Ишәгәалашәома шәара?
Ишәылшома 2019 шықәсазы иҭыжьыз «Ахьчаратә бааш» аҟынтә абарҭ азҵаарақәа рҭак ҟашәҵар?
Ҵакыс ирымоузеи Анцәа ҳзықәиргәыӷыз абарҭ ажәақәа: «Иарбан бџьарзаалакгьы уара иуҿагыларц азы иҟарҵо қәҿиара аиуам»? (Ис. 54:17).
Агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Анцәа ақәаршҩы ӷәӷәа иеиԥшу «агәыжәлацәгьақәа рыԥсыԥ» аҟынтә ҳшиихьчо (Ис. 25:4, 5). Ҳаӷацәа ахаан ирылшом риашашьа змам ааха ҳаҭара (w19.01, адаҟьақәа 6—7).
Ишԥашьақәнарӷәӷәо Анцәа аиашара шилоу Ханаанааи изымӡырҩуаз Израильааи дышрызныҟәоз?
Анцәа дрықәыӡбеит ламысдарала зхы мҩаԥызгоз, насгьы ҭынха дызмамыз аҳәсеи ахәыҷқәеи гәымбылџьбарала ирызныҟәоз. Аха изиашаз, насгьы егьырҭ ииашаны ирызныҟәоз имаҵзуҩцәа азылԥхара дуқәа риҭон (w19.02, адаҟьақәа 22—23).
Иҟаҳҵар акәзеи Иегова имаҵ зымуа Анцәа диҳәозар?
Ҳара ҿымҭкәа ҳгылазар, насгьы апатуқәҵара ааҳарԥшыр ҳалшоит, аха «аминь» анырҳәо ирыцаҳҳәаӡом, насгьы Анцәа иҳәои ҳареи ҳнапқәа еибаҳаркӡом. Ҳара иҳалшоит ҳхаҭа гәаныла Анцәа ҳиҳәар (w19.03, адаҟьа 31).
Шаҟа игәнаҳа дуузеи ахәыҷы ицәа аԥҽра?
Ахәыҷы ицәа ԥызҽуа агәнаҳа ду ҟаиҵоит ахәыҷы иҿаԥхьа, аизара аҿаԥхьа, аҳәынҭқарратә мчрақәа рҿаԥхьа, насгьы Анцәа иҿаԥхьа. Тәылақәак рҿы ауаҩы иаҳазар аӡәы ахәыҷы ицәа ԥиҽит ҳәа, азакәан инақәыршәаны уи аиҳабыратә мчрақәа рҟынӡа инеигароуп. Аизара аиҳабацәа уи азакәан иқәныҟәоит (w19.05, адаҟьақәа 9—10).
Ишԥаҳалшо ҳхәыцшьа, ҳдунеидкылашьа арҿыцра?
Абар ихадоу ашьаҿақәа: Иегова иҳәара, ҳзеиԥшроу еилаҳкаарц азы ҳхы азҵаарақәа аҭара, аҩызцәа ҟәыӷарала ралхра (w19.06, адаҟьа 11).
Иҟаҳҵар ҳалшозеи уажәнатә ашьҭашәарыцарақәа ҳҽырзыҟаҳҵарц азы?
Иеговеи ҳареи ҳаиҩызара ҳарӷәӷәалароуп. Агәра жәгала бзиа ҳшибо, насгьы ахаангьы ҳшаанимыжьуа. Есыҽны Абиблиа шәаԥхьала, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа Анцәа шәиҳәала. Агәра гаҵәҟьаны шәыҟаз Аҳра иаарласны азылԥхарақәа шышәзаанаго. Зегь раасҭа бзиа ижәбо абиблиатә жәеинраалақәеи Иегова дҳаразкуа ашәақәеи ҿырҳәала ишәҵала (w19.07, адаҟьақәа 2—4).
Иҟаҳҵар ҳалшозеи ҳҭынхацәа еиқәхарц азы?
Даара ихадоуп аилкаара аарԥшра, ҳхымҩаԥгашьала аҿырԥш бзиа дырбара, насгьы ачҳареи ақьиареи раарԥшра (w19.08, адаҟьақәа 15—17).
Иҳазҭозеи агәырӷьара, Иисус Матфеи 11:28 аҿы ҳшақәиргәыӷыз еиԥш?
Ҳара иҳамоуп бзиа ҳазбо ақьырсиантә хылаԥшыҩцәа, аус ҳацызуа иреиӷьу аҩызцәа, насгьы зегь иреиӷьу аус (w19.09, адаҟьа 23).
Ишԥаилшо Анцәа агәаҳәареи амчи ҳаиҭар? (Флп. 2:13)
Анцәа Иажәа ҳанаԥхьо, насгьы ҳаназхәыцуа, игәаԥхара анагӡаразы иаҭаху ҳакәны ҳҟаларц азы агәаҳәареи амчи ҳаиҭар илшоит. Иԥшьоу адоуҳа абзоурала иара илшоит иҳалоу аҟазара еиӷьитәыр (w19.10, адаҟьа 21).
Иарбан иҟәыӷоу шьаҿақәоу аӡбара ҳадаҳкылаанӡа иҟаҵатәу?
Абар хә-шьаҿак: Анцәа аҟәыӷара шәиҭарц шәиҳәала. Аҭҵаара бзиа мҩаԥыжәга. Шәазхәыц уи аӡбара шәыдышәкыларц зышәҭаху. Иалкаау хықәкык шәымаз. Ишәылшо-ишәылымшо жәдыруаз (w19.11, адаҟьақәа 27—29).
Аҩсҭаа Ева илеиҳәарц ииҭахыз иахьа аӡәырҩы ргәы ишаанаго еиԥш ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа аума?
Мап. Аҩсҭаа Ева зынӡаскгьы быԥсӡом ҳәа ауп илеиҳәаз, быԥсыр быԥсы нхоит ҳәа акәымкәа. Аӡхыҵра ашьҭахь амцҵарақәа ҳәа акгьы нымхеит. Аԥсы нхоит ҳәа амцҵара цәырҵзар ҟалап Вавилон абааш аргылара згәы иҭазкыз ауаа Анцәа иԥсаҟьаны адгьыл ианалеиҵа ашьҭахь (w19.12, адаҟьа 15).