АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Амаҵзураҿы иҳамоу аҟазара еиӷьаҳтәуеит. Асаит jw.org ҳхы иаҳархәоит
УИ ЗХАДОУ: Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа зегьы асаит jw.org уазхьадырԥшуеит. Асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыц, иара убас абуклет «Иабаԥшаатәу акрызҵазкуа азҵаарақәа рҭак?» ауаа ҳсаит иазхьанарԥшуеит. Уара иулшоит ҳсаит аҿы иҟоу Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа руак ауаҩы аелектронтә ԥошьҭала изушьҭыр, мамзаргьы даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаҩы ажәабжь анизеиҭауҳәо еиҳарак ахәарҭа изаазго азхьарԥш изушьҭыр ҟалоит. Иара убас ауаа иқәдыргылалар алшоит Абиблиа аҵаразы ацхыраагӡақәа рҿы зҭак аным азҵаарақәа. Убри аҟынтә ауаа ҳсаит иазхьаҳарԥшуазар, ҳмаҵзура еиҳаны алҵшәақәа аанагалоит.
УИ ШЫҞАҴАТӘУ:
Ухы иархәала аҟәша АБИБЛИАТӘ ҴАРАҚӘА. Ухаҿы иааг ахәыҷқәа шааӡалатәу иазкны еиҳаны аинформациа еилызкар зҭаху аҭаацәа руаӡәк шаҳаҭра иуҭошәа. Иаарты БИБЛЕЙСКИЕ УЧЕНИЯ > БРАК И СЕМЬЯ.
Ухы иархәала аҟәша АПУБЛИКАЦИАҚӘА. Ухаҿы иааг ашкол аҿы ажәабжь уҳәошәа, насгьы аҵара уцызҵо аброшиура «Аҿар ирызцәырҵуа 10 зҵаарак рҭак» иурбар уҭахушәа. Иаарты АПУБЛИКАЦИАҚӘА > АШӘҞӘҚӘЕИ АБРОШИУРАҚӘЕИ.
Ухы иархәала аҟәша ҲАРА ИҲАЗКНЫ. Ухаҿы иааг аус уцызуа шаҳаҭра иуҭошәа. Иара зыгәра ҳго иазкны икьаҿу аинформациа даԥхьар иҭахуп. Иаарты ҲАРА ИҲАЗКНЫ > ЛАССЫ-ЛАССЫ ИҚӘДЫРГЫЛО АЗҴААРАҚӘА.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АСАИТ JW.ORG ҲХЫ ИАҲАРХӘОИТ», АНАҨС УАЗХӘЫЦ ИАРБАН ҞӘШОУ УХЫ ИАУРХӘАР УЛШО:
Анцәа дхазымҵо уицхраарц азы
Ааигәа агәаҟра зхызгаз уицхраарц азы
Иԥсыҽхаз уашьа уицхраарц азы
Аҩынтә раан узацәажәо ауаҩы инаҳагӡо аус афинанстә цхыраара азҭода ҳәа дҵаауазар
Зтәылаҿы аизара иаҭаарц зҭаху атәымтәылауаҩ уицхраарц азы