АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Анцәа зыхә ишьо аҟазшьақәа еизырҳала. Ахынраалара
УИ ЗХАДОУ
- Ахынраалара Иегова изааигәахара иҳацхраауеит (Аԥсал. 137:6 [138:6, АдҾ]). 
- Ахынраалара егьырҭи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа реиӷьтәра иҳацхраауеит (Флп. 2:3, 4). 
- Аԥагьара уқәызхуа ҟазшьоуп (Ажәам. 16:18; Иез. 28:17). 
УИ ШЕИЗЫРҲАЛАТӘУ
- Алабжьара уаҳәа, анаҩс уи уқәныҟәала (Аԥсал. 140:5 [141:5, АдҾ]; Ажәам. 19:20). 
- Уиаҟара ҳаҭыр зқәым аус анагӡара уазхиаз (Матф. 20:25—27). 
- Алшарақәеи аҭакԥхықәрақәеи умоуп ҳәа мыцхәы ухы ҳароумклан (Рим. 12:3). 
Ишԥасылшо сара еиҳаны ахынраалара аарԥшра?
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АЗИАШАРА ЫҚӘЫЗХУА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА. АԤАГЬАРА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Избан иҳарҭо алабжьара ҳшазыҟоу ахынраалара ҳамоу иҳамаму ибзианы изаанарԥшуа? 
- Ишԥаҳацхраауеи анцәаиҳәара ахынраалара аизырҳара? 
- Иарбан лшарақәоу ахынраалара аизырҳаразы иҳамоу?