АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ОСИА 1—7
Иегова азиашара зныԥшуа абзиабара аарԥшра игәаԥхоит. Уара?
Азиашара зныԥшуа абзиабара — ари иумоу аҭакԥхықәрақәа, апринципқәа рықәныҟәара агәаҳәара, азиашареи аишьцылара ӷәӷәеи абзиабара аарԥшра угәы аназҭарҵо ауп. Аԥааимбар Осиеи азиашара аазмырԥшуаз иԥҳәыси рҿырԥштәала Иегова иаҳирбеит азиашара зныԥшуа абзиабара шаарԥшлатәу, насгьы гәыкала ишранажьлатәу (Ос. 1:2; 2:7; 3:1—5).
Излоубарҭоузеи Гомерь азиашара зныԥшуа абзиабара шлымамыз?
Излоубарҭоузеи израильаа азиашара зныԥшуа абзиабара шрымамыз?
Ишԥааирԥши Осиа азиашара зныԥшуа абзиабара?
Ишԥааирԥши Иегова азиашара зныԥшуа абзиабара?
АЗХӘЫЦРАЗЫ. Ишԥасылшо сара Иегова иахь азиашара зныԥшуа абзиабара аасырԥшыр?