АҴАРАЗЫ АСТАТИА 44
Ишԥааирԥшуеи Иегова гәыкала бзиа шәшибо?
«Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәала, избанзар иара дқьиоуп. Гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» (АԤСАЛ. 136:1).
АШӘА 108 Анцәа гәыкала бзиа ҳаибоит
АХҲӘААa
1. Ҳгәы зызҭеиҵозеи Иегова?
ИЕГОВА гәыкала абзиабара даара иԥшӡоу ҟазшьоуп ҳәа иԥхьаӡоит (Ос. 6:6). Иара имаҵзуҩцәагьы уи аҟазшьа аадырԥшларц иҭахуп. Аԥааимбар Михеи ила Анцәа уи аҟазшьа ҳара бзиа иаҳбарц ҳгәазҭеиҵоит (Мих. 6:8, албаага). Аха уи шыҟаҵатәу еилаҳкаарц азы гәыкала абзиабара иаанаго ҳдыруазароуп.
2. Иаанагозеи гәыкала абзиабара?
2 Иаанагозеи нас гәыкала абзиабара? Урысшәала еиҭагоу Абиблиа «Новый мир» аҿы ари ажәеидҳәала 230-нтә раҟара иуԥылоит. Уа иҟоу «Словарь библейских слов и выражений» аҿы иануп: «Уи абзиабара шьаҭас иамоуп аҭакԥхықәреи, гәык-ԥсыкала аинтерес аарԥшреи, гәык-ԥсыкала азыҟазаареи, ашьцылара ӷәӷәеи. Лассы-лассы ари ажәеидҳәала Анцәа ауаа рахь иааирԥшуа абзиабара атәы анырҳәо рхы иадырхәоит. Аха уи ауаа ирыбжьоу абзиабарахьгьы иаҵанаклар алшоит». Иегова иаасҭа гәыкала абзиабара аазырԥшуа аӡәгьы дыҟаӡам. Ари астатиа аҟынтә еилаҳкаауеит Иегова гәыкала бзиа иибо ауаа зусҭцәоу, насгьы уи дара хәарҭас ирзаанаго. Анаҩстәи астатиа аҟынтә ҳара еилаҳкаауеит Иегова имаҵзуҩцәа иара иҿыԥшны гәыкала бзиа еибабалар шрылшо.
ИЕГОВА «ГӘЫКАЛА ИҞОУ АБЗИАБАРАЛА ИҬӘУ НЦӘОУП»
3. Иеиҳәазеи Иегова Моисеи?
3 Иегова израильаа Мысра ианалига ашьҭахь дук мырҵыкәа, ихазы, насгьы ихьӡ азы Моисеи аҵак ду змаз ак иеиҳәеит: «Иегова, Иегова, арыцҳашьара злоу, згәы ҭбаау, ачҳара злоу, узықәгәыӷыртә иҟоу, гәыкала иҟоу абзиабара ала иҭәу Нцәоуп. Иара зықьҩыла ауаа рахь гәыкала абзиабара ааирԥшуеит, агхеи, ацәгьоуреи, агәнаҳаи ранаижьуеит» (Ақәҵ. 34:6, 7). Ҳәара аҭахума, Иегова арҭ аҟазшьа ԥшӡақәа ахьилоу даараӡа ҳгәы арԥхоит. Аха уи адагьы, Иегова Моисеи иеиҳәаз арҭ ажәақәа гәыкала иааирԥшуа абзиабара иазкны аинтерес зҵоу ак ҳаилдыркаауеит. Иарбану уи?
4, 5. а) Ииҳәазеи Иегова ихы иазкны? б) Иарбан зҵаарақәоу еилҳарго?
4 Иазгәашәҭ, Иегова гәыкала абзиабара аасырԥшуеит ҳәа мацара акәӡам ииҳәаз, иара гәыкала иааирԥшуа абзиабарала дышҭәу иҳәеит. Урысшәала еиҭагоу «Новый мир» аҿы уи даҽа бжьынтә иануп (Ахыԥхь. 14:18; Неем. 9:17; Аԥсал. 86:15; 103:8; 145:8; Иоиль 2:13; Иона 4:2, албаага)b. Абиблиаҿы бзиабарала иҭәу ҳәа зыӡбахә ҳәоу Иегова заҵәык иоуп. Еилкаауп: Иегова ус еиԥш иҟоу абзиабара шааирԥшуа ҳдыруазар иҭахуп. Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара дуӡӡоуп. Аҳ Давид ииҩыз аԥсаломқәа руак аҿы иҳәеит: «О Иегова, гәыкала иааурԥшуа абзиабара ажәҩан аҟынӡа инаӡоит... Шаҟа ахә ҳаракузеи гәыкала иааурԥшуа абзиабара, о Сынцәа! Уара умҵәыжәҩақәа рышәшьыраҿы ауаа ахыҵакырҭа рыԥшаауеит» (Аԥсал. 36:5, 7). Ахә ҳзақәума ҳара Давид иеиԥш, Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара?
5 Иегова гәыкала абзиабара шааирԥшуа еиӷьны еилаҳкаарц азы ҩ-зҵаарак еилҳаргоит: бзиа иибода Иегова гәыкала, насгьы хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова гәыкала бзиа ҳахьибо?
БЗИА ИИБОДА ИЕГОВА ГӘЫКАЛА?
6. Бзиа иибода Иегова гәыкала?
6 Бзиа иибода Иегова гәыкала? Бзиа иубалар алшо рацәоуп. Иаҳҳәап, Абиблиаҿы иануп шьоукы адгьыл ақәаарыхреи, аҩи, ахәшеи, амҩақәҵарақәеи, адырреи, аҟәыӷареи уҳәа убас иҵегьы бзиа ишырбо (2 Аш. 26:10; Ажәам. 12:1; 21:17; 29:3). Аха зыԥсы ҭам акы гәыкала бзиа абара залшаӡом. Иегова гәыкала бзиа иибо ауаа зегь ракәӡам, аха изааигәоу мацара роуп. Иегова иҩызцәа гәыкала дырзыҟоуп. Иара урҭ аԥеиԥш бзиа рызирхиеит, насгьы ахаан иаанижьӡом.
Иегова имаҵзуҩцәа рыдагьы, ауаа зегьы аҳамҭақәа рацәаны ириҭоит. (Шәахәаԥш абзац 7.)c
7. Ишԥааирԥшуеи Иегова ауаа зегь рахь абзиабара?
7 Иегова ауаа зегь рахь абзиабара ааирԥшуеит. Иисус Никодим иеиҳәеит: «Анцәа Ихшаазаҵә даиҭаратәы... [«ауаатәыҩса», АдҾ] бзиа ибеит, — Иара дхазҵауа дарбанзаалакь дҭамхаразы, наӡаӡатәи аԥсҭазаара иауразы» (Иоанн 3:1, 16; Матф. 5:44, 45).
Аҳ Давиди аԥааимбар Даниили изларҳәаз ала, Иегова имаҵзуҩцәа гәыкала бзиа изибо урҭ дахьырдыруа, иахьицәшәо, бзиа дахьырбо, насгьы иԥҟарақәа иахьрықәныҟәо азоуп. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 8, 9.)
8, 9. а) Избан Иегова имаҵзуҩцәа рахь гәыкала абзиабара зааирԥшуа? б) Еилҳаргозеи анаҩс?
8 Ишаҳбаз еиԥш, Иегова гәыкала бзиа иибо имаҵзуҩцәа рымацара роуп. Уи ус шакәу еилыкка иаҳдырбоит Абиблиаҿы иану аҳ Давиди аԥааимбар Даниили ражәақәа. Иаҳҳәап, Давид абас иҳәеит: «Уздыруа гәыкала бзиа рбара уаҟәымҵын»; «Иегова ицәшәо наӡаӡа бзиа ибалоит» (Аԥсал. 36:10; 103:17). Абар Даниилгьы ииҩыз: «Иегова, иҵабыргу Анцәа, иҳараку, ашәареи аҳаҭырқәҵареи иаԥсоу, аиқәшаҳаҭра назыгӡо, бзиа узбо, насгьы уԥҟарақәа ирықәныҟәо зегь гәыкала бзиа избо!» (Дан. 9:4). Арҭ ажәақәа ишаҳдырбо ала, Иегова имаҵзуҩцәа гәыкала бзиа изибо дара дахьырдыруа, иахьицәшәо, бзиа дахьырбо, насгьы иԥҟарақәа иахьрықәныҟәо азоуп. Иегова гәыкала бзиа иибо ииашоу имаҵзуҩцәа заҵәык роуп!
9 Иегова имаҵ аура ҳалагаанӡа ауаа зегь бзиа ишибо еиԥш бзиа ҳаибон (Аԥсал. 104:14). Аха имаҵ аура ҳаналага, гәыкала бзиа ҳшибо ҳбо ҳалагеит. Иегова имаҵ зуа зегьы абарҭ рҩызцәа ажәа ҟәандақәа реиҳәоит: «Уара уахь гәыкала иаасырԥшуа абзиабара ахаан ииасӡом» (Ис. 54:10). Давид иеиԥш ҳаргьы, Иегова гәыкала имаҵ зуа ҷыдала дшырзыҟоу ԥаҳшәахьеит (Аԥсал. 4:3). Иегова абас дахьаҳзыҟоу ҳгәы ҟанаҵоит. Аԥсаломшәаҳәаҩ уи иазкны абас иҩуан: «Аҟәыӷара злоу уи гәеиҭоит, насгьы Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара дазхәыцлоит» (Аԥсал. 107:43). Ари ажәеинраала ишҳанаҳәаз еиԥш, шәааи Иегова гәыкала имаҵзуҩцәа рахь иааирԥшуа абзиабара иамоу х-ганк ҳрызхәыцып.
ХӘАРҬАС ИАҲЗААНАГОЗЕИ ИЕГОВА ГӘЫКАЛА БЗИА ҲАХЬИБО?
Иегова имаҵзуҩцәа еиҳагьы дрықәныҳәоит. (Шәрыхәаԥш абзацқәа 10—16.)d
10. Хәарҭас иаҳзаанагозеи Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа ишыҟазаауа ҳаназхәыцуа? (Аԥсалом 31:7).
10 Анцәа гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа иҟазаауеит. 136-тәи Аԥсалом аҿы Анцәа гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа ишыҟазаауа 26-нтә иануп. Уи абарҭ ажәақәа рыла иалагоит: «Иегова ҭабуп ҳәа иашәҳәала, избанзар иара дқьиоуп. Гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» (Аԥсал. 136:1). Анаҩс 2-тәи инаркны 26-тәи ажәеинраалақәа рҟынӡа аҳәоу «избанзар… гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» жәеинраалацыԥхьаӡа еиҭаҳәоуп. Ари аԥсалом уанаԥхьо Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара шаҟа ган рацәа амоу, насгьы аҽшамԥсахуа узгәамҭар ауӡом. Аҳәоу «избанзар... гәыкала иааирԥшуа абзиабара наӡаӡа иҟазаауеит» агәра ҳнаргоит Иегова ижәлар ахаан бзиа рбара дшаҟәымҵуа. Шаҟа ҳгәы ҟанаҵозеи агхақәа шҳамоугьы, Иегова ҳахьаанимыжьуа. Уи аҭыԥан иара имаҵ зуа дырзааигәахоит, насгьы ауадаҩрақәа анрымоу ҩызаҵас гәыкала дрыцхраауеит. Ҳәарада, уи ҳгәы арҭынчуеит! Хәарҭас иаҳзаанагозеи уи? Иегова ҳшаанимыжьуа ахьаҳдыруа агәырӷьара ҳзаанагоит, насгьы аԥсҭазаараҿы ҳзықәшәо ауадаҩрақәа рыхгареи, анаҩсгьы имаҵ ауреи рзы амч ҳнаҭоит. (Шәаԥхьа Аԥсалом 31:7.)
11. Игәазҭазҵозеи Иегова ҳанажьра, Аԥсалом 86:5 иану инақәыршәаны?
11 Анцәа гәыкала иааирԥшуа абзиабара анажьра игәазҭанаҵоит. Агәнаҳа ҟазҵаз ауаҩы игәнаҳа данахьхәуа, насгьы иҽаниԥсахуа, Иегова уи изгәамҭар алшаӡом. Гәыкала абзиабара аарԥшны уи ауаҩы ианаижьуеит. Аԥсаломшәаҳәаҩ Давид Иегова изкны иҳәеит: «Иара ҳагәнаҳақәа рыла дҳазныҟәаӡом, ҳагхақәа рзы иҳақәнагоу ҳақәиршәаӡом» (Аԥсал. 103:8—10). Давид ихатә ԥышәала еиликааит уламыс уанаргәаҟуа шаҟа ицәгьоу. Аха уи адагьы, иара еиликааит Иегова анажьра дшазхиоу. Аԥсалом 86:5 аҿы иара иҩит Иегова арыцҳашьара аарԥшра игәазҭазҵо (шәаԥхьа). Уи анцәаиҳәара излаҳаилнаркаауа ала, Иегова анажьразы и́ҳәо иранаижьуеит, избанзар «гәыкала иааирԥшуа абзиабара» дуӡӡоуп (Аԥсалом 103:11).
12, 13. Иҳацхраар алшозеи анкьа иҟаҳҵахьаз агхақәа рзы мыцхәы ҳхы ахара адаҳҵозар?
12 Ауаҩы иҟаиҵаз агха дахьхәуазар, уи бзиоуп, ахәарҭагьы изаанагоит. Иара иҟаиҵаз дахьацәыԥхашьо ахьхәреи аҽыриашареи игәазҭанаҵар алшоит. Аха Анцәа имаҵзуҩцәа шьоукы анкьа иҟарҵахьаз агхақәа рзы мыцхәы рхы ахара адырҵоит. Дара иҟарҵаз гәыкала ишахьхәызгьы, убриаҟара рхы ахара адырҵоит, Иегова ахаан иранаимыжьуашәа ргәы иаанагоит. Уи аҩыза ахәыцрақәа шәаргьы ишәызцәырҵуазар, Иегова гәыкала бзиа шәшибо, насгьы уи ахаан ишәхамышҭлар шиҭаху шәазхәыцлар, шәгәы казыжьуа ацәаныррақәа риааира шәылшоит.
13 Иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго? Иҳагу шырацәоугьы, ҳаламыс цқьаны ҳгәырӷьаҵәа Иегова имаҵ ҳаулар ҳалшоит. Уи зыбзоуроу «Анцәа Иԥа Иисус Христос Ишьа ҳазҵоу агәнаҳарақәа зегьы» ахьарыцқьо ауп (1 Иоанн 1:7). Шәара анкьа иҟашәҵахьаз агхақәа шәрыхьхәызар, аха уеизгьы урҭ ирыхҟьаны шәгәы каҳаны шәыҟазар, ишәгәалашәыршәала Иегова анажьра дшазхиоу. Иазгәашәҭ 103-тәи Аԥсалом аҿы Давид Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабареи анажьреи шеидҳәалоу шаҳирбаз: «Адгьыл аҟынтә ажәҩан шыхароу еиԥш, убас идуӡӡоуп иара ицәшәо рахь гәыкала иааирԥшуа абзиабара. Мрагылара мраҭашәара ишацәыхароу еиԥш, убас ихараны иара ҳацәгьоурақәа ҳԥыригеит» (Аԥсал. 103:11, 12). Ааи, Иегова ианҳанаижьуа, уи гәык-ԥсыкала иҟаиҵоит (Ис. 55:7).
14. Дышԥахцәажәеи Давид Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ҳшахьчо?
14 Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ахьчоит. Давид Иегова абас ашәа изиҳәон: «Уара схыҵакырҭа уоуп. Агәаҟра сацәухьчоит. Аиқәырхара суҭоит, усҟан згәырӷьабжь гало ауаа срылагылазаалоит. ...Аха Иегова иқәгәыӷуа иакәзар, Уи еснагь иааирԥшуа ибзиабара дахьчоит» (Аԥсал. 32:7, 10). Абиблиатә аамҭақәа раан ақалақь аӷацәа рҟынтә ирыхьчарц азы иаакәыршаны аҭӡамц дуқәа дыргылон. Убас еиԥш Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабарала иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ирԥырхагахар алшо зегь рҟынтә ҳихьчоит. Иара убас, Иеговеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызара ахаҭагьы ҳахьчоит. Уи ҳаиҩызарагьы зыбзоуроу иара гәыкала иааирԥшуа абзиабара ауп (Иер. 31:3).
15. Излеиԥшузеи Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ахыҵакырҭеи абаагәареи?
15 Давид Анцәа ижәлар шихьчо абас исахьаркны дахцәажәеит: «Уара Сынцәа,— сзықәгәыӷуа хыҵакырҭоуп, гәыкала бзиа сызбо Анцәа». Даҽа ԥсаломк аҿгьы абас иҳәеит: «Иара гәыкала бзиа сибоит, уи сбаагәара иоуп, сзықәгәыӷуа схыҵакырҭа, сеиқәырхаҩ, сԥырак. Иара иҿы сара аҽыҵәахырҭа сыԥшааит» (Аԥсал. 59:17; 144:2). Избан Давид Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара ахыҵакырҭеи абаагәареи изрыҿирԥшыз? Ҳахьынхозаалакгьы, гәыкала Иегова имаҵ ҳаулар, иареи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа акгьы рмыхьырц азы иара ҳихьчалоит. 91-тәи Аԥсаломгьы уи агәра ҳнаргоит: «Сара Иегова иасҳәоит: „Уара уоуп сара схыҵакырҭеи схыхьчарҭеи“» (Аԥсал. 91:1—3, 9, 14). Моисеигьы Иегова ахыҵакырҭа даҿирԥшуан (Аԥсал. 90:1, албаага). Моисеи иԥсҭазаара ахыркәшамҭазы арҭ ажәақәа ҿыц ихы иаирхәеит, насгьы ихадоу зхәыцрак ациҵеит: «Анцәа — жәытәнатә аахыс иҟоу ҽыҵәахырҭоуп, наӡаӡатәи инапқәа уркызаауеит» (Ҩынтә. 33:27). Иҳаилдыркаауазеи Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара иазкны ажәақәа: «Наӡаӡатәи инапқәа уркызаауеит»?
16. Дышԥаҳацхраауеи Иегова? (Аԥсалом 136:23).
16 Иегова ҳара ҳзы дхыҵакырҭазар, акгьы ҳацәшәалаӡом. Аха зны-зынла ҳгәы каҳауеит, ҳамчқәагьы каԥсоит. Иҟаиҵозеи Иегова уи анибо? (Шәаԥхьа Аԥсалом 136:23.) Иара дҳацхраарц азы ҳара ҳахь инапы ирххоит, насгьы ашьшьыҳәа ҳашьҭыхны, дырҩегь ҳшьапы ҳақәиргылоит (Аԥсал. 28:9; 94:18). Иарбан хәарҭоу уи иаҳзаанаго? Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп есымша Анцәа ицхыраара ҳақәгәыӷлар шҳалшо. Ҳахьыҟазаалакгьы, иара ҳара ҳзы еснагь дхыҵакырҭоуп. Иара убас, бзиа ҳазбо жәҩантәи Ҳаб дҳаиҷаҳауеит.
АГӘРА ГАНЫ ШӘЫҞАЗ: ИЕГОВА ГӘЫКАЛА БЗИА ШӘИБОИТ
17. Зыгәра ҳнаргозеи Анцәа гәыкала иааирԥшуа абзиабара? (Аԥсалом 33:18—22).
17 Ари астатиа аҟынтә ишеилаҳкааз еиԥш, ҳзықәшәо аԥышәарақәа зеиԥшразаалакгьы, агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит Иегова ҳааигәара дшыҟоу, насгьы гәыкала имаҵ аура дышҳацхраало (2 Кор. 4:7—9). Аԥааимбар Иеремиа иҳәеит: «Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабара абзоурала ҳара ҳҭамхаӡеит. Избанзар иааирԥшуа арыцҳашьара ахаан инҵәаӡом» (Аҵә. 3:22). Ҳара Иегова гәыкала бзиа ҳшибо агәра ганы ҳаҟазар ҳалшоит, избанзар, аԥсаломшәаҳәаҩ ишиҳәаз еиԥш, «Иегова ицәшәо, насгьы гәыкала иааирԥшуа абзиабара иақәгәыӷуа илаԥш рхуп». (Шәаԥхьа Аԥсалом 33:18—22.)
18, 19. а) Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара? б) Еилҳаргозеи анаҩстәи астатиаҿы?
18 Иаҳхаҳмыршҭлар ҳахәҭоузеи ҳара? Иегова ауаа зегь бзиа ибоит. Иара имаҵ анаҳамуазгьы бзиа ҳаибон, аха ижәлар ҳанрыхәҭакха еилаҳкааит гәыкала иааирԥшуа абзиабара иаанаго. Иегова гәыкала бзиа ҳбаны ҳаигәыдиҳәҳәалоит. Иара ахаангьы ҳаанижьӡом, есымша ҳихьчалоит, насгьы ҳзықәиргәыӷыз зегь наигӡоит. Иара наӡаӡа ҳаиҩызазар иҭахуп! (Аԥсал. 46:1, 2, 7). Убри аҟынтә ҳзықәшәо ауадаҩрақәа зеиԥшразаалакгьы, иара амч ҳаиҭоит, гәыкала имаҵ аура ҳаҟәымҵырц азы.
19 Ҳара еилаҳкааит Иегова имаҵзуҩцәа рахь гәыкала абзиабара шааирԥшуа, аха иара иҭахуп ҳаргьы гәыкала бзиа ҳаибабаларц. Уи ҟаҳҵалар шҳалшо анаҩстәи астатиаҿы еилҳаргоит.
АШӘА 136 Иегова гәыҭбаарала иуиҭо аҳамҭа
a Иаанагозеи гәыкала абзиабара аарԥшра? Бзиа иибода Иегова гәыкала, насгьы хәарҭас ирзаанагозеи дара уи? Ари аҭыжьымҭаҿы иаагоу раԥхьатәи ҩ-статиак рҿы арҭ азҵаарақәа рҭак ҳаԥшаауеит.
b Иегова гәыкала иааирԥшуа абзиабарала дышҭәу егьырҭ абиблиатә жәеинраалақәагьы ишьақәдырӷәӷәоит. Шәрыхәаԥш Неемиа 13:22; Аԥсалом 69:13; 106:7; Аҵәыуара 3:32.
c АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иегова ауаа зегь рахь, имаҵзуҩцәа рахьгьы, абзиабара ааирԥшуеит. Иаҳҳәап, иара ауаа зегьы ирзишеит амра, ақәа, аҵлақәа, аҵиаақәа, ашәҭқәа. Аха еиҳараӡак ихадоу, аҿыхра абзоурала дарбанзаалак наӡаӡа анхара илшоит.
d АСАХЬАҾЫ ИАҲБО. Иегова имаҵ аура иалагаз, насгьы аҿыхратә ԥсхҭынҵара агәра згаз ҷыдала дрықәныҳәоит. Иегова урҭ рахь абзиабара мацара аарԥшра адагьы, гәыкала бзиа ибоит. Иара ибзиабара наӡаӡа иҟазаауеит, насгьы урҭ рыгәнаҳақәа ранажьреи, иареи дареи реизыҟазаашьақәа рыхьчареи игәазҭанаҵоит.