Абиблиа аҭҵаареи узыԥхьаз азхәыцреи рзы аамҭа алхла
Адгаларақәа рыхкқәа
«ПРОБУДИТЕСЬ!»
Азҵаара: Шәгәы ишԥаанаго Абиблиа Анцәа иҟынтә аума, мамзаргьы уа иану ауаа рхәыцрақәа роума?
Ажәеинраала: 2 Тим. 3:16
Апубликациа: Ари ажурнал аҿы Абиблиа Анцәа иҟынтә шакәу узырбо х-шьақәырӷәӷәарак аагоуп.
АҴАБЫРГ ДШӘЫРҴАЛА
Азҵаара: Ҳазыҟазар шԥаҳахәҭоу ҳамҭас иҳаҭоу аԥсҭазаара?
Ажәеинраала: Аат. 4:11
Аҵабырг: Аԥсҭазаара Анцәа иҳаиҭаз ҳамҭоуп, убри аҟынтә уи ахә ҳаракны иаҳшьоит. Ҳара ҳаԥсҭазаара ашәарҭара иҭаҳаргылом, насгьы даҽаӡәы иԥсҭазаара имаҳхӡом. Ҳара ҳзы уи ахә даара иҳаракуп.
«ИАМОУЗЕИ ШЬАҬАС АҬААЦӘАРАТӘ НАСЫԤ?» (T-32)
Азҵаара: Шәазхьаԥш ари азҵаара, насгьы шәрыхәаԥш ҵаҟа иаагоу аҭакқәа. Шәара шәгәы ишԥаанаго?
Ажәеинраала: Лука 11:28
Апубликациа: Ари абуклет ишәеилнаркаауеит арҭ ажәақәа шәҭаацәараҿы ишәыцхраар шрылшо, насгьы Абиблиа иану агәра агара изаԥсоу.
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.