Адгаларақәа рыхкқәа
Абиблиа аҵара ишалагатәу ииуль амза раԥхьатәи асабшазы
«Шәгәы ишԥаанаго, иҭахны дырзыӡырҩуама Анцәа ауаа рыҳәарақәа?» Уазыӡырҩы аҭак. Ирба «Избан ауаа бзиақәа агәаҟрақәа изрықәшәо?» захьӡу аброшиура аҵыхәтәантәи адаҟьа, нас уалацәажәа азҵаара анаҩс иану аматериал, насгьы ҵаҟа иаагоу жәеинраалак иадамзаргьы. Аброшиура идгаланы, уиацәажәа ҿыц шәеиқәшәарц, анаҩстәи азҵаара аилыргаразы.
Аброшиура «Избан ауаа бзиақәа агәаҟрақәа изрықәшәо?».
«Анцәа зегь зымчу иакәзар, ихароума иара адгьыл аҿы ацәгьара ахьыҟоу? [Уазыӡырҩы аҭак. Анаҩс уаԥхьа Иаков 1:13.] Ари аброшиураҿы иануп ацәгьара зыҟоу, насгьы Анцәа ацәгьарақәеи агәаҟрақәеи рҵыхәтәа шԥиҵәо».
Аброшиура «Агәаҟра уанақәшәо: Ишԥаиааитәу уи?».
«Аԥсҭазаараҿы агәаҟра иақәымшәо аӡәгьы дыҟаӡам. Ари зыхҟьо аԥсабаратә рыцҳара, ачымазара ӷәӷәа, ма иузааигәоу иԥсра акәзар ауеит. Шәгәы ишԥаанаго, иҳацхраауазеи арҭ аҭагылазаашьақәа рҿы акрычҳара аарԥшра? [Уазыӡырҩы аҭак.] Аӡәырҩы иазгәарҭеит арҭ агәаҟрақәа риааираҿы Абиблиа шрыцхраауа. [Уаԥхьа Римаа 15:4.] Ари аброшиураҿы иануп аамҭа цәгьақәа раан Абиблиа шуцхраауа».