Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 октиабр ад. 14—19
  • «Арыцҳара ду» аан Анцәа шәизиашаны шәаанхала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • «Арыцҳара ду» аан Анцәа шәизиашаны шәаанхала
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • ИАРБАН ХҬЫСҚӘОУ «АРЫЦҲАРА ДУ» ААН ИҞАЛО?
  • ШӘЫМШӘА-ШӘМЫРҲА ИИАШОУ АДИНХАҴАРА ШӘАДГЫЛАЗ
  • ИАҲЗЫԤШУ АЖӘЫЛАРА ҲАЗХИАЗАРОУП
  • ЕИЗШӘЫРҲАЛА АЗИАШАРЕИ, АХАЧҲАРЕИ, АГӘЫМШӘАРЕИ
  • ШӘГӘЫ ХЫҬ-ХЫҬУА ШӘЕИҚӘЫРХАРА ШӘАЗЫԤШЫЗ
  • «Иааскьеит шәҿыхра аамҭа»!
    Ахьчаратә бааш 2015
  • Изакәызеи арыцҳара ду?
    Абиблиатә зҵаарақәа рҭак
  • Армагеддон — ҳгәы хыҭ-хыҭуа ҳаззыԥшу хҭысуп
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Шәара арыцҳара ду шәазхиоума?
    Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2023
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 октиабр ад. 14—19

АҴАРАЗЫ АСТАТИА 41

«Арыцҳара ду» аан Анцәа шәизиашаны шәаанхала

«Иегова бзиа дыжәбала изиашоу зегьы! Иегова изиашоу ихьчоит» (АԤСАЛ. 31:23).

АШӘА 129 Ахачҳара ааҳарԥшлап

АХҲӘААa

1, 2. а) Иарбан лаҳәароу иаарласны аҳәынҭқарцәа иҟарҵо? б) Иарбан зҵаарақәоу зҭак еилаҳкаар ҳахәҭоу?

ШӘХАҾЫ иаажәг: аҳәынҭқарцәа ажәлар «аҭынчреи ашәарҭадареи» рыларҳәеит. Иҟалап дара адунеи аҿы абри аҩыза аҭынчра ахаан иҟамлацызт ҳәа иҽхәалар. Дара ирҳәалоит адунеи аҿы иҟоу ауадаҩрақәа зегьы шыӡбатәу рдыруеит ҳәа, насгьы уи агәра ҳдыргарц рҭаххоит. Аха анаҩс урҭ ззымиааиуа ак ҟалоит! Изакәызеи уи? Абиблиатә ԥааимбаражәа инақәыршәаны усҟан «еимгеимцарак аҩнуҵҟа, уаӷеимшхархоит [ақәӡаара ҟалоит]... убасҟан аӡәымзар-аӡәгьы аҭахара дзацәцараны дыҟам» (1 Фес. 5:3).

2 Убри аҟынтә ҳара ихадоу арҭ азҵаарақәа рҭак еилаҳкаар ауп: иарбан хҭысқәоу «арыцҳара ду» аан иҟало? Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара уи аамҭазы? Ҳҽазыҟаҳҵар шԥаҳалшо уажәы, «арыцҳара ду» аан Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц азы? (Матф. 24:21).

ИАРБАН ХҬЫСҚӘОУ «АРЫЦҲАРА ДУ» ААН ИҞАЛО?

3. Ишԥақәиго Анцәа «Вавилон ду», Аатра 17:5, 15—18 иану инақәыршәаны?

3 Шәаԥхьа Аатра 17:5, 15—18. «Вавилон ду» ықәгахоит! Хыхь ишҳәаз еиԥш, аҳәынҭқарцәа уи аамҭазы иҟало ахҭысқәа напхгара рызрыҭалом. Избан? Избанзар «ус еиԥш дзырҟаҵо Анцәа иоуп, урҭ Иара ииҭахыз агәаҳәара раҭәеишь[оит]». Иарбан гәаҳәароу? Амцдинхаҵара зегь ақәгара, ақьырсиантә дунеигьы уахь иналаҵаныb. Анцәа игәы иҭеикыз «иҟаԥшьы уаркалеиуаз агыгшәыг» иахагылоу «жәа-тәыҩак» ргәы иҭеиҵоит. «Жәа-тәыҩак» иаадырԥшуеит «агыгшәыг», мамзаргьы ООН иадгылоу аҳәынҭқаррақәа зегьы (Аат. 17:3, 11—13; 18:8). Урҭ аҳәынҭқаррақәа амцдинхаҵара ианаҿагыло, «арыцҳара ду» алагоит. Уи адгьыл иқәынхо зегьы ирныруа иаалырҟьаны иҟало уцәа уҭазырӡыӡо хҭысхоит.

4. а) Иргәазырԥхар алшозеи аҳәынҭқарцәа амцдинхаҵара ақәгара? б) Ирҳәар алшозеи уаанӡа урҭ адинхаҵарақәа ирыхәҭакыз ауаа?

4 Ҳара иҳаздырӡом аҳәынҭқарцәа Вавилон ду ықәырхырц зырҭаххо. Иҟалап дара ирҳәо иалагар адинхаҵарақәа аҭынчра ашьақәыргылара иаԥырхагоуп ҳәа, насгьы иааҟәымҵӡакәа аҳәынҭқарцәа русқәа ирнырларц иашьҭоуп ҳәа. Мамзаргьы дара ирҳәар ҟалоит адинхаҵарақәа амал ду еизыргацәеит ҳәа (Аат. 18:3, 7). Аха иҟалап Вавилон ду анықәырго амцдинхаҵара ныҟәызгоз зегьы рымшьыр. Урҭ иқәырго адинхаҵарақәа роуп. Амцдинхаҵарақәа анықәыргалак, урҭ ныҟәызгоз еилыркаауеит ишыржьоз, иҟалап дара ахаан уи ҳахәҭакмызт ҳәа рҳәаларгьы.

5. Зыгәра ҳиргозеи Иегова арыцҳара ду инадҳәаланы, насгьы избан?

5 Абиблиаҿы ианӡам Вавилон ду ақәгара шаҟа аамҭа аго. Аха ҳара иаҳдыруеит уи ирласны ишыҟало (Аат. 18:10, 21). Иегова агәра ҳиргоит арыцҳара амшқәа ширкьаҿуа «иаликааз раҳаҭыр азы», насгьы ииашоу адинхаҵара ихьчарц азы (Марк 13:19, 20). Аха иҟаҳҵалар акәзеи ҳара арыцҳара ду аналагалак инаркны Армагеддон алагаанӡа?

ШӘЫМШӘА-ШӘМЫРҲА ИИАШОУ АДИНХАҴАРА ШӘАДГЫЛАЗ

6. Избан амцдинхаҵара ааныжьра мацара зазымхо?

6 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, Иегова иҭахуп имаҵзуҩцәа Вавилон ду иалҵырц. Аха уи мацара азхом. Ҳара гәыла-ԥсыла Иегова имаҵ аура ҳҭахызар ауп. Шәааи ҳахәаԥшып уи аҟаҵара шҳалшо.

Шәааи ҳаизарақәа ахаангьы иаанҳмыжьлап, аамҭа цәгьақәа раангьы (Шәахәаԥш абзац 7.)g

7. а) Ишԥаҳалшо гәык-ԥсыкала Иегова инормақәа рықәныҟәара? б) Ҳаиқәшәалар зҳахәҭоузеи ҳара, Ауриацәа рахь 10:24, 25 иану инақәыршәаны, насгьы избан уи еиҳараӡак иахьа изхадоу?

7 Актәи, ҳара гәык-ԥсыкала иаҳҭахызар ауп Иегова инормақәа инарықәыршәаны анхара. Ҳара ахаангьы ари адунеи ахәаԥшышьа ҳадаҳкылом. Иаҳҳәап, ҳара асексуалтә ламысдара ҳазыразӡам, уи зеиԥшразаалакгьы. Уахь иаҵанакуеит ахацәеи ахацәеи, аҳәсеи аҳәсеи аҭаацәара ианеицалало, насгьы егьырҭ агомосексуалтә хымҩаԥгашьақәа (Матф. 19:4, 5; Рим. 1:26, 27). Аҩбатәи, ҳара ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи ҳрывагыланы Иегова имаҵ ҳаулароуп. Ианалшо ҳара уи ҟаҳҵоит Аҳратә зал аҿы, иалымшозар аҩнқәа рҿы, мамзаргьы егьырҭ иахьырзымдыруа аҭыԥқәа рҿы. Иҟалалакгьы, ҳара урҭ аизарақәа рахь аныҟәара ҳаҟәыҵуам. Ҳара Анцәа ҳимҵахырхәаларц азы ҳаизалароуп, «уи амш еиҳа-еиҳа ишааскьо ҳасаб азуны». (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 10:24, 25.)

8. Ишԥалшо ҳаԥхьаҟа иаҳҳәало ажәабжь аҽаԥсахыр?

8 Иҟалап арыцҳара ду аан ҳара зынӡа даҽа жәабжьк аҳәара ҳалагар. Уажәы ауаа Аҳра иазку ажәабжь бзиа рылаҳҳәоит, насгьы аҵаҩцәа разыҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Аха иҟалап усҟан акырцх ҟәаз иаҿырԥшу ажәабжь цәгьа рылаҳҳәалар (Аат. 16:21). Иҟалап ҳара ауаа ирылаҳҳәалар Аҩсҭаа идунеи зегь иаарласны ишықәӡаауа. Ԥыҭрак ашьҭахь еилаҳкаауеит ауаа ирылаҳҳәало иарбан жәабжьхо, насгьы уи шыҟаҳҵало. Ҳхы иаҳархәалома усҟангьы абар шәышықәса инареиҳаны ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәо азнеишьақәа? Мамзаргьы урҭ азнеишьақәа рҽырыԥсахуоу? Уи макьана иҳаздырӡом. Ишыҟазаалакгьы, Иегова иқәыӡбаратә жәабжь гәымшәарала ауаа ирылаҳҳәалоит. Уи аус анагӡара ҳара ҳзы ҳаҭыр дууп! (Иез. 2:3—5).

9. Иақәҿырҭыр шԥалшо ажәларқәа ҳажәабжь, аха зыгәра ганы ҳаҟазар ҳалшозеи ҳара?

9 Ҳажәабжь ауаа рыԥсахы еибанаркышт, ҳабжьгьы уаҳа ахаан ирмаҳаларц аҟаҵара рҭаххашт. Уажәы Иегова ицхыраарада имаҵ шаҳзымуа еиԥш, усҟангьы иара ида ԥсыхәа ҳауам. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова игәаԥхара наҳагӡарц азы иаҭаху амч шҳаиҭо (Мих. 3:8).

ИАҲЗЫԤШУ АЖӘЫЛАРА ҲАЗХИАЗАРОУП

10. Рхы шԥарбало ауаа арыцҳара ду аан, Лука 21:25—28 иану инақәыршәаны?

10 Шәаԥхьа Лука 21:25—28. Арыцҳара ду аан ауаа рыблала ирбоит изықәгәыӷуаз зегьы аилаҳара ишалагаз, убри аҟынтә иҟарҵо рзымдыруа иқәхоит. Ауаатәыҩсатә ҭоурых аҿы уи зегь иреицәоу аамҭахоит, ауаа ашәара иамҽханакуеит (Соф. 1:14, 15). Усҟан Иегова ижәлар рзгьы аԥсҭазаара даара ицәгьахоит. Ҳара ари адунеи ҳахәҭакӡам, убри инадҳәаланы уадаҩрақәак ҳрықәшәар ауеит. Аԥсҭазаараҿы зда ԥсыхәа ыҟам ҳмоургьы алшоит.

11. а) Избан амцдинхаҵарақәа зегь анықәырхлак ашьҭахь Иегова ишаҳаҭцәа ажәлари аҳәынҭқарцәеи рылаԥш изыҵашәо? б) Избан арыцҳара ду ацәшәара изаԥсам?

11 Ауаа рыԥсахы еибанаркуеит адинхаҵарақәа зегь анықәырхуа Иегова ишаҳаҭцәа ахьаанхо. Уи шаҟа ргәы ԥнажәо, ҳәарада, егьырҭгьы ирзеиҭарҳәалоит, иаҳҳәап, аинтернет ала. Ауаажәлари урҭ рнапхгаҩы Аҩсҭааи ҳгәаӷ ркуеит, избанзар усҟан ҳара заҵәык ҳакәхоит анаҩсгьы здинхаҵара ныҟәызгало. Дара еилыркаауеит рхықәкы шырзынамыгӡаз — адинхаҵарақәа зегьы шырзықәымгаз. Убри аҟынтә ргәыԥжәара зегь ҳара иаҳхыргарц рҭаххоит. Убас ала дара Магог аҟынтә Гог ракәхоитc. Дара рҽеидыркылоит, насгьы рымч зегь еизганы Анцәа ижәлар ирықәлоит (Иез. 38:2, 14—16). Ҳәарада, уи ҳаназхәыцуа ҳгәы хыҭ-хыҭуазар алшоит, избанзар иҟало шыҟало аҵыхәтәанынӡа иҳаздыруам. Аха иаҳдыруа ак ыҟоуп: арыцҳара ду ацәшәара аҭахӡам. Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳаԥсы еиқәзырхо анапхгара шҳаиҭо (Аԥсал. 34:19). Усҟан ҳара ҳҩагыланы ҳахқәа ҳарҩахар ҳалшоит, избанзар ҳҿыхра аамҭа шааскьаз ҳдырлоитd.

12. Ҳашԥазыҟаиҵо игәрагоу, иҟәышу атәы ҳаԥхьаҟа иҟало?

12 Игәрагоу, иҟәышу атәы ҳазыҟаиҵоит арыцҳара ду аан азиашара ахьчара (Матф. 24:45). Уи ҳазлазыҟаиҵо азнеишьақәа рацәоуп, шәааи урҭ руак ҳалацәажәап. 2016—2018-тәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысуаз аконгрессқәа рҿы ҳара иҳаҳауаз ажәахәқәа ҳгәазҭарҵон Иегова имш аан иаҳҭаххо аҟазшьақәа уажәнатә реизырҳара. Шәааи урҭ аҟазшьақәа иааркьаҿны еилҳаргап.

ЕИЗШӘЫРҲАЛА АЗИАШАРЕИ, АХАЧҲАРЕИ, АГӘЫМШӘАРЕИ

«Арыцҳара ду» ҳхаҳгарц азы уи уажәнатә ҳҽазыҟаҳҵалароуп (Шәрыхәаԥш абзацқәа 13—16.)h

13. Иҳарӷәӷәалар шԥаҳалшо Иегова иахь азиашара, насгьы избан уи аҟаҵара уажәнатә изхадоу?

13 Азиашара. 2016-тәи ашықәсазы имҩаԥысыз аконгресс иахьӡын «Будьте преданы Иегове!». Уи аконгресс аҿы ҳара еилаҳкааит Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ӷәӷәазар, ҳизиашаны ҳшаанхо. Апрограмма иаҳгәаланаршәеит Анцәа ҳаизааигәахаларц азы гәык-ԥсыкала ҳиҳәалар, насгьы Иажәа инарҵауланы иҭаҳҵаалар шакәу. Ус ҟаҳҵалар даараӡа иӷәӷәоу ауадаҩрақәагьы рыхгара ҳалшоит. Арыцҳара ду ааигәахацыԥхьаӡа Анцәеи иара Иаҳреи рахь азиашара аарԥшра еиҳагьы иаҳцәыцәгьахоит. Иҟалап ауаа анаҩсгьы иаҳхыччалар (2 Пиотр 3:3, 4). Зегь раԥхьаӡа иргыланы урҭ ауадаҩрақәа ҳазрықәшәо Аҩсҭаа идунеи ҳахьадымгыло азы ауп. Арыцҳара ду аан азиашара аарԥшра ҳҭахызар, уажәнатә уи аҟазшьа еизҳарҳалароуп.

14. а) Иарбан ԥсахрақәоу иҟало адгьыл аҿы анапхгара зхахьы изго аишьцәа рганахь ала? б) Избан усҟан азиашара аарԥшра заҭаххо?

14 Арыцҳара ду аан адгьыл аҿы Анцәа ижәлар рыбжьара анапхгара зхахьы изго аишьцәа ирыдҳәалоу ԥсахрақәак ҟалоит — адгьыл аҿы иаанханы иҟоу иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа аибашьра Армагеддон рҽаладырхәырц азы ажәҩан ахь игахоит (Матф. 24:31; Аат. 2:26, 27). Уи иаанагоит Анапхгаратә хеилак адгьыл аҿы уаҳа ишыҟамло. Ус шакәугьы, ҵҩа змам ажәлар еиҿкаарак рымамкәа иқәхаӡом. Егьырҭ ауасақәа ирхыԥхьаӡалоу аԥышәа змоу аишьцәа напхгара ҟарҵалоит. Анцәа урҭ аишьцәа рыла иҳаиҭало амҩақәҵарақәа ҳрықәныҟәалар, Анцәа ҳашизиашоу ааҳарԥшуеит. Ҳаԥсҭазаара уи иахьыԥшызаауеит!

15. Ишԥаҳалшо ахачҳара еизҳарҳалар, насгьы избан уи аҟаҵара уажәнатә изхадоу?

15 Ахачҳара. 2017-тәи ашықәсазы имҩаԥысыз аконгресс иахьӡын «Не сдавайтесь!». Уи ҳацхрааит ауадаҩрақәа шаҳхаҳгалаша аилкаара. Ҳара еилаҳкааит ахачҳара аарԥшра анаҭаху уи анымариоу мацара шакәым. Ахачҳара еизҳарҳалар ҳҭахызар, Иегова ҳиқәгәыӷуазар ауп (Рим. 12:12). Шәааи Иисус ҳзықәиргәыӷыз ахаангьы иаҳхаҳмыршҭлап: «Аҵыхәтәанынӡа изычҳаз — ҿыххоит» (Матф. 24:13). Арҭ ажәақәа иаҳдырбоит ҳзықәшәозаалакгьы, Иегова ҳизиашаны ҳаанхалар шҳахәҭоу. Уажәы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рҿы Иегова ҳизиашаны ҳаанхозар, арыцҳара ду алагаанӡа ҳагәрахаҵара еиҳагьы иӷәӷәахоит.

16. Изхьыԥшузеи иҳамоу агәымшәара, насгьы ишԥаҳалшо уажәнатә уи арӷәӷәара?

16 Агәымшәара. 2018-тәи ашықәсазы имҩаԥысыз аконгресс иахьӡын «Будьте мужественны!». Уи аконгресс иаҳгәаланаршәеит агәымшәара зхьыԥшу ауаҩы ихатә ҟазшьа шакәым. Ахачҳара еиԥш, ииашаҵәҟьоу агәымшәара зхьыԥшу ауаҩы Иегова диқәгәыӷуоу-диқәымгәыӷуоу ауп. Иҳацхраауазеи еиҳагьы Иегова иқәгәыӷра? Есыҽны Иажәа аԥхьареи ажәытәан ижәлар шеиқәирхоз азхәыцреи (Аԥсал. 68:20; 2 Пиотр 2:9). Арыцҳара ду аан ажәларқәа анҳажәло, агәымшәареи Иегова иахь агәрагареи рыда ԥсыхәа ҳауам (Аԥсал. 112:7, 8; Аур. 13:6). Уажәнатә Иегова ҳиқәгәыӷуазар, Гог ижәылара аан агәымшәара ҳамазаауеитe.

ШӘГӘЫ ХЫҬ-ХЫҬУА ШӘЕИҚӘЫРХАРА ШӘАЗЫԤШЫЗ

Иисус аибашьра Армагеддон аҿы иаӷацәа нирҵәарц азы жәҩантәи ир иманы иаарласны дҽыжәлоит! (Шәахәаԥш абзац 17.)

17. Избан Армагеддон ацәшәара изаԥсам? (Шәахәаԥш ацәаҿы иаагоу асахьа.)

17 Ҳазхысыз астатиаҿы ишҳәаз еиԥш, аӡәырҩы ҳаниз инаркны аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳанхоит. Аха уи адагьы, ҳара арыцҳара ду ҳацәынхоит ҳәа ҳгәыӷуеит. Армагеддон ари адунеи цәгьа аҵыхәтәа ԥнаҵәоит. Аха ҳара ҳзыцәшәо ҳәа акгьы ыҟам. Избан? Избанзар уи Анцәа иеибашьра акәхоит (Ажәам. 1:33; Иез. 38:18—20; Зах. 14:3). Иегова ианиҳәалак, Иисус Христос Анцәа ир раԥхьа дгыланы аибашьра далагоит. Иара ивагыланы еибашьлоит жәҩантәи аԥсҭазааразы зыԥсы ҭаҵахо иԥшьоу адоуҳала иалху ақьырсианцәа, иара убасгьы ҵҩа змам амаалықьцәа. Дара еидгыланы Аҩсҭааи, адемонцәеи, адгьыл аҿы Аҩсҭаа идгыло аруааи ирабашьуеит (Дан. 12:1; Аат. 6:2; 17:14).

18. а) Ҳзықәиргәыӷзеи ҳара Иегова? б) Избан Аатра 7:9, 13—17 иану ажәақәа аԥеиԥш бзиа шшәоуа агәра зышәдырго?

18 Иегова ажәа ҳаиҭеит: «Иарбан бџьарзаалакгьы уара иуҿагыларц азы иҟарҵо қәҿиара аиуам» (Ис. 54:17). Иегова изиашоу ҵҩа змам ажәлар еибга-еизҩыда арыцҳара ду иалҵуеит! Дара анаҩсгьы иԥшьоу рмаҵзура нарыгӡалоит. (Шәаԥхьа Аатра 7:9, 13—17.) Изакәытә гәыӷра ссирузеи Абиблиа иаҳнаҭо! Ҳара иаҳдыруеит Иегова изиашоу шихьчо (Аԥсал. 31:23). Иегова бзиа дызбо, насгьы ихьӡ ҳаразкуа зегьы рыблала ирбоит иара иԥшьоу ихьӡ шҭиго (Иез. 38:23).

19. Иарбан ԥеиԥшу ҳара иҳауа?

19 Шәазхәыц 2 Тимофеи иахь 3:2—5 аҿы Аҩсҭаа инырра ахьыҟамло адунеи ҿыц аҿы инхало ауаа иаадырԥшло аҟазшьақәа рыӡбахә аҳәозҭгьы, уи зеиԥшрахоз. (Шәахәаԥш арамка «Усҟан ауаа зеиԥшрахо».) Анапхгаратә хеилак аҿы амаҵ зуаз Џьорџь Гангасf уи абас дахцәажеит: «Изакәытә дунеиузеи иҟало зегьы Иегова имаҵ аныруло! Иаарласны шәара адунеи ҿыц аҿы анхаразы аҳаҭыр шәаҭәашьахоит. Шәара Иегова наунагӡа дшыҟоу еиԥш наунагӡа шәыҟазаауеит. Ҳара наунагӡа ҳанхалоит». Изакәытә ԥеиԥш ссирузеи иаҳзыԥшу!

Усҟан ауаа зеиԥшрахо

Егьырҭ рахь абзиабара аадырԥшлоит, Иеговеи дареи реиҩызара ахә ршьалоит, ахӡырымгареи ахынраалареи аадырԥшлоит, Анцәа ддырҽхәалоит, рҭаацәа ирзыӡырҩлоит, аџьшьареи азиашареи аадырԥшлоит, рҭаацәараҿы абзиабара аадырԥшлоит, аӡырҩра иазхиазаауеит, еснагь ихааны ицәажәалоит, аҽынкылара рымазаауеит, итатазаауеит, абзиара аҟаҵара ргәаԥхалоит, агәрагара иаԥсазаауеит, иҟәымшәышәхоит, рхы шьҭырхлаӡом, ақьафура аасҭа Анцәа бзиа дырбалоит, гәык-ԥсыкала Анцәа дхарҵалоит.

ЕИЛЫШӘКААЗЕИ ШӘАРА...

  • «Вавилон ду» ақәӡаара иазкны?

  • ииашоу адинхаҵара адгылара шаҟа ихадоу иазкны?

  • азиашареи, ахачҳареи, агәымшәареи реизырҳара шаҟа ихадоу иазкны?

АШӘА 122 Шәыӷәӷәаз, гәыҩбара шәмоун!

a Ҳара иаҳдыруеит иаарласны ауаа зегьы «арыцҳара ду» ишақәшәо. Изықәшәозеи Иегова имаҵзуҩцәа уи аамҭазы? Иҟаҳҵалар акәзеи ҳара усҟан? Иарбан ҟазшьақәоу уажәы еизҳарҳар ҳахәҭоу Анцәа ҳизиашаны ҳаанхарц азы? Ари астатиа арҭ азҵаарақәа рҭак ҳнаҭоит.

b ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Ақьырсиантә дунеи ахь иаҵанакуеит ҳқьырсиануп ҳәа зҳәо, аха Иегова инормақәа инарықәыршәаны имаҵ зымуа адинхаҵарақәа.

c ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ. Магог аҟынтә Гог (иааркьаҿны Гог) — ари арыцҳара ду аан еидгыланы Иегова имаҵзуҩцәа ирҿагыло ажәларқәа роуп.

d Аибашьра Армагеддон алагаанӡа иҟало ахҭысқәа ирызкны еиҳаны еилышәкаар шәҭахызар, шәахәаԥш ашәҟәы «Царство Бога правит!», ахы 21. Магог аҟынтә Гог ижәылара, насгьы Армагеддон аан Иегова ижәлар шихьчо иазкны еиҳаны еилышәкаар шәҭахызар, шәахәаԥш аброшиура «Агәҭынчымрақәа ишыриааилатәу» (bp160), адаҟьақәа 16—21.

e 2019-тәи ашықәсазтәи аконгресс «Любовь никогда не проходит» агәра ҳнаргоит Иегова бзиабарала еснагь ҳшихьчало, убри аҟынтә ҳзыршәо ҳәа акгьы шыҟам (1 Кор. 13:8).

f Шәахәаԥш декабр 1, 1994 шықәсазы иҭыҵыз «Ахьчаратә бааш», адаҟьа 31 (аурыс).

g АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: арыцҳара ду аан Иегова ишаҳаҭцәа агәымшәара аарԥшны гәыԥ хәыҷны аизара мҩаԥыргарц азы абнаҿы еиқәшәоит.

h АСАХЬАҾЫ ИАҲБО: Иегова изиашоу ҵҩа змам ажәлар еибга-еизҩыда арыцҳара ду иалҵуеит!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра