АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Изакәызеи ииашаҵәҟьоу абзиабара?»
Иегова аҭаацәалазаара аԥиҵеит, ахаҵеи аԥҳәыси ирыбжьарҵоу аиқәшаҳаҭра наунагӡа иҟазарц азы (Аҟаз. 2:22—24). Аилыҵра аныҟало аӡәы ихатә ҩыза даниԥсахуа заҵәык ауп (Мал. 2:16; Матф. 19:9). Иегова иҭахуп аҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, убри аҟынтә иара ақьырсианцәа хатә ҩызас ирзыҟало ҟәыӷарыла далырхларц, насгьы рҭаацәалазаараҿы насыԥ рымазарц апринципқәа ҳаиҭеит (Еккл. 5:4—6).
УАХӘАԤШ АФИЛЬМ «ЧТО ТАКОЕ НАСТОЯЩАЯ ЛЮБОВЬ?», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
- Ишԥаадырԥши аҟәыӷареи абзиабареи Лиз лҭаацәа Френки Боннии, уи алабжьара анлырҭоз? 
- Избан изҟәыӷарам аҭаацәара узцалалар уҭаху ауаҩы иҟазшьақәа уԥсахыр улшоит ҳәа ахәыцра? 
- Иарбан иҟәыӷоу лабжьароу Поли Присциллеи Лиз илырҭаз? 
- Избан Заки Мегани рҭаацәараҿы ауадаҩрақәа зцәырҵыз? 
- Иарбан еиԥшыз доуҳатә хықәкқәоу Џьони Лизи ирымаз? 
- Избан аибагаратә ҿаҭахьа ҟауҵаанӡа аҭаацәара узцалало иҩныҵҟа, игәы иҭоу аилкаара зхадоу? (1 Пиотр 3:4). 
- Изакәызеи ииашаҵәҟьоу абзиабара? (1 Кор. 13:4—8).