҭыр иқәылҵалоит. Зхәыҷқәа гәыкала бзиа избо аб урҭ ргәы рзырхьша акгьы иҳәом, иагьыҟаиҵом (Еф. 4:31). Иара ихәыҷқәа бзиа ишибо, насгьы дшырзыразу ааирԥшлоит. Убас еиԥш иҟоу аб дызмоу ахәыҷқәа акгьы иацәшәаӡом, раб бзиа дырбоит, ҳаҭыргьы иқәырҵоит.
22. Изтәыда «ауасақәа», 1 Пиотр 5:1—3 иану инақәыршәаны, насгьы ишԥарызныҟәалатәу урҭ?
22 Аизараҿы. Аизара аиҳабацәа ирхадмыршҭлар ауп «ауасақәа» зтәу дара шракәым (Иоанн 10:16; шәаԥхьа 1 Пиотр 5:1—3). Ажәақәа «Анцәа иԥсаса» аизара аиҳабацәа иргәаладыршәоит ауасақәа зтәу Иегова шиакәу. Иара иҭахуп иуасақәа рахь абзиабареи ақьиареи аадырԥшларц (1 Фес. 2:7, 8). Зҭакԥхықәрақәа абзиабара аҵаҵаны иназыгӡо аизара аиҳабацәа Иегова иразра роуеит. Уи инеиҳангьы аишьцәеи аиаҳәшьцәеи ус еиԥш иҟоу аизара аиҳабацәа бзиа ирбоит, насгьы ҳаҭыр рықәырҵоит.
23, 24. а) Иҟарҵар акәзеи аизара аиҳабацәа аизараҿы аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо? б) Ирхадмыршҭлар акәзеи аизара аиҳабацәа абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа анеилдырго?
23 Иҟарҵар акәзеи аизара аиҳабацәа аизараҿы ацәгьоурақәа аныҟало? Дара ирыду аҭакԥхықәра Израильаа рхаан аӡбаҩцәеи ажәлар реиҳабацәеи ирыдыз иеиԥшӡам. Моисеи изакәан инақәыршәаны аизара аиҳабацәеи аӡбаҩцәеи Иегова имҵахырхәара иадҳәаламыз азҵаарақәагьы еилдыргон. Аха Христос изакәанԥҟара инақәыршәаны аизара аиҳабацәа еилдыргалар рыхәҭоу Иегова имҵахырхәара иадҳәалоу азҵаарақәа рымацара роуп. Дара еилыркаауеит ажәлар руси ацәгьоуратә усқәеи рыӡбара Анцәа издиҵаз аҳәынҭқарратә мчрақәа шракәу. Урҭ ирылшоит азакәан еилазгаз аштраф иқәырҵар, мамзаргьы абахҭа дҭаркыр (Рим. 13:1—4).
24 Нас иҟарҵар акәзеи аизара аиҳабацәа аизара иалахәу аӡәы агәнаҳа ӷәӷәа аныҟаиҵо? Дара Иԥшьоу Аҩыра рхы иархәаны аус ахи-аҵыхәеи еилдыргароуп. Уи аамҭазгьы аизара аиҳабацәа ирхадыршҭӡом Христос изакәанԥҟара шьаҭас иамоу абзиабара шакәу. Абзиабара дара ргәазҭанаҵоит абас еиԥш иҟоу азҵаарақәа рызхәыцра: иарбан цхыраароу ирыҭатәу аӡәы иҟаиҵаз агәнаҳа знырыз аишьцәеи аиаҳәшьцәеи? Дахьхәуама агәнаҳа ҟазҵаз иҟаиҵаз? Иҳалшома Иеговеи иареи ирыбжьаз аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргылара ҳицхраар?
25. Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
25 Ҳара даараӡа ҳаигәырӷьоит Христос изакәанԥҟара аҵаҟа ҳахьыҟоу! Уи инақәыршәаны ҳанхаларц азы дасу иҳалшо зегь ҟаҳҵозар, аизараҿы зегьы ирбалоит бзиа ишырбо, рыхә шыршьо, насгьы акгьы иацәшәалаӡом. Ус шакәугьы ҳара иаҳхаҳмыршҭлароуп ауаа цәгьақәа қәҿиарала рыцәгьарақәа ахьынарыгӡо адунеи аҿы ҳшынхо (2 Тим. 3:13). Убри аҟынтә ҳара агәҽанызаара ааҳарԥшлароуп. Ишԥаиҿыԥшуеи аизара аиҳабацәа Иегова аиашара аарԥшраҿы, аизара иалахәу аӡәы ахәыҷы ицәа ԥиҽзар? Анаҩстәи астатиаҿы ари азҵаара еилҳаргоит.
АШӘА 15 Иегова Иԥхьахшаа дҳарашәкла!
a Ари астатиеи анаҩс ицо астатиақәа ҩбеи рҟынтә ҳара еилаҳкаауеит агәра ганы ҳаҟазар зҳалшо Иегова абзиабареи аиашареи аазырԥшуа Анцәа шиакәу. Иара иҭахуп иуаажәлар иашарыла ирызныҟәаларц, насгьы игәымбылџьбароу ари адунеи аҿы аиашамра иақәшәо ргәы ирҭынчуеит.
b Шәахәаԥш февраль, 2019 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш» аҿы астатиа «Ишԥааирԥшуаз Иегова ажәытәан ижәлар рахь абзиабареи аиашареи?».
c ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ахамеигӡара зныԥшуа абзиабара егьырҭ рҭахрақәа ҳара ҳтәқәа раԥхьа рыргылара ҳгәазҭанаҵоит. Ауаҩы ҳицхраарц азы ҳара ак мап ацәкра ҳазхиоуп.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иисус зԥазаҵә дызцәыԥсыз аԥҳәысеиба дибеит. Дрыцҳашьаны иара лԥа иԥсы ҭеиҵоит.
e АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иисус Симон зыхьӡу афарисеи иҩнаҿы акрифоит. Аԥҳәыс, иҟалап лара зкалҭ бааԥсу ԥҳәысзар, лылаӷырӡқәа рыла Иисус ишьапқәа лыӡәӡәеит, лыхцәқәа рыла илырбеит, насгьы ахәша рықәылҭәеит. Симон уи игәамԥхеит, аха Иисус уи аԥҳәыс длыдгылоит.