Аԥааимбарцәа рҟынтә аҿырԥшы жәгала. Софониа
1. Иарбан ҭагылазаашьаз иҟаз Софониа ԥааимбарс амаҵ аниуаз, насгьы иарбан ҿырԥшу уи иаҳирбаз?
1 VII ашәышықәса азбжазы ҳ. ҟ. Иуда Ваал имҵахырхәара аҽарҭбаауан. Игәымбылџьбараз аҳ Амон дшьын, насгьы иара ихаҭыԥан иқәыԥшыз аҳ Иосиа дҟалеит (2 Ашықәс. 33:21—34:1). Уи аамҭазы Иегова Софониа идиҵоит ақәыӡбаратә жәабжь рылеиҳәарц. Иҟалап Софониа Иуда ихылҵшьҭраҿы ицәырҵуаз аҳцәа руаӡәк ихылҵыз иакәызҭгьы, аха иара Иуда аԥхьагылаҩцәа ирықәыӡбоз Иегова иажәабжь ирԥшқомызт (Соф. 1:1; 3:1—4). Ҳара Софониа игәымшәара ҳаҿыԥшлар ҳҭахуп, насгьы аиуаратә еизыҟазаашьақәа Иегова имҵахырхәара анырра анаҭарц рылҳаршаӡом (Матф. 10:34—37). Иарбан жәабжьу Софониа ирылеиҳәоз, насгьы иарбан лҵшәоу уи иамаз?
2. Иҟаҳҵар акәзеи ҳара Иегова игәыԥжәара амш аҽны ҳҽаҳахьчарц?
2 Иегова дшәыԥшаала. Иегова заҵәык иоуп игәыԥжәара амш азы ауаа реиқәырхара зылшо. Убри азоуп Софониа Иуда инхоз ажәлар зааиԥхьоз макьана алшара ахьынӡаҟаз Иегова дрыԥшааларц, аиашареи аҟәымшәышәреи рыԥшааларц (Соф. 2:2, 3). Уи иахьагьы иактуалуп. Софониа иеиԥш, ҳаргьы егьырҭ ргәазҭаҳҵоит Иегова иԥшаара, насгьы еилаҳкаауеит ҳаргьы ишҳахәҭоу ҳаанымгылакәа хьаҵрада Иегова иԥшаара (Соф. 1:6). Ҳара Иегова дҳаԥшаауеит Иажәа инарҵауланы ианҭаҳҵаауа, насгьы инапхгара ҳанаҳәо. Ҳара аиашара ҳаԥшаауеит, ицқьоу агәаԥхашәатә ԥсҭазаара анымҩаԥаҳго. Ҳара аҟәымшәышәра ҳашьҭоуп азыӡырҩра аарԥшны иҳарҳәо аныҟаҳҵо, насгьы Иегова иеиҿкаара иаҳнаҭо анапхгара гәахәарыла ианақәҿаҳҭуа.
3. Избан ҳара ҳмаҵзура аганахь ала ҳгәы акажьра зҳахәҭам?
3 Алҵшәа бзиақәа. Софониа ирылеиҳәоз ақәыӡбаратә жәабжь уеизгьы Иуда инхоз џьоукы иақәҿырҭит, еиҳа иџьоушьаша, иара убас иқәыԥшыз Аҳ Иосиагьы Иегова иԥшаара далагеит. Ԥыҭрак ашьҭахь Иосиа ӷәӷәала аныхамҵахырхәара ақәгара иҽазикит (2 Ашықәс. 34:2—5). Иахьа Аҳра жәлақәак амҩаҿы, ахаҳәраҿы, амаӷраҿы ишкаԥсогьы, жәлақәак анышә бзиа илаԥсоит, насгьы алҵшәа бзиа ааргоит. (Матф. 13:18—23). Ҳара агәра ҳгоит Аҳра ажәла активла алаҵаразы иҟаҳҵо ҳҽазышәарақәа Иегова анаҩсгьы дшырзылԥхо (Ԥс. 126:6).
4. Избан Иегова изԥшра зхадоу?
4 Аиудеицәа шьоукы Иегова имш ахаангьы иааӡом ҳәа ргәы иаанагон. Аха Иегова иақәиргәыӷит иара имш шааигәаз (Соф. 1:12, 14). Аиқәхара зылшоз иара иҟны аҽыҵәахырҭа зыԥшаауаз ракәын (Соф. 3:12, 17). Шәааи Иегова ҳаизыԥшнаҵы, ҳаигәырӷьалап ҳашьцәеи ҳаҳәшьцәеи акзаарала Ҳанцәа ду имаҵ аицура ахьҳалшо! (Соф. 3:8, 9).