АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Анцәа аҭаацәалазаара зеиҿикааз хаҵеи-ԥҳәыси рыԥсы ахьынӡаҭоу еицызарц азы ауп
Иӷәӷәоу ақьырсиантә ҭаацәарақәа Иегова дҳараркуеит, насгьы рҭаацәалазаара рхаҭагьы агәырӷьара рзаанагоит (Марк 10:9). Аҭаацәалазаара ӷәӷәазарц, насгьы насыԥ амазарц азы ақьырсианцәа ахатә ҩыза даналырхуа абиблиатә принципқәа ирықәныҟәалароуп.
Ауаҩы аӡәы иқәшәара даналаго «мыцхәы дқәыԥшцәамзар» ауп, иӷәӷәоу асексуалтә гәаҳәарақәа иҟәыӷоу аӡбарақәа рыдкылара иԥырхагамхарц азы (1 Кор. 7:36, АдҾ). Аҭаацәара шәалалаанӡа Анцәеи шәареи шәеизыҟазаашьақәа рырӷәӷәареи ақьырсиантә ҟазшьақәа реизырҳареи шәашьҭаз. Убасҟан шәҭаацәалазаара анасыԥ амазарц азы иҟашәҵар шәылшо еиҳа ирацәазаауеит.
Аҭаацәара шәалалаанӡа ауаҩы дзеиԥшроу, игәы иҭоу аилкаара аамҭа азышәкроуп (1 Пиотр 3:4). Шәгәы еихьызшьуа ак ыҟазар, уи аартны еибышәҳәа. Аҭаацәалазаараҿы раԥхьаӡа иргыланы изызхәыцлатәу ухатә ҩыза иуҭар улшо ауп, иара иҟынтә иуоур улшо акәымкәа (Флп. 2:3, 4). Аҭаацәара шәалалаанӡа абиблиатә принципқәа рыла шәынхозар, насыԥ змазаауа аҭаацәалазааразы ашьаҭа бзиа ашьҭаҵара шәаҿуп ҳәа шәҳәар шәылшоит.
«АҬААЦӘАЛАЗААРА АҼАЗЫҞАҴАРА. АХӘҬА 3: „ШАҞА АГО ԤХЬАӠА“», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ишԥеибагәаԥхеи ари аиаҳәшьеи Шеини?
Лгәы змырҭынчуази еиӷьны деилылкаацыԥхьаӡа?
Ишԥалыцхрааи лҭаацәа, насгьы иарбан ӡбароу лара илыдылкылаз?