АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | СОФОНИА 1 — АГГЕИ 2
Иегова дыԥшаала, игәыԥжәара амш ааиаанӡа
Соф. 2:2, 3
Иегова ҳаԥсҭазаара изаҳкзаргьы, уи иаанагаӡом игәыԥжәара амш анааиуа хымԥада ҳихьчоит ҳәа. Ҳара ҳақәныҟәалароуп Софониа израильаа ириҭаз алабжьара.
- Иегова дыԥшаала. Иегова ижәлар уҽрыдкыланы имаҵ уа уизааигәахала. 
- Аиашара ԥшаала. Иегова ииашоу инормақәа инарықәыршәаны унхала. 
- Аҟәымшәышәра ԥшаала. Хынрааларыла Анцәа игәаԥхара нагӡала, насгьы алабжьарақәа удкылала. 
Иҟасҵар сылшозеи еиҳаны Иегова дсыԥшааларц, насгьы исыԥшааларц аиашареи аҟәымшәышәреи?