Асаит jw.org ажәабжьҳәараҿы ҳхы иаҳархәоит. «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак»
Асаит jw.org ахәҭа «Абиблиатә ҵарақәа́» аҿы иҟоуп агәылаҵа «Абиблиатә зҵаарақәа рҭак». Арҭ лассы-лассы иуԥыло азҵаарақәа рҭак ҳаԥхьахьазар, урҭ азҵаарақәа руак ринтерес змоу ауаҩы данаҳԥылалак, иара изҵаара Абиблиа шьаҭас измоу аҭак иоурц азы ҳсаит ахь дхьаҳарԥшыр ҳалшоит. Иара убас урҭ азҵаарақәа ҳхы иаҳархәар ҳалшоит ацәажәара ҳалагарц азы. Ҳара ҳахьынхо аҭыԥ аҿы ауаа еиҳа зинтерес рымоу азҵаара алхны ауаҩы игәаанагара еилаҳкаар ҳалшоит, анаҩс асаит аҟынтә азхәыцрақәа ҳхы иархәаны Абиблиа иану иаҳҳәоит. Уи ашьҭахь иеилҳаркаар, ма иҳарбар ҳалшоит аинформациа ахьынтәиааҳгаз. Мамзаргьы идаҳгалар ҳалшоит иаразнак асаит аартны аҭак даԥхьарц. Араионтә хылаԥшҩык иԥҳәыс қәҿиарала лхы иалырхәоит абри аҩыза азнеишьа: «Аӡәырҩы ауаа азхәыцуеит: „Анцәа ихароума ҳзықәшәо агәаҟрақәа?“. Ишәҭахума шәара ари азҵаара аҭак еилышәкаар 51 секунд рыла?» Уи ашьҭахь лара иаҿалкуеит лҭел ахь ихылҩылааз авидеонҵамҭа. Аҵыхәтәаны лара идлырбоит уи атема ахьану, Абиблиа аҵаразы иҟоу ашәҟәы аҟынтә ахы.