АҴАРАЗЫ АСТАТИА 48
«Инашәыгӡа нас убри шәызлагаз аус»
«Инашәыгӡа нас убри шәызлагаз аус» (2 КОР. 8:11).
АШӘА 35 Еиҳа ихадоу еилышәкаала
АХҲӘААa
1. Иарбан лшароу Иегова иҳаиҭаз?
ИЕГОВА ишаҳҭаху ҳанхаларц алшара ҳаиҭеит. Иара дҳацхраауеит дзыргәырӷьо аӡбарақәа рыдкылара, анаҩс урҭ рынагӡара (Аԥсал. 119:173). Убри аҟынтә Абиблиаҿы ҳзыԥхьо иҟәыӷоу алабжьарақәа ҳанрықәныҟәо, ҳара ииашоу аӡбарақәа ҳадаҳкылоит (Аур. 5:14).
2. Иарбан уадаҩроу ҳзықәшәар алшо аӡбара анҳадаҳкылалак ашьҭахь?
2 Ииашоу аӡбара ҳадаҳкылазаргьы, уи анагӡара анаҳцәыцәгьоу ыҟоуп. Абар ҿырԥштәқәак. Иқәыԥшу аиашьа иӡбоит Абиблиа ахы инаркны аҵыхәанӡа даԥхьарц. Мчыбжьқәак рыҩныҵҟа даԥхьон, аха нас даҟәыҵит. Аиаҳәшьа пионерс амаҵ аура лыӡбоит, аха уи алагара дахыццакуам. Аизара аиҳабацәа рхеилак еиҳа лассы-лассы агәышьҭыхратә ҭаарақәа ҟарҵаларц рыӡбоит. Аха мызқәак рышьҭахьгьы акгьы ҟарымҵеит. Арҭ аҭагылазаашьақәа шеиԥшымгьы, еицырзеиԥшу ак ыҟоуп. Дара аӡбара рыдыркылеит, аха уи нармыгӡаӡеит. Актәи ашәышықәсазы Коринф инхоз ақьырсианцәагьы уи аҩыза иақәшәеит. Шәааи еилҳаргап уи ҳара иаҳнарҵар алшо.
3. Иарбан ӡбароу Коринфаа ирыдыркылаз, аха иҟалазеи анаҩс?
3 55 шықәса шыҟаз ҳ. ҳ. аан коринфтәи ақьырсианцәа ихадаз аӡбара рыдыркылеит. Дара ираҳаит Иерусалими Иудеи инхоз рашьцәа амамзаара ишаргәаҟуаз, насгьы егьырҭ аизарақәа урҭ ирыцхраарц азы аԥара шеизыргоз. Коринфтәи аишьцәа ақьиареи агәыҭбаареи рылан, убри аҟынтә даргьы ацхыраара ҟарҵарц рыӡбеит. Дара Павел иазҵааит уи шыҟарҵашаз. Убри аҟынтә иара урҭ анапхгара рзишьҭит, насгьы Тит аԥара аизгара дрыцхраарц днаишьҭит (1 Кор. 16:1; 2 Кор. 8:6). Аха мызқәак рышьҭахь Павел еиликааит коринфтәи аишьцәа аԥара шеизырымгаз. Уи иахҟьаны аизарақәа еизыргаз Иерусалимҟа ианырышьҭуаз, иҟалап коринфтәи аишьцәа уахь ак ашьҭра иахьымӡазар (2 Кор. 9:4, 5).
4. Ргәы зызҭеиҵазеи Павел Коринфаа, 2 Коринфаа рахь 8:7, 10, 11 иану инақәыршәаны?
4 Коринфаа иҟәыӷоу аӡбара рыдыркылеит, Павелгьы урҭ агәрахаҵара ахьрымаз, насгьы агәыҭбаара аарԥшра ахьырҭахыз азы ирҽхәеит. Аха иара убас ргәазҭеиҵеит излагаз аус нарыгӡарц. (Шәаԥхьа 2 Коринфаа рахь 8:7, 10, 11.) Урҭ рҿырԥштәы иаҳнарҵоит азиашара аазырԥшуа ақьырсианцәагьы ирыдыркылаз аӡбара анагӡара зны-зынла ишырцәыцәгьоу.
5. Еилҳаргозеи уажәы?
5 Коринфаа реиԥш ҳаргьы иҳадаҳкылаз аӡбарақәа рынагӡара зны-зынла иаҳцәыцәгьахар ауеит. Избан? Ҳанамӡара иахҟьаны ҳара ҳаӡбарақәа рынагӡара еснагь иахаҳгозар алшоит. Мамзаргьы ҳазқәымгәыӷуаз акы урҭ рынагӡара иаҳԥырхагахар ауеит (Еккл. 9:11; Рим. 7:18). Иарбан шьаҿақәоу иҳацхраауа аӡбарақәа рыдкылара, мамзаргьы иҳадаҳкылахьоу аӡбарақәа рҿы ак аԥсахра. Насгьы иҳацхраауазеи иҳадаҳкылаз аӡбарақәа рынагӡара?
АӠБАРА ҲАДАҲКЫЛААНӠА
6. Ианбаԥсахтәхар алшо иҳадаҳкылахьоу аӡбарақәа?
6 Иҳадаҳкылаз аӡбарақәа рҟынтә иҟоуп даара ихадоу аӡбарақәа, урҭ ҳара ахаангьы иҳаԥсахуам. Иаҳҳәап, ҳара иҳаӡбеит Иегова имаҵ ҳауларц, уи аӡбара ахаангьы иҳаԥсахыр ҳҭахӡам. Иара убас ҳара хатә ҩызас иалаҳхыз ҳизиашоуп (Матф. 16:24; 19:6). Аха иҟалап иҳадаҳкылаз егьырҭ аӡбарақәа рҿы ак ԥсахтәхар. Избан? Избанзар аҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахуеит. Иарбан лабжьарақәоу иҳацхраауа зегь иреиӷьу аӡбарақәа рыдкылара?
7. Ҳзызиҳәалар акәзеи Иегова, насгьы избан?
7 Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Иаков Иегова идоуҳа игәазҭанаҵеит абас аҩра: «Шәыбжьара аҟәыӷара згу аӡәыр дыҟазар, Анцәа диҳәааит уи аиоуразы, иагьиоуеит, ҽыԥныҳәада, гәыҭбаарала уи зегьы ираҭәеишьоит» (Иак. 1:5). Ҳара зегьы аҟәыӷара ахьҳагу ыҟоуп. Убри аҟынтә аӡбара анҳадаҳкылогьы, иҳадаҳкылахьоу аӡбара аныԥсахтәугьы, Иегова ҳиқәгәыӷлароуп. Усҟан иара дҳацхраауеит иҟәыӷоу аӡбара адкылара.
8. Иарбан ҭҵаароу имҩаԥгатәу аӡбара ҳадаҳкылаанӡа?
8 Аҭҵаара бзиа мҩаԥыжәга. Ишәыԥшаа анапхгара Анцәа Иажәаҿы, Иегова иорганизациа ала иҳауа апубликациақәа шәрыԥхьа, насгьы зыгәра жәго аӡәы шәиацәажәа (Ажәам. 20:18). Убас аҟаҵара еиҳарак ихадоуп аусура шәыԥсахырц ма даҽаџьара нхара шәиасырц анышәыӡбо, мамзаргьы Иегова имаҵ аура, насгьы шәхы аныҟәгара шәылшарц азы иарбан ҵароу иалышәхша шәаназхәыцуа.
9. Избан ҳхы ҳжьалар зҳахәҭам?
9 Шәазхәыц уи аӡбара шәыдышәкыларц зышәҭаху. Иегова изы ихадоуп аӡбара адкылара ҳгәазҭазҵо (Ажәам. 16:2). Иара иҭахуп есымша ламысцқьарала ҳаҟазарц. Убри аҟнытә аӡбарақәа анҳадаҳкыло ҳхы ҳжьалар, ма егьырҭ ҳжьалар ҳҭахӡам. Ус акәымхар, иҳадаҳкылаз аӡбара анагӡара ҳцәыцәгьахар алшоит. Иаҳҳәап, иқәыԥшу аиашьа пионерс аҟалара иӡбоит. Аха ԥыҭрак ашьҭахь иара ицәыцәгьахоит апионер ихәҭоу асааҭ аҭара, убри аҟынтә амаҵзура агәырӷьара изаанагом. Иара дхәыцуазар алшон пионерс аҟалара игәазҭазҵаз Иегова диргәырӷьаларц ахьиҭахыз ауп ҳәа. Аха иҟалап пионерс аҟалара игәазҭазҵаз иҭаацәа, ма бзиа иибо даҽаӡәы диргәырӷьарц ахьиҭахыз акәызҭгьы.
10. Иҳацхраауазеи аҽыԥсахра?
10 Иаҳҳәап, Абиблиа аҵара иалагаз аӡәы аҭаҭын ахара даҟәыҵырц иӡбеит. Раԥхьа иара ҩымчыбжьҟа дахаӡомызт, уи шицәыцәгьазгьы. Аха нас иҽизаанымкылакәа, уеизгьы дахоит. Ииулакгьы аҵыхәтәаны иара уи ашьцылара бааԥс каижьуеит! Уи зыбзоуроу Иегова бзиа дахьибо, насгьы диргәырӷьаларц ахьиҭаху ауп (Кәал. 1:10; 3:23).
11. Избан ҳара иалкаау ахықәкқәа ҳамазар зҳахәҭоу?
11 Иалкаау хықәкык шәымаз. Иалкаау ахықәкы шәымазар, уи анагӡара еиҳа ишәзымариахоит. Иаҳҳәап, шәара ишәыӡбеит есыҽны Абиблиа аԥхьара. Аха аихшанҵа ҟаҵаны ишәымамзар, шәхықәкы шәзынамыгӡар алшоитb. Мамзаргьы, иаҳҳәап, аизара аиҳабацәа ирыӡбар ауеит ажәабжьҳәаҩцәа еиҳа лассы-лассы агәышьҭыхратә ҭаарақәа рзыҟарҵаларц, аха ирыӡбаз иқәныҟәаӡом. Рхықәкы нарыгӡарц азы дара абарҭ азҵаарақәа рхы иарҭар ауп: «Иалҳкаама ҳара аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рҟынтә еиҳарак агәышьҭыхра зҭаху? Иалҳхыма ҳара урҭ ҳанырҭааша аамҭа?»
12. Иҟаҳҵар акәхар алшозеи, насгьы избан?
12 Ишәылшо-ишәылымшо жәдыруаз. Аӡәымзар-аӡәгьы иҳамам иаҳҭаху зегь ҟаҳҵаларц азы аамҭеи, амчи, алшареи. Убри аҟынтә аҟәыӷара аашәырԥшла, зегь шәымч шақәымхо жәдыруаз. Иаҭаххар, ишәыдышәкылахьоу аӡбара шәыԥсах, уи анагӡара шшәылымшо жәбозар (Еккл. 3:6). Иаҳҳәап, шәара ижәбеит ишәыдышәкылаз аӡбара аԥсахра шаҭаху, ишәыԥсахит, уажәшьҭа шәгәы иаанагоит уи анагӡара шәылшоит ҳәа. Еилҳаргап шәхықәкы анагӡара ишәыцхраауа хә-шьаҿак.
ШӘХЫҚӘКҚӘА РЫНАГӠАРА ИШӘЫЦХРААУА АШЬАҾАҚӘА
13. Ишәызҭозеи амч ишәыдышәкылаз аӡбара ақәныҟәаразы?
13 Анцәа шәиҳәала шәхықәкы анагӡаразы амч шәиҭарц. Ишәыдышәкылаз аӡбара ақәныҟәаразы Анцәа амч шәиҭар илшоит (Флп. 2:13). Убри аҟынтә Иегова шәиҳәала иԥшьоу адоуҳа шәиҭарц. Шәыҳәара аҭак иаразнак ишәмоуашәа жәбозаргьы, Анцәа иҳәара шәаҟәымҵлан. Иисус иҳәеит: «Шәаҳәала — ишәоуеит [иԥшьоу адоуҳа]» (Лука 11:9, 13).
14. Ишԥашәыцхраауеи Ажәамаанақәа 21:5 иану апринцип шәыӡбара анагӡара?
14 Аплан шьақәшәыргыл. (Шәаԥхьа Ажәамаанақәа 21:5.) Уск анагӡаразы аплан ашьақәыргылара аҭахуп, анаҩс уи аплан иқәныҟәатәуп. Убас еиԥш аӡбара аншәыдышәкыло, уи ақәныҟәара ишәыцхраауа ашьаҿақәа алышәкаала. Ус дук шьаҿа-шьаҿала еиҩышәшар, усҟан шьаҿак ҟашәҵацыԥхьаӡа шәықәҿиарақәа жәбалоит. Павел Коринфаа ргәазҭеиҵеит «амчыбжь актәи амш аан» маҷк аԥара ҭарҵәахларц, иара данаауа уи зегь аизгара аҭыԥан (1 Кор. 16:2). Ус дук шьаҿа-шьаҿала ианеиҩышәшо, шәхықәкы шәзынагӡом ҳәа шәгәы иаанагаӡом.
15. Иҟаҳҵар алшозеи аплан анышьақәҳаргылалак ашьҭахь?
15 Ишьақәшәыргылаз аплан џьара ианҵаны ишәымазар, уи ақәныҟәара шәзымариахоит (1 Кор. 14:40). Иаҳҳәап, аизара аиҳабацәа рхеилак ирыдыркыло аӡбарақәа рыдагьы, урҭ назыгӡо, насгьы ианынагӡатәу џьара ианызҵо аизара аиҳабы далырхроуп. Ус ҟазҵо аизара аиҳабацәа рыӡбарақәа рынагӡара еиҳа ирзымариахоит (1 Кор. 9:26). Изыҟашәымҵарызеи шәаргьы убас, шәхатә усқәа анеиҿышәкаауа? Иаҳҳәап, есыҽны инашәыгӡаша шәусқәа рсиа шьақәшәыргылар шәылшоит, анаҩс урҭ рынагӡара еиҳа ихадақәоу рыла шәалагар ауеит. Убас ҟашәҵалар, иқәшәыргылаз ахықәкы адагьы, аамҭа кьаҿк иалагӡаны еиҳаны иҟашәҵар алшоит.
16. Иҟашәҵар акәзеи шәхықәкы нашәыгӡарц азы, насгьы ишԥашьақәнарӷәӷәо уи Римаа рахь 12:11?
16 Аџьабаа жәбала. Ишьақәшәыргылаз аплан ақәныҟәаразы, насгьы шәхықәкы анагӡаразы аџьабаа батәуп. (Шәаԥхьа Римаа рахь 12:11.) Павел Тимофеи дырҵаҩ бзиахарц иҭахын, убри аҟынтә иеиҳәеит ихы аус адиулаларц, убри даҿызарц. Павел илабжьара егьырҭ адоуҳатә хықәкқәагьы ирыҵанакуеит (1 Тим. 4:13, 16).
17. Ишԥаҳацхраауеи Ефесаа рахь 5:15, 16 иану алабжьара ҳхықәкы анагӡара?
17 Шәаамҭа ҟәыӷарала шәхы иашәырхәала. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 5:15, 16.) Шәхықәкы нашәыгӡарц анышәҭаху аамҭа алшәх, насгьы иахышәымгалан. Еиҳа иманшәалоу аҭагылазаашьақәа шәырзымԥшын, урҭ ахаан ишәмоургьы ауеит (Еккл. 11:4). Уиаҟара ихадам аусқәа ирылшәмыршалан ихадоу аусқәа ирзышәкыр шәыхәҭоу аамҭеи амчи шәымырхыртә (Флп. 1:10). Иалшозар, аӡәгьы данышәԥырхагам аамҭа алшәх. Шәрыҳәа убри аамҭазы аӡәгьы дышәԥырхагамхарц. Шәҭел шәырцә, насгьы шәелектронтә ԥошьҭеи асоциалтә каҭақәеи рыхәаԥшразы даҽа аамҭак алшәхc.
18, 19. Иҳацхраар алшозеи ҳгәы камыжькәа ҳхықәкы анагӡара, уи анымариамгьы?
18 Алҵшәақәа шәрызхәыцла. Шәыӡбара иаанаго алҵшәа шәцар ахьышәҭаху ҭыԥк иаҿурԥшыр ауеит. Уахь анеира шәҭахыҵәҟьазар, амҩа аркызаргьы, даҽа мҩак алхны уахь уеизгьы шәцоит. Убас еиԥшҵәҟьа, ҳаӡбара иаанаго алҵшәа ҳазхәыцуазар, уи анагӡараҿы ауадаҩрақәа ҳԥылозаргьы ҳгәы каҳажьӡом (Гал. 6:9).
19 Ииашоу аӡбара адкылара мариам, иара убас имариаӡам иҳадаҳкылахьоу аӡбара анагӡарагьы. Аха Иегова аҟәыӷареи амчи ҳаиҭоит ҳазлагаз анагӡаразы.
АШӘА 65 Уеихала, нас, ԥхьаҟа!
a Зныкыр шәахьхәхьоума шәара ишәыдышәкылаз аӡбара? Мамзаргьы ишәцәыцәгьоума ииашоу аӡбара адкылара, анаҩс уи анагӡара? Ари астатиа шәыцхраауеит урҭ ауадаҩрақәа риааира, насгьы шәызлагаз анагӡара.
b Абиблиа аԥхьаразы аихшанҵа ҟашәҵарц азы шәхы иашәырхәар шәылшоит асаит jw.org® аҿы иҟоу «График чтения Библии» (Шәахәаԥш ПУБЛИКАЦИИ > КНИГИ И БРОШЮРЫ).
c Аамҭа шнышәхлаша иазкны еиҳаны алабжьарақәа шәоурц азы шәахәаԥш апрель мза 2010 шықәсазы иҭыҵыз ажурнал «Пробудитесь!» аҿы астатиа «20 способов высвободить время».