Камерун иҟоу ачаирҭаҿы ажәабжь бзиа рҳәоит
Адгаларақәа рыхкқәа
АБРОШИУРА «АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?»
Азҵаара: Шәақәшаҳаҭзар акәхап Абиблиа Анцәа иҳаиҭаз шәҟәызар, уи ақәхра ишашьҭазгьы, еиқәирхар шакәыз.
Ажәеинраала: Ис. [Ис.] 40:8
Апубликациа: Арҭ астатиақәа рҿы еилыргоуп Абиблиа шеиқәхаз, уи еиуеиԥшым аҿагыларақәа ишрықәшәозгьы.
АБРОШИУРА «АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?» (аҵыхәтәантәи адаҟьа)
Азҵаара: Абри азҵаара аганахь ала шәгәаанагара еилыскаар сҭахын. [Уаԥхьа адаҟьа 16 аҿы иаагоу актәи азҵаара.] Шьоукы ргәы иаанагоит адинхаҵара зхәыцыз ауаа роуп ҳәа. Егьырҭ адинхаҵара Анцәа иҟынтә ишаауа, насгьы уи иара изааигәахара ишҳацхраауа агәра ргоит. Шәара шәгәы ишԥаанаго?
Ажәеинраала: Иак. 1:27
Апубликациа: Ари астатиа аҟынтәи шәара еилышәкаауеит ари атема аганахь ала Абиблиа еиҭа иаҳәо. Сара даҽазны сааир сылшоит, уи астатиа аҟынтә зхәыцрақәак еилҳаргарц азы.
«АЖӘАБЖЬ БЗИА АНЦӘА ИҞЫНТӘ»
Азҵаара: Аӡәырҩы ргәы иаанагоит абиблиатә ԥааимбаражәақәа рыԥхьара иахьатәи агазеҭқәа рыԥхьара еиԥшуп ҳәа. Шәгәы ишԥаанаго ари абиблиатә цыԥҵәахаҿы зыӡбахә ҳәоу аҟынтә иахьа иубар алшозеи?
Ажәеинраалақәа: 2 Тим. 3:1—5
Апубликациа: Ари аброшиураҿы еилыргоуп абас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа бааԥсқәа Анцәа бзиа дызбо рзы жәабжь бзиоуп ҳҳәар зҳалшо. [Ирба аурок 1, азҵаара 2.]
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.