АҴАРАЗЫ АСТАТИА 51
Ибзианы дыжәдыруама шәара Иегова?
«Уара иуқәгәыӷлоит, Уара ухьӡ здыруа зегьы, избанзар Уара уԥшаара иашьҭоу ахаан дынужьӡом» (АԤСАЛ. 9:11, АԤ).
АШӘА 56 Цқьа аҵабырг ҭҵаа
АХҲӘААa
1, 2. Ҳгәы зызҭанаҵозеи Ангелито иҿырԥштәы?
ИШӘЫЗҲАМА шәара Иегова ишаҳаҭцәа рҭаацәараҿы? Ааи акәзар, ишәхашәмыршҭлан шәҭаацәа Иегова иахьиҩызцәоу азы шәаргьы Иегова шәшиҩызамхо. Ҳҭаацәа Иегова имаҵ руазаргьы-ирымуазаргьы, Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳхала еизҳарҳалароуп.
2 Ҳахәаԥшып аиашьа Ангелито иҿырԥштәы. Иара иҭаацәа Иегова имаҵ руан. Аха данхбыџыз Анцәа иҩыза бзиа иакәын ҳәа изҳәомызт. Ангелито иҳәоит: «Сара Иегова имаҵ зуан, избанзар сҭаацәа иҟарҵоз ҟасҵалар сҭахын». Аха анаҩс иара иӡбеит Абиблиа аԥхьареи азхәыцреи еиҳаны аамҭа азикларц, иара убас лассы-лассы Анцәа диҳәо далагеит. Лҵшәас изаанагазеи уи? Ангелито иҳәоит: «Сара еилыскааит бзиа избо Саб Иегова сизааигәахарц азы схаҭа ибзианы дыздырыр шсыхәҭаз». Ангелито иҿырԥштәы ҳхаҿы ихадоу абарҭ азҵаарақәа цәырнагоит: «Иаҳҳәар ҳалшома Иегова изкны ак адырреи иара ихаҭа ибзианы идырреи ак ауп ҳәа? Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ибзианы даҳдыруазарц азы?»
3. Излеиԥшымзеи Иегова изкны ак адырреи иара ихаҭа ибзианы идырреи?
3 Ҳара иаҳдыруазар Иегова ихьӡ, уи ииҳәаз, ма иҟаиҵаз акы, ихаҭагьы ибзианы даҳдыруашәа ҳгәы иабар ауеит. Аха уи мацара азхаӡом. Иегова ибзианы даҳдыруазарц азы ҳара иара изку адыррақәеи иссиру иҟазшьақәеи еилаҳкааларц азы аамҭа алаҳхлароуп. Убасҟан ауп Иегова ак зиҳәаз, ма изыҟаиҵаз еилаҳкаауа ҳаналаго. Уи ҳацхраауеит ҳзызхәыцуа, насгьы иҟаҳҵо Иегова игәаԥхо-игәамԥхо аилкаара. Иегова ҳара ҳҟынтә дыззыԥшу еилаҳкаазар, иаразнак ҳхы иаҳархәалароуп.
4. Хәарҭас иаҳзааргозеи ҳара Абиблиа иану аҿырԥштәқәа?
4 Ҳара Иегова имаҵ аура ахьаҳҭаху азы шьоукы ҳхыччалар ауеит, иаҳҿагыларгьы алшоит, еиҳарак аизарахь ҳанцо. Аха Иегова ҳиқәгәыӷуазар, иара ахаангьы ҳаанижьӡом. Убас ҳара Иеговеи ҳареи ҳаиҩызаразы ашьаҭа шьҭаҳҵоит, уи аиҩызара наӡаӡа иҟазаргьы алшоит. Ирылшаҵәҟьома инаӡам ауаа Анцәа иҩызахара? Ааи, ирылшоит! Уи шьақәнарӷәӷәоит Моисеии аҳ Давиди рҿырԥштәы. Шәааи урҭ рҿырԥштәқәа анеилҳаргало абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаап: ишԥеиҩызцәахеи Иеговеи дареи? Иаҳнарҵозеи урҭ рҿырԥштәы?
МОИСЕИ УАҨЫ ИБАРҬАМЫЗ ДИБОН
5. Ииӡбазеи Моисеи?
5 Моисеи имаз адыррақәа ихы иаирхәон. 40-ҟа шықәса анихыҵуаз иара Анцәа ижәлар, ауриацәа, дрылазарц еиҳа еиӷьишьеит «афараон иԥҳа лԥа» иеиԥш дырдыруазарц аасҭа (Аур. 11:24). Иара аҭыԥ ду аанижьит. Моисеи Израильаа данрыдгыла, еиликаауан Мысраа нцәас ирыԥхьаӡоз афараон иԥсахы шеибакуаз, избанзар дара рзы ауриацәа маҵуцәан. Уи иаанарԥшуеит Моисеи агәрахаҵара ӷәӷәа шимаз! Моисеи Иегова диқәгәыӷуан. Уи аҩыза агәрагара ауп аиҩызара ӷәӷәа шьаҭас иамоугьы (Ажәам. 3:5).
6. Иаҳнарҵозеи ҳара Моисеи иҿырԥштәы?
6 Иаҳнарҵозеи ҳара Моисеи иҿырԥштәы? Моисеи иеиԥш ҳаргьы иҳаӡбар ауп Иегова имаҵ ҳаулоу-иаҳмулоу, насгьы ижәлар ҳрыдгылоу-ҳрыдымгылоу. Имаҵ аура алаҳхыр, ак мап ацәаҳкыр акәхаргьы ауеит, уи адагьы Иегова дыззымдыруа ҳҿагыларгьы алшоит. Аха жәҩантәи Ҳаб ҳиқәгәыӷуазар, хымԥада дҳацхраауеит!
7, 8. Еиликаарц ииҭахызи Моисеи?
7 Моисеи еснагь дашьҭан Иегова дзеиԥшроу аилкаара, насгьы уи игәҭакы анагӡара иҽазишәон. Иаҳгәалаҳаршәап Иегова Моисеи Израильаа атәра иалигарц аниеиҳәа иҟалаз. Моисеи уи илымшар ҳәа дшәеит, насгьы исылшаӡом ҳәа изныкымкәа Иегова иеиҳәеит. Анцәа Моисеи иахь агәрыцҳашьара ааирԥшит, дагьицхрааит. Иара иҭак ианыԥшуан Моисеи ицәаныррақәа шеиликаауаз (Ақәҵ. 4:10—16). Уи абзоурала Моисеи афараон ақәыӡбаратә жәабжь иаҳәара илшеит. Уи адагьы, Моисеи Иегова имч ду ибеит Израильаа анеиқәирха, насгьы афараон ируааи иареи Амшын ҟаԥшь аҿы ианҭаирха (Ақәҵ. 14:26—31; Аԥсал. 136:15).
8 Моисеи Израильаа Мысра ианалига ашьҭахь, дара еснагь агәынамӡара аадырԥшуан. Аха Иегова атәра иҭигаз ижәлар рахь ачҳара ду ааирԥшуан, Моисеи уи ибон (Аԥсал. 78:40—43). Иара убас Моисеи ибон Иегова ахынраалара ду шааирԥшуаз. Иаҳҳәап, иара Израильаа ықәимхӡеит Моисеи уи азы даниҳәа (Ақәҵ. 32:9—14).
9. Шаҟа иӷәӷәази Моисеии Иеговеи реиҩызара, Ауриацәа рахь 11:27 иану инақәыршәаны?
9 Моисеи Израильаа Мысра ианалига ашьҭахь, жәҩантәи Иаб дибон ҳәа уҳәартә еиԥш реиҩызара ӷәӷәахеит. (Шәаԥхьа Ауриацәа рахь 11:27.) Уи иазкны Абиблиа иануп: «Иегова Моисеи лабҿаба диацәажәон, ауаҩи ауаҩи шеицәажәо еиԥш» (Ақәҵ. 33:11).
10. Иҟаҳҵалар акәзеи Иегова ибзианы даҳдыруазарц азы?
10 Иаҳнарҵозеи Моисеи иҿырԥштәы? Иегова ибзианы даҳдыруазарц азы иҟазшьақәа реилкаара мацара азхаӡом, ҳара иара ииҭаху ҟаҳҵалароуп. Иахьа Иегова зегь реиҳа ииҭаху «ауаа зегьы еиқәхарц, аиаша-ҵабырг» еилыркаарц ауп (1 Тим. 2:3, 4). Ауаа Иегова изку аҵабырг андҳарҵо, Анцәа игәаԥхара наҳагӡоит.
11. Дышԥеилаҳкаауеи Иегова еиӷьны, иара изку аҵабырг егьырҭ иандҳарҵо?
11 Иегова изку аҵабырг ауаа иандҳарҵо, ҳхаҭа Иегова еиӷьны деилаҳкаауеит. Иаҳҳәап, Иегова иҩызахара зҭаху рыԥшаара данҳацхраауа, ҳара иаҳбоит шаҟа агәрыцҳашьара илоу (Иоанн 6:44; Аус. 13:48). Иара убас ҳара аҵабырг зҳарҵо ауаа рышьцылара бааԥсқәа анкарыжьуа, насгьы уаҩ ҿыцны ианыҟало иаҳбоит Анцәа Иажәа шаҟа амч амоу (Кәал. 3:9, 10). Уи адагьы, ҳара иаҳбоит Иегова шаҟа ачҳара ааирԥшуа ҳҭыԥ аҿы инхо ауаа иӡбахә еилыркаарц, насгьы еиқәхарц азы ирацәаны алшарақәа шриҭо анаҳбо (Рим. 10:13—15).
12. Дзызиҳәози Моисеи Анцәа, Ақәҵымҭа 33:13 иану инақәыршәаны, насгьы избан?
12 Моисеи Иеговеи иареи ирыбжьаз аиҩызара ахә ишьон. Иегова Моисеи ила аус џьашьахәқәа ҟаиҵон, убри аҟынтә иара Иегова ибзианы дидырит. Ус шакәызгьы, Моисеи Иегова еиӷьны деиликаарц иҭахын, уи азгьы Анцәа диҳәон. (Шәаԥхьа Ақәҵымҭа 33:13.) Иара уи азы Иегова даниҳәоз 80 шықәса дырҭысхьан, аха уеизгьы еиликаауан бзиабарала иҭәу жәҩантәи Иаб изкны еиликааша шырацәаз.
13. Иааҳарԥшыр шԥаҳалшо Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ахә шаҳшьо?
13 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова имаҵ ҳуеижьҭеи шаҟа ҵуазаалакгьы, иареи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахә ҳшьалароуп. Иара ҳаниҳәо иааҳарԥшуеит уи ахә шаҳшьо.
14. Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара еиҳагьы еиӷьны Анцәа иеилкаара?
14 Ҩыџьа ауаа гәаартыла имеицәажәозар, изеиҩызцәахом. Убри аҟынтә Анцәеи шәареи шәеиҩызара шәырӷәӷәарц шәҭахызар, ирацәаны шәиацәажәала, насгьы шәгәаҵа иҭоу изеиҭаҳәара шәацәымшәалан (Еф. 6:18). Ҭырқәтәыла инхо Криста илҳәоит: «Анцәа сгәы иҭоу зегь аниасҳәо, насгьы дышсыцхраауа анызбо, сыбзиабара еиҳа иӷәӷәахоит, иара иахь исымоу агәрагарагьы еизҳауеит. Иегова сыҳәарақәа рҭак шыҟаиҵо анызбо, уи сыцҳраауеит абык, насгьы ҩызак иеиԥш дшысзыҟоу абара».
ИЕГОВА ИГӘЫ ИАҚӘШӘОЗ АУАҨЫ
15. Ииҳәазеи Иегова аҳ Давид изкны?
15 Аҳ Давид даниз иҭаацәеи икәша-мыкәша иҟаз ауааи Иегова имаҵ руан. Аха Давид Анцәа имаҵ аура дзалагаз иҭаацәа ус ахьыҟарҵоз азы акәӡам. Давид Анцәеи иареи реиҩызара ихаҭа ирӷәӷәон, убри аҟынтә Иегова уи иӷәӷәаны бзиа дибон. Иегова ихаҭа Давид изы иҳәеит: «Абри ауаҩ Сара сгәы дақәшәоит» (Аус. 13:22). Ицхраазеи Давид Иегова иҿы аиҩызара ӷәӷәа аизырҳара?
16. Еиликаауази Давид Иегова изкны, ишамҭақәа данрызхәыцуаз?
16 Давид Иегова еиӷьны деиликаарц азы ишамҭақәа дрыцклаԥшуан. Иара данқәыԥшыз иаб иуасақәа ихьчон аҟынтә, аамҭа рацәаны адәаҿы ихигон. Иҟалап убасҟан акәзар иара Иегова ишамҭақәа дрыцклаԥшуа даналага. Иаҳҳәап, Давид уахынла ажәҩан данаҵаԥшуаз, ԥхьаӡашьак змам аеҵәақәа ибон. Аха иара иибоз аеҵәақәа рымацара ракәмызт. Иара ибон урҭ аеҵәақәа Зшаз иҟазшьақәа. Уи абарҭ ажәақәа рыҩра игәазҭанаҵеит: «Ажәҩан аҿы иҟоу зегьы Анцәа ихьӡ-иԥша ҳараркуеит, инапы иҟанаҵаз аусқәа ртәы рҳәоит» (Аԥсал. 19:1, 2). Иара убас Давид ауаҩы дшеиҿартәоу даназхәыцуаз, ибон Иегова шаҟа дҟәыӷоу (Аԥсал. 139:14). Давид Иегова ишамҭақәа данрызхәыцуаз, еиликаауан иара Иегова диҿурԥшуазар шаҟа дхәыҷыз (Аԥсал. 139:6).
17. Еилаҳкаауазеи Анцәа ишамҭақәа ҳанрызхәыцуа?
17 Иаҳнарҵозеи ҳара Давид иҿырԥштәы? Шәрыцклаԥшла Анцәа ишамҭақәа. Иалшәхла аамҭа уи азы. Есыҽны шәазхәыцла Иегова изкны ишәдырҵо иаашәыкәыршаны иҟоу ашамҭақәа — аҵиаақәа, аԥстәқәа, ауаа. Усҟан бзиа ҳазбо Ҳаб изкны есыҽны еилышәкаало рацәахоит (Рим. 1:20). Иара убас шәыбзиабарагьы есыҽны ишеизҳауа жәбалоит.
18. Еиликаауази Давид, 18-тәи Аԥсалом инақәыршәаны?
18 Давид ибон Иегова дышицхраауаз. Иаҳҳәап, Давид иаб иуасақәа алыми амшәи рҟынтә ианихьчоз, еиликааит урҭ агыгшәыгқәа риааира ицхрааз Иегова шиакәыз. Давид адау Голиаф данииааизгьы, еилыкка ибеит Иегова дышицхрааз (1 Сам. 17:37). Ишьыцуаз Саул данишьҭашәарыцозгьы, Давид еиликааит деиқәзырхаз Иегова шиакәыз (Аԥсал. 18, ахҳәаа). Давид ахамаԥагьара илазҭгьы, уи зегьы иара ихала иҟаиҵазшәа игәы иабон. Аха иара дхынраалауаҩын, убри аҟынтә иԥсҭазаараҿы Иегова еснагь дышицхраауаз ибон (Аԥсал. 138:6).
19. Иаҳнарҵозеи Давид иҿырԥштәы?
19 Иаҳнарҵозеи уи ҳара? Иегова ацхырааразы иҳәара мацара адагьы, данҳацхраауа, насгьы дышҳацхраауа ҳбалароуп. Ахынраалара ааҳарԥшуазар, ҳара еилаҳкаалоит иҳалымшо шыҟоу, насгьы Иегова ҳамч зқәымхо аҿы дышҳацхраало ҳбалоит. Иегова дышҳацхраауа ҳбацыԥхьаӡа, иареи ҳареи ҳаиҩызара еиҳагьы иӷәӷәахалоит. Фиџьи адгьылбжьахаҿы акыршықәса Анцәа имаҵ зуа аиашьа Исаак уи ус шакәу ихатә ԥышәала агәра игеит. Иара иҳәоит: «Сыԥсҭазаара саназхәыцуа, Абиблиа аҵара саналага инаркны иахьа уажәраанӡа Иегова дышсыцхраауа збоит. Уи абзоурала Иегова еиҳагьы сизааигәахоит».
20. Ицхраазеи Давид Иегова иҩызахара, насгьы иаҳнарҵозеи уи ҳара?
20 Давид Иегова иҟазшьақәа дырҿыԥшуан. Иегова илоу аҟазшьақәа ҳаргьы иааҳарԥшлартә еиԥш ҳаишеит (Аҟаз. 1:26). Иегова иҟазшьақәа еиӷьны еилаҳкаацыԥхьаӡа иҿыԥшра ҳзымариахоит. Давид жәҩантәи Иаб ибзианы дидыруан, убри аҟынтә Иегова диҿыԥшны ауаа рахь аҟазшьа бзиақәа ааирԥшуан. Шәааи ҿырԥштәык ҳахәаԥшып. Давид Вирсавиа длыцышьҭалеит, насгьы лхаҵа дишьит, уи Иегова иҿаԥхьа гәнаҳа ӷәӷәан (2 Сам. 11:1—4, 15). Аха Иегова Давид иахь агәшаҭара ааирԥшырц иӡбеит, избанзар Давид ихаҭагьы Иегова диҿыԥшны егьырҭ рахь агәшаҭара ааирԥшуан. Давиди Иеговеи реиҩызара ахьыӷәӷәаз абзоурала, иара Израильаа зегь раасҭа бзиа ирбоз аҳ иакәхеит. Уи адагьы, Иегова егьырҭ аҳцәа рзы уи ҿырԥшыс дҟаиҵон (1 Аҳ. 15:11; 2 Аҳ. 14:1—3).
21. Лҵшәас иаҳзаанагозеи Иегова иҿыԥшра, Ефесаа рахь 4:24; 5:1 излаҳәо ала?
21 Иарбан лкаау ҳара иҟаҳҵар ҳалшо? Ҳара Анцәа ҳаиҿыԥшлароуп. Уи ахәарҭа ду ҳзаанагоит, аха уи адагьы, Иегова еиӷьны иеилкаара иҳацхраауеит. Иегова илоу аҟазшьақәа анааҳарԥшуа, ҳара ишьақәҳарӷәӷәоит ихәыҷқәа шҳакәу. (Шәаԥхьа Ефесаа рахь 4:24; 5:1.)
ШӘҼАЗЫШӘШӘАЛА ИЕГОВА ЕИӶЬНЫ ИЕИЛКААРА
22, 23. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова изкны иаҳдыруа ҳхы иаҳархәалар?
22 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова Иажәа Абиблиеи ишамҭақәеи рыла дзеиԥшроу ҳаилиркаауеит. Зеиԥшыҟам уи ашәҟәаҿы иануп Моисеии Давиди реиԥш Иегова изиашаз ауаа рыӡбахә. Ҳара урҭ ҳарҿыԥшлар ҳалшоит. Иегова иара ихәҭа ҟаиҵеит. Уажәшьҭа ҳара ҳахәҭа ҟаҳҵароуп — иахьынӡаҳалшо еиӷьны иеилкаара ҳҽазаҳшәалароуп.
23 Ҳара Иегова изкны еснагь иҿыцу ак еилаҳкаалоит (Еккл. 3:11). Еиҳарак ихадоу Иегова изкны шаҟа ҳдыруа акәӡам, аха иҳамоу адыррақәа ҳхы иаҳархәоу-иаҳмырхәоу ауп. Иҳамоу адыррақәа ҳхы иаҳархәозар, насгьы бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб ҳаиҿыԥшуазар, еиҳа-еиҳа ҳаизааигәахалоит (Иак. 4:8). Иажәа ала иара агәра ҳиргоит изааигәахара иашьҭоу дарбанзаалак ахаангьы дшаанимыжьуа.
АШӘА 80 «Ижәдыр, иагьеилышәкаа шаҟа дразу Иегова»
a Аӡәырҩы ауаа ирдыруеит Анцәа дшыҟоу, аха дара уи ибзианы дырдыруеит ҳәа узҳәом. Иаанагозеи Иегова ибзианы идырра? Ишԥаҳацхраауеи Моисеии Давиди рҿырԥшы Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара арӷәӷәара? Ари астатиаҿы абарҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаауеит.