АШӘА 136
Иегова гәыҭбаарала иуиҭо аҳамҭа
- 1. Иегова дрызиашоуп, ихашҭуам бзанҵы - Иҩызцәа, изааԥсо зегьы. - Рхы мап ҳәа шазырҳәаз идыруеит иара, - Ианрыгхогьы шыҟоу зынгьы. - Зҭаацәареи зыҩнқәеи зегь аанзыжьыз ауаа - Ирыгижьран дыҟаӡам Ҳаб: - Зеиӷьыҟам иашьароуп ириҭо дара, - Џьанаҭаҿ анхарагь дирбап. - АХАПА - Нас, аҳамҭа ду Ҳаб иуаҭәеишьааит, - Уџьа азы дузылԥхалааит уара. - Иуоуп имҵәыжәҩақәа ԥхьакырҭас. - Ҳанцәа уизиашан,— хашҭра ақәым уџьа. 
- 2. Уаныҟало алшоит угәы хьанҭаӡа, - Уажәшьҭа унапқәа кәадахоит. - Узырааԥсаз уеидара ӷәӷәа агара - Уажәшьҭаҵәҟьа иулшом, иубоит. - Аха ҳгәы зырӷәӷәо Ҳаб ибарҭоуп уџьа, - Уаниҳәо убжьы иаҳалап. - Доуҳалеи, нас Иажәалеи дуцхраап уара, - Уҩызцәагьы увагылап. - АХАПА - Нас, аҳамҭа ду Ҳаб иуаҭәеишьааит, - Уџьа азы дузылԥхалааит уара. - Иуоуп имҵәыжәҩақәа ԥхьакырҭас. - Ҳанцәа уизиашан,— хашҭра ақәым уџьа. 
(Уахәаԥш иара убас Аӡб. 11:38—40; Ис. 41:10.)