Иегова ишаҳаҭцәа ахаҵа аброшиура «Счастливая семья» идыргалоит (Қырҭтәыла)
Адгаларақәа рыхкқәа
«СТОРОЖЕВАЯ БАШНЯ»
Азҵаара: Анцәа ак шәиҭарц шәиҳәартә алшара шәымазҭгьы, иарбан аҳәароу иҟашәҵарыз?
Ажәеинраала: Иак. 1:17
Апубликациа: Ари ажурнал шәыцхраар алшоит Анцәа иҳаиҭаз зегь раҵкыс зыхә ҳараку аҳамҭа ахә ашьара.
АҴАБЫРГ ДШӘЫРҴАЛА
Азҵаара: Имоума Анцәа ахьӡ?
Ажәеинраала: Аԥсал. 83:18, АдҾ
Аҵабырг: Анцәа Иегова ихьӡуп.
«ВАША СЕМЬЯ МОЖЕТ БЫТЬ СЧАСТЛИВОЙ»
Алагамҭа: Сара ишәсырбар сҭахуп аҭаацәара иазку икьаҿу авидеонҵамҭа. [Ирба аброшиура «Ваша семья может быть счастливой» иазку авидеонҵамҭа.]
Апубликациа: Авидеонҵамҭаҿы зыӡбахә ҳәаз аброшиура шәаԥхьар шәҭахызар, сара исылшоит уи шәысҭар, мамзаргьы асаит аҟынтә ишыхҩылаатәу шәсырбар.
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ ДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.