АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
«Дышәгәалашәыршәала Лот иԥҳәыс»
Избан Лот иԥҳәыс шьҭахьҟа дызхьаҳәыз, Содом ааныжьны данцоз? Абиблиа уи атәы аҳәаӡом (Аҟаз. 19:17, 26). Аха Иисус ари агәҽанҵара ҳаиҭаанӡа ииҳәаз иаанарԥшуеит лара иаанлыжьыз акы лгәы иҵхозар шауаз (Лука 17:31, 32). Лот иԥҳәыс Анцәа иразра лцәыӡит. Ишԥаҳалшо ҳара уи аҩыза ҳҽацәаҳахьчар? Амал аизырҳара ҳаԥсҭазаараҿы зегь раасҭа ихадахартә алҳмыршалароуп (Матф. 6:33). Иисус иҳәон Анцәагьы амазарагьы шәзеицбом ҳәа (Матф. 6:24). Аха иҟаҵатәузеи амал арҳара агәаҳәара ҳдоуҳатә усқәа ишырԥырхаго ҳбозар? Ҳара Иегова ацхырааразы ҳиҳәалар ҳалшоит ҳҽахьыҳаԥсахша ҳирбарц азы, насгьы уи аҟаҵаразы агәымшәареи амчи ҳаиҭарц азы.
ШӘАХӘАԤШ Х-ХӘҬАК РЫЛА ИШЬАҚӘГЫЛОУ АФИЛЬМ «ВСПОМИНАЙТЕ ЖЕНУ ЛОТА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАШӘҴА:
- Ишԥасылшо сусқәа рыла Лот иԥҳәыс дшысгәалашәо аасырԥшыр? - Ишԥарныри Глориа лхәыцшьеи, лцәажәашьеи, лусқәеи ирацәаны аԥара лырҳаларц ахьларҳәоз? 
- Иарбан гәҽанҵароу иаҳнаҭо иахьа Лот иԥҳәыс лҿырԥштәы? 
- Ишԥарыцхрааи Џьо иҭаацәеи иареи абиблиатә принципқәа? 
- Ишԥаныри Анна лдоуҳатә ҭагылазаашьа аусураҿы илымаз иҽеим аиҿцәажәара? 
- Избан ҳара агәымшәара заҳҭаху, аԥара арҳара раԥхьатәи аҭыԥ аҿы аргылара ҳгәазҭарҵозар? 
- Ишԥарылшеи Браиани Глориеи адоуҳатә усқәа еиҭа раԥхьатәи аҭыԥ аҿы рыргылара? 
- Иарбан библиатә принципқәоу шәара ари афильм аҿы игәашәҭаз?