АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | МАТФЕИ 8, 9
Иисус ауаа бзиа ибон
Матфеи ахқәа 8, 9 рҿы Иисус Галилеиа амаҵ аниуаз иҟаз хҭысқәак рыӡбахә ҳәоуп. Ауаа анихәышәтәуаз Иисус амч шимоу ааирԥшит, аха зегь раасҭа ихадоу, иара иааирԥшит ауаа рахь абзиабара ӷәӷәеи агәрыцҳашьареи.
- Иисус ацәеилабаара змаз дихәышәтәит (Матф. 8:1—3). 
- Иисус шәҩык ирхагылаз имаҵуҩы дихәышәтәит (Матф. 8:5—13). - Иара Пиотр ианхәа дихәышәтәит (Матф. 8:14, 15). - Уи ауаа адемонцәа рылицон, насгьы ачымазаҩцәа ихәышәтәуан (Матф. 8:16, 17). 
- Иисус даара злеишәа цәгьаз адемонцәа ауаа ирылицан, аҳәа гәарҭа ирылалартә реиҳәеит (Матф. 8:28—32). 
- Иисус зхы иамыхәоз, икәадаз дихәышәтәит (Матф. 9:1—8). - Иара имаҭәа иахькьысыз аԥҳәыс дихәышәтәит, насгьы Иаир иԥҳа лыԥсы ҭеиҵеит (Матф. 9:18—26). - Иара илашәыз ауааи аҿаҳаи ихәышәтәит (Матф. 9:27—34). 
- Иисус ақалақьқәеи ақыҭақәеи дырҭаауан «ауааԥсыра чмазарас, лымшарас ирымаз хәышәтәуа» (Матф. 9:35, 36). 
Ишԥасылшо сара ауаа рахь еиҳаны абзиабареи агәрыцҳашьареи аасырԥшлар?