АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИЕРЕМИА 44—48
«Ухазы еиҳау» уашьҭамлан
45:2—5
Варух аҳ иаҳҭынраҿы аҭыԥ ду ааникылозҭгьы ҟалап. Иара Иегова дҳареикуан, насгьы азиашара аарԥшуа Иеремиа дицхраауан, аха аамҭак азы иара изы егьырҭ аусқәа еиҳа ихадахеит — ихазы «еиҳау» дашьҭалеит. «Еиҳау» ҳәа зыбахә ҳәоу еиҳа иҳараку аҭыԥ ма амал ду акәзар ҟаларын. Иерусалим иазыԥшыз арыцҳара ихигарц азы Варух игәазыҟашьа иԥсахыр акәын.