Мадагаскар иҟоу ақьырсиантә еиҳәшьцәа рхы иадырхәоит аброшиура «Ажәабжь бзиа»
Адгаларақәа рыхкқәа
АБРОШИУРА «ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?»
Азҵаара: Шәгәы ишԥаанаго, еиӷьхома адунеи, ауаа зегь ари апринцип иқәныҟәалар?
Ажәеинраала: Аур. 13:18
Апубликациа: Абиблиа ҳгәазҭанаҵоит ҳусқәа зегьы рҿы иашарыла ҳхы мҩаԥаҳгаларц. Ус анакәха, аиашара ҳаԥсҭазаара аганқәа зегьы ирыдҳәалоуп. Уи атәы аҳәоит ари амзазы иҭыжьу аброшиура «Иаԥсоума иашарыла анхара?».
АБРОШИУРА «ИАԤСОУМА ИАШАРЫЛА АНХАРА?» (аҵыхәтәантәи адаҟьа)
Апубликациа: Сара исҭахуп ишәзынсыжьырц ари аброшиура.
Азҵаара: Шәазхьаԥш аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу азҵаара «Ирылшома иԥсхьоу ҿыц анхара?». Шәара шәгәы ишԥаанаго?
Ажәеинраала: Аус. 24:15 Ари астатиаҿы иаагоуп ари азҵаара иадҳәалоу егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәа.
«АЖӘАБЖЬ БЗИА АНЦӘА ИҞЫНТӘ»
Апубликациа: Сара исҭахын иааркьаҿны ишәзеиҭасҳәарц хәыда-ԥсада иҟоу абиблиатә ҵара шымҩаԥысуа. Ари аброшиура шәыцхраауеит шәбиблиаҿы ихадоу азҵаарақәа рҭак аԥшаара.
Азҵаара: Шәаԥхьахьоума шәара Абиблиа? Ишәсырбар сҭахын шаҟа имариоу ари аброшиура ала Абиблиа аҵара. [Еилырга 2-тәи аурок аҿы иаагоу 1-тәи азҵаара.]
Ажәеинраала: Аатра 4:11
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.