Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w19 декабр ад. 15
  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
  • Иеиԥшу аматериал
  • Изеиԥшразеи аԥсҭазаара Џьанаҭ аҟны?
    Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала
  • Адоуҳатә сфераҿы аҿагылара
    Аԥсцәа рдоуҳақәа. Ирылшома урҭ уцхраарц, мамзаргьы иуԥырхагахарц? Иҟаҵәҟьоума урҭ?
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2019
w19 декабр ад. 15

Аԥхьаҩцәа рызҵаарақәа

Аҩсҭаа Ева ацәгьеи абзиеи закәу уеилзыркаауа аҵла аҟынтә ашәыр бфар быԥсӡом ҳәа анлеиҳәа, ииҳәарц ииҭахыз иахьа аӡәырҩы ргәы ишаанаго еиԥш ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа аума?

Мап. Аҩсҭаа имҳәаӡеит Ева Анцәа зыфара азин риимҭаз ашәыр лфар дыԥсуеит, аха лыԥсы нхоит ҳәа. Амаҭ рцәажәаны Аҩсҭаа Ева илеиҳәеит лара уи аҵла иҿаз ашәыр лфар зынӡаскгьы дыԥсӡом ҳәа. Иара илеиҳәарц иҭахын лара Анцәа ида адгьыл аҿы еиҳагьы еиӷьны дшынхало (Аҟаз. 2:17; 3:3—5).

Ауаҩы даныԥслак ашьҭахь иԥсы нхоит ҳәа иҟоу амцҵара ахы ахьыҵнахыз Едем аҿы акәымзар, иабантәиааи нас уи? Инҭкааны аҭак аҳәара цәгьоуп. Аха иаҳдыруеит Нои ихаан Аӡхыҵра аныҟала амцҵарақәа зегь шықәӡааз. Аӡхыҵра аан еиқәхаз Иегова имҵахырхәоз Нои иҭаацәеи иареи роуп, убри аҟынтә амцҵарақәа ҳәа акгьы нымхеит.

Ус анакәха, ауаҩы даныԥсуа иԥсы нхоит ҳәа иахьа адунеи иалаҵәоу амцҵара ахы аныҵнахыз Аӡхыҵра ашьҭахь акәзар ҟалап. Ҳәара аҭахума, Анцәа Вавилон инхоз ауаа рбызшәақәа анеилеиԥса, насгьы ауаа ԥсаҟьаны адгьыл ианалеиҵа, дасу дахьцаз зыгәра игоз амцҵарақәа игеит, ауаҩы даныԥсуа иԥсы нхоит ҳәа иҟоу амцҵарагьы уахь иналаҵаны (Аҟаз. 11:8, 9). Ишыҟазаалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит уи амцҵара ашьапы азыркыз амц абыс иамоу Аҩсҭаа Аџьныш шиакәу, насгьы уи адунеи зегь иахьалаҵәаз игәы даараӡа ишахәо (Иоанн 8:44).

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра