Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Аброшиурақәа рнагара амаршрут шышьақәыргылатәу
Уи зхадоу. Аӡәырҩы ауаа ҳаброшиурақәа рыԥхьара ргәаԥхоит, аха Абиблиа аҵара рҭахӡам. Иҟалап дара рдинхаҵара ргәаԥхозар, мамзаргьы Абиблиа аҵаразы аамҭа рымамшәа ргәы иабозар. Аха урҭ иааиԥмырҟьаӡакәа ҳаброшиурақәа ирыԥхьозар, Анцәа Иажәа аԥхьара агәазыҳәара рызцәырҵуеит (1 Пиот. 2:2). Дара статиак ргәы аҟынӡа инеир алшоит, ма рҭагылазаашьақәа рҽырыԥсахыр ауеит. Маҷк акәзаргьы, иааиԥмырҟьаӡакәа ҳрацәажәалар, дара ҳашьцылоит, насгьы еилаҳкаауеит урҭ интересс ирымоу, ргәы иҭыхо. Ԥыҭрак ашьҭахь Абиблиа рыцҵара ҳалагаргьы ҳалшоит.
Ухы иархәа амза аҩныҵҟа абри алабжьара:
Иааиԥмырҟьаӡакәа аброшиурақәа зызнаугаша рсиа еиқәыршәа. Ирыдгал изаамҭанытәу аброшиурақәа, насгьы ираҳәа анаҩстәи аҭыжьымҭақәа даҽазны ирзааугар шулшо.