Иегова ишаҳаҭцәа Вена (Австриа) домофонла ажәабжь рҳәоит
Адгаларақәа рыхкқәа
АБРОШИУРА «АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?»
Азҵаара: Шәақәшаҳаҭзар акәхап Абиблиа Анцәа иҳаиҭаз шәҟәызар, уи ақәхра ишашьҭазгьы, еиқәирхар шакәыз.
Ажәеинраала: Ис. [Иса] 40:8
Апубликациа: Арҭ астатиақәа рҿы еилыргоуп Абиблиа шеиқәхаз, уи еиуеиԥшым аҿагыларақәа ишрықәшәозгьы.
АБРОШИУРА «АБИБЛИА. ИШԤЕИҚӘХЕИ УИ ИАХЬА УАЖӘРААНӠА?» (аҵыхәтәантәи адаҟьа)
Азҵаара: Абри азҵаара аганахь ала шәгәаанагара еилыскаар сҭахын. [Уаԥхьа адаҟьа 16 аҿы иаагоу актәи азҵаара.] Шьоукы ргәы иаанагоит адинхаҵара зхәыцыз ауаа роуп ҳәа. Егьырҭ адинхаҵара Анцәа иҟынтә ишаауа, насгьы уи иара изааигәахара ишҳацхраауа агәра ргоит. Шәара шәгәы ишԥаанаго?
Ажәеинраала: Иак. 1:27
Апубликациа: Ари астатиа аҟынтәи шәара еилышәкаауеит ари атема аганахь ала Абиблиа еиҭа иаҳәо. Сара даҽазны сааир сылшоит, уи астатиа аҟынтә зхәыцрақәак еилҳаргарц азы.
«УИЗЫӠЫРҨЛА АНЦӘА, НАӠАӠА УНХАЛА»
Азҵаара: Ҳара зегьы ахьӡ ҳамоуп, иара убас ахьӡ рымоуп ҳҭаацәагьы, ҳҩызцәагьы. Аха имоума Анцәа ахьӡ?
Ажәеинраала: Аԥсал. 83:18, АдҾ
Апубликациа: Ари аброшиура аҟынтәи шәара еилышәкаауеит Абиблиаҿы Анцәа изкны еиҭа иану. [Иааркьаҿны адаҟьақәа 6—7 рҿы иану ихадоу азхәыцрақәа дрызхьарԥш.]
ЕИҚӘЫРШӘА УХАТӘЫ АДГАЛАРА
Урҭ шьаҭас иҟаҵаны шәхатәы дгаларақәа еиқәшәыршәа.