Ажәабжьҳәаҩцәа аброшиура «Ажәабжь бзиа» аԥҳәыс илыдыргалоит (Азербаиџьан)
Адгаларақәа рыхкқәа
«ПРОБУДИТЕСЬ!»
Азҵаара: Ишԥаҳалшо ҳаамҭа ииашаны ҳхы иаҳархәалар?
Ажәеинраала: Еккл. 4:6
Апубликациа: Ари ажурнал аҿы ҳаамҭа ҳхы ишаҳархәаша иазкны алабжьарақәа аагоуп.
АҴАБЫРГ ДШӘЫРҴАЛА
Азҵаара: Избан ауаҩы дызшаз?
Ажәеинраала: Аԥсал. 36:29 (37:29, АдҾ)
Аҵабырг: Анцәа ауаа адгьыл аҿы наӡаӡа инхаларц ишеит.
«АЖӘАБЖЬ БЗИА АНЦӘА ИҞЫНТӘ» (fg)
Азҵаара: Иабаҳалшо иахьа ажәабжь бзиақәа ҳаԥшаар? [Ирба авидеонҵамҭа «Ишәҭахума ажәабжь бзиақәа шәаҳар?».]
Ажәеинраала: Ис. 52:7
Апубликациа: Ари аброшиура аҟынтә шәара «зегь иреиӷьу» иазкны ажәабжь бзиа еилышәкаауеит. Уи Абиблиа шьаҭас иамоуп.
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.