Изакәызеи арыцҳара ду?
Абиблиа иану
Арыцҳара ду ауаатәыҩса рҭоурых аҿы ихьанҭоу аамҭахоит. Абиблиатә ԥааимбаражәақәа изларҳәо ала, уи ҟалоит «аҵыхәтәантәи амшқәа», ма «аҵыхәтәа» ҳәа изышьҭоу аамҭазы (2 Тимофеи 3:1; Даниил 12:4). Абиблиаҿы иануп: «Урҭ амшқәа раан иҟалоит Анцәа адунеи аниша инаркны иахьа уажәраанӡа иҟамлац, уаҳа иҟаларангьы иҟам арыцҳара ду» (Марк 13:19; Даниил 12:1; Матфеи 24:21, 22).
Арыцҳара ду аан иҟало ахҭысқәа
Амцдинхаҵарақәа рықәгара. Амцдинхаҵарақәа еимгеимцарак иалагӡаны иқәгахоит (Аатра 17:1, 5; 18:9, 10, 21). Уи ҟарҵоит ООН аазырԥшуа аполитикатә мчқәа. Убасала Анцәа игәҭакы нагӡахоит (Аатра 17:3, 15—18)a.
Ииашоу адинхаҵара иақәлоит. Амилаҭқәа ркоалициа — Иезекииль ибараҿы зыӡбахә ҳәоу «Магог аҟынтә Гог» — ииашоу адинхаҵара иақәларц рҽазыршәоит. Аха Анцәа имаҵ зуа ихьчоит (Иезекииль 38:1, 2, 9—12, 18—23).
Адгьыл иқәынхо рықәыӡбара. Иисус ауаатәыҩса дрықәыӡбоит, насгьы «ахьча аџьмақәеи ауасақәеи шеилихуа еиԥш, иара урҭ еилихуеит» (Матфеи 25:31—33). Иисус ауаҩы иус аниӡбало дызхәаԥшло уи ауаҩы Иисус иашьцәа, даҽакала иуҳәозар, ажәҩан аҿы напхгара ицзуло, дрыдгылазу-дрыдгыламзу ауп (Матфеи 25:34—46).
Аҳраҿы напхгара зуло реизгара. Христос напхгара ицруларц азы иалху гәыкала Анцәа имаҵ зуа ауаа ажәҩан аҿы инхаларц азы рыԥсы ҭаҵахоит (Матфеи 24:31; 1 Коринфаа 15:50—53; 1 Фессалоникаа 4:15—17).
Армагеддон. Зегьзымчу Анцәа имш ду аҽны иҟало уи аибашьра «Иегова имш» ҳәагьы азҳәоуп (Аатра 16:14, 16; Исаиа 13:9; 2 Пиотр 3:12). Христос ахара здиҵо зегьы аԥсра рзыԥшуп (Софониа 1:18; 2 Фессалоникаа 1:6—10). Абиблиаҿы быжь-хык зхагылоу агыгшәыг еиԥш иаарԥшу адунеизегьтәи аполитикатә система зегь ықәгахоит (Аатра 19:19—21).
Арыцҳара ду ашьҭахь иҟало ахҭысқәа
Аҩсҭаа идемонцәеи иареи рҭакра. Амч ду змоу амаалықь Аҩсҭаа идемонцәеи иареи атымитыша иҭаижьуеит. Уи иаанагоит дара акгьы шырзыҟамҵало, иԥсыз ауаҩы акгьы шизыҟамҵо еиԥш (Аатра 20:1—3). Иҭаку ауаҩы ацәгьара шизыҟамҵо еиԥш, Аҩсҭаа атымитышаҿы акгьы изыҟаҵалаӡом; иара уаҳа аӡәгьы ԥырхага ииҭаӡом (Аатра 20:7).
Зқьышықәсатәи Христос инапхгара алагамҭа. Анцәа Иаҳра напхгара аура иалагоит, ауаатәыҩсагьы агәырӷьара ду рзаанагоит (Аатра 5:9, 10; 20:4, 6). Ԥхьаӡашьак змам ауаа рацәа «арыцҳара ду» иалҵуеит, даҽакала иуҳәозар, иацәынхоит. Дара ирбоит Христос адгьыл напхгара азура дшалаго, зқьышықәсагьы напхгара шиуло (Аатра 7:9, 14; Аԥсалом 37:9—11).
a Аатра ашәҟәаҿы амцдинхаҵара аарԥшуп Вавилон Ду еиԥш, даҽакала иуҳәозар, «еицырдыруа акаҳԥы» леиԥш (Аатра 17:1, 5). Иҟаԥшьы-уаркалеиуа агыгшәыг Вавилон Ду ықәнагоит. Уи агыгшәыг иаанарԥшуа аорганизациа хықәкыс иамоуп ажәларқәа реидкылара, насгьы урҭ рхаҭарнакны аҟазаара. Раԥхьа иара «Лига Наций» ҳәа иашьҭан, уажәы ООН ҳәа еицырдыруеит.