АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АԤСАЛОМ 59—67 (60—68, АдҾ)
Аҳәарақәа заҳауа Иегова дырҽхәала
Иегова уиҳәала, иуҭаз ажәа анагӡара дуцхраарц азы
60:2, 9 (61:1, 8, АдҾ)
- Ус еиԥш иҟоу аҳәарақәа ҳажәа анагӡаразы ҳгәаҳәара дырӷәӷәоит 
- Анцәа иҽизкра — ари иара иаҳҭаз ажәақәа рҟынтә зегь раасҭа ихадоу ауп 
Анна
Угәы иҭоу зегьы Иегова изеиҭаҳәо, ушиқәгәыӷуа аарԥшла
61:9 (62:8, АдҾ)
- Ҳазхәыцны иҟаҳҵо аҳәарақәа ҳцәаныррақәа рныԥшуазар ауп 
- Иегова инҭкааны аказы ҳаниҳәо, аҭак шыҟаиҵо еиӷьны иаҳбоит 
Иисус
Иегова иаҳауеит гәыкала иҟоу ауаа зегьы рыҳәарақәа
64:2, 3 (65:1, 2, АдҾ)
- Гәык-ԥсык ала Иегова иеилкаара, насгьы игәаԥхара анагӡара зҭаху зегьы рыҳәарақәа иаҳауеит 
- Ҳара ианааҳҭаху Иегова ҳиҳәалар ҳалшоит 
Корнили
Ианҵа уҳәарақәа рҿы иуҳәарц иуҭаху.