Гана ажәабжь бзиа рҳәоит
Адгаларақәа рыхкқәа
«СТОРОЖЕВАЯ БАШНЯ»
Азҵаара: Шьоукы Абиблиа ажәхьеит ҳәа ргәы иаанагоит, егьырҭ уи уажәгьы ухы иаурхәартә иҟоуп ҳәа рыԥхьаӡоит. Шәара шәгәы ишԥаанаго?
Ажәеинраалақәа: 2 Тим. 3:16, 17
Апубликациа: Ари аброшиураҿы иануп Абиблиа аԥсҭазаараҿы ишәыцхраар шалшо. Насгьы еилышәкаауеит Абиблиа аԥхьара ахәарҭа шәзаанагаларц азы иҟаҵатәу.
АҴАБЫРГ ДШӘЫРҴАЛА
Азҵаара: Иааигәоума адунеи аҵыхәтәа?
Ажәеинраалақәа: Матф. 24:3, 7, 14
Аҵабырг: Абиблиатә ԥааимбаражәақәа изларҳәо ала, ҳара аҵыхәтәантәи амшқәа раан ҳанхоит. Аха уи ҳацәшәалар акәӡам, избанзар еиӷьу аԥсҭазаара ҳзыԥшуп.
«БЫЛА ЛИ ЖИЗНЬ СОЗДАНА?»
Азҵаара: Шәгәы ишԥаанаго, аԥсҭазаара зшаз Анцәа иоума, мамзаргьы уи машәыршәа иҟалоу? Зыгәра ҳгар ҳалшозеи?
Апубликациа: Ари аброшиураҿы Ҳазшаз дшыҟоу, насгьы аҟәыӷара шимоу аӡәырҩы ауаа агәра дзыргаз ашьақәырӷәӷәарақәа аагоуп. Сара исҭахуп даҽазны сааирц, насгьы 29-тәи адаҟьаҿы иаагоу азҵаара еилҳаргарц: «Почему важно то, во что вы верите?».
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.