Асаит jw.org амаҵзураҿы ҳхы иаҳархәоит. «Иегова уиҩызаха»
Асаит jw.org аҟәша «Абиблиатә ҵарақәа» аҿы иҟоуп ахәыҷқәа рзы агәылаҵа «Иегова уиҩызаха», уа иуԥшаауеит ашәақәа, авидеороликқәа, адҵақәа. Ухы иаурхәахьоума уара амаҵзураҿы ари агәылаҵа? Уара ахәыҷқәа змоу ауаҩы Абиблиа иурҵозар, ирба уи. Иара ҳсаит аҿы иҟоу егьырҭ аматериалқәагьы рыхәаԥшра иҭаххар ауеит.
Иашьак абуклет «Аҳра иазку ажәабжь» №38 анрылаирҵәоз, ԥҳәыск абуклет лиҭеит, лара уи иаразнак аԥхьара далагеит. Лара ахәыҷқәа лыман, урҭ абуклет аинтерес ркит. Аиашьа иааркьаҿны абуклет аҵакы рзеиҭеиҳәеит, нас аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагаз асаит адрес дирбеит. Аԥҳәыс аинтерес аалырԥшит аҟынтә, иара иӡбеит имобилтә хархәага ихы иархәаны лхәыҷқәеи лареи Колиа изку авидеороликқәа руак дирбарц.
Иаҳәшьак ахәыҷқәа змоу аус лыцызуа ԥҳәыск илзеиҭалҳәеит ҳсаит аӡбахә, насгьы уа аҭаацәарақәа рзы ахәарҭа рзаазго аматериал уԥшаар шулшо лалҳәеит. Лхәыҷқәеи лареи асаит еицҭалеит. Ԥыҭрак ашьҭахь лара ҳаҳәшьа илалҳәеит ахәыҷқәа аҩны иааҟәымҵӡакәа ишырҳәоз ашәа «Ажәабжь рылаҳәала» агәылаҵа «Иегова уиҩызаха» аҟынтә.
Уахәаԥш ари агәылаҵа асаит jw.org аҿы, насгьы ихҩылаа умобилтә хархәагахь авидеоролик, ашәа, ма адҵа. Усҟан уара амаҵзураҿы ари агәылаҵа аҟынтәи аматериал ахархәара улшоит. Зыхә ҳараку ари амыруга атәцәа реиԥш Иҳақәиҭу имаҵ аура иҳацхраауеит (Аус. 20:19).