Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w18 октиабр ад. 9—15
  • Ауаа аҵабырг дшәырҵала

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Ауаа аҵабырг дшәырҵала
  • Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
  • Ахеиҵақәа
  • Иеиԥшу аматериал
  • АУАА ҲАЗУСҬЦӘОУ ДЕИЛЗЫРКААУА АМЫРУГАҚӘА
  • АИЦӘАЖӘАРА АЛАГАРА ИУЦХРААУА АМЫРУГАҚӘА
  • АБИБЛИА АХЬ АИНТЕРЕС ЦӘЫРЫЗГО АМЫРУГАҚӘА
  • АШЬАҾАҚӘА РЫҞАҴАРА РГӘАЗҬАЗҴО АМЫРУГАҚӘА
  • АҴАБЫРГ ДЗЫРҴО АМЫРУГАҚӘА
  • Арҵаразы амыругақәа
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
  • Ҟазарыла ухы иархәала иҳамоу амыругақәа зегьы
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Аицәажәарақәа рыхкқәа
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2023
  • Аброшиура «Ажәабжь бзиа» ала идҳарҵоит
    Иԥшьоу ҳмаҵзура 2015
Шәахәаԥш еиҳаны
Ахьчаратә бааш (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2018
w18 октиабр ад. 9—15

Ауаа аҵабырг дшәырҵала

«О, Иегова... Уара уажәа шьаҭас иамоу аҵабырг ауп» (АԤСАЛОМ 119:159, 160).

АШӘАҚӘА: 29, 53

АҬАК ШԤАҞАШӘҴАРЫЗ?

  • Хықәкыс иҳамазар акәзеи амаҵзураҿы?

  • Хықәкыс ирымоузеи Арҵаразы амыругақәа?

  • Иарбан мыругоу уара еиҳа еиӷьны ухы иаурхәаларц иуҭаху?

1, 2. а) Иарбан усу Иисус иԥсҭазаараҿы зегь реиҳа ихадаз, насгьы избан? б) Иҟаҳҵалар акәзеи Анцәа аус ицызуа реиԥш, ақәҿиара ҳамазарц азы?

РАԤХЬА Иисус Христос дуасҭан, аха ԥыҭрак ашьҭахь амаҵзура далагеит (Марк 6:3; Римаа рахь 15:8). Иара урҭ аҩуск ҟазарыла инаигӡон. Ауасҭа иеиԥш, иара иҵеит имаз амыругақәа ихы иархәаны амҿы иалху амаҭәарқәа шыҟаҵатәу. Амаҵзуҩы иеиԥш, иара ауаа дрыцхраауан Анцәа Иажәа иану аҵабырг аилкаара, уи азы ихы иаирхәон Иԥшьоу Аҩыра иазкны имаз иҵаулоу адыррақәа (Матфеи 7:28; Лука 24:32, 45). Иисус 30 шықәса анихыҵуаз ауасҭара даҟәыҵын, амаҵзура далагеит, избанзар идыруан уи аус еиҳа ишхадаз. Иара иҳәеит адгьыл ахь дзаашьҭыз амзызқәа руак Анцәа Иаҳра иазку ажәабжь ауаа рылаҳәара шакәыз (Матфеи 20:28; Лука 3:23; 4:43). Иисус иԥсҭазаара ажәабжьҳәаратә ус иазикит, иара иҭахын егьырҭгьы убас ҟарҵаларц (Матфеи 9:35—38).

2 Ҳабжьара иуасҭацәоу маҷҩуп, аха ҳара зегьы ауаа аҵабырг дзырҵо маҵзуҩцәоуп. Ари аус даара ихадоуп аҟынтә, Анцәа ихаҭа уи дахагылоуп, ҳара иара аус ицаҳуеит (1 Коринфаа рахь 3:9; 2 Коринфаа рахь 6:4). Ҳара ҳиқәшаҳаҭуп абарҭ ажәақәа зҳәаз аԥсаломшәаҳәаҩ: «Уара уажәа шьаҭас иамоу аҵабырг ауп» (Аԥсалом 119:159, 160). Ааи, Иегова иажәа ҵабыргуп. Убри азоуп ҳара «аҵабырг ажәа иаша-ҵабыргла» ауаа ишыдҳарҵо агәра ганы ҳаҟазар заҳҭаху. (Шәаԥхьа 2 Тимофеи иахь 2:15.) Убри аҟынтә ҳара ҳҽазаҳшәоит ихадоу ҳмыруга, Абиблиа, ҟазарыла ҳхы архәара. Уи ҳацхраауеит Иеговеи, Иисуси, Аҳреи ирызку аҵабырг ауаа дырҵара. Ҳмаҵзураҿы ақәҿиара аиура дҳацхраарц азы Иегова иорганизациа ала егьырҭ амыругақәагьы ҳаиҭоит, ҳара урҭгьы ҳхы ишаҳархәаша ҳдыруазар ауп. Урҭ амыругақәа Арҵаразы амыругақәа роуп.

3. Хықәкыс иҳамазар акәзеи ҳара амаҵзураҿы, насгьы иарбан уаау ҳара ҳзышьҭазар ҳахәҭоу, Аусқәа 13:48 инақәыршәаны?

3 Иҟалап шәара шәхәыцуазар: избан арҭ амыругақәа ажәабжьҳәаразы ҳәа акәымкәа арҵаразы ҳәа ҳазрышьҭоу? Избанзар «ажәабжьҳәара» иаанагоит ажәабжь ауаа рыларҵәара. Аха «арҵара» иаанагоит ауаҩы иаҳаз еиликаарц, насгьы уи инақәыршәаны анхара иҭаххартә еиԥш уи ажәабжь иеилыркаара. Ари адунеи иазынхаз икьаҿу аамҭа аҩныҵҟа ҳара ҳҽазаҳшәалароуп абиблиатә ҵарақәа ралагареи ауаа Христос иҵаҩцәа ракәхарц азы аҵабырг дырҵареи. Убри азы ҳара ҳҳаҵ-ҳаҵо ҳрышьҭазар ауп «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаа, насгьы Иегова имаҵ аура иалагарц ҳрыцхраалар ауп. (Шәаԥхьа Аусқәа 13:44—47, 48a.) (Шәахәаԥш албаага.)

4. Ишԥаҳалшо наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭаху рыԥшаара?

4 Ишԥаҳалшо наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭаху рыԥшаара? Раԥхьатәи ақьырсианцәа уи аҩыза алшара рызҭоз ажәабжьҳәаратә ус акәын. Иисус иҵаҩцәа иреиҳәит: «Қалақь ма қыҭа, шәахьнеиуа иарбан ҭыԥзаалакь аҿы, дыжәдыр иаԥсаны убра иҟоу» (Матфеи 10:11). Иахьа ҳаргьы убас ҟаҳҵалар ауп. Ҳәарада, ауаа ргәы цқьамзар, иԥагьазар, насгьы Анцәа хьаас дрымамзар, урҭ ажәабжь бзиа рыдыркылоит ҳәа ҳазыԥшӡом. Ҳара ҳрышьҭоуп згәы цқьоу, ахынраалара злоу, насгьы аҵабырг еилызкаар зҭаху ауаа. Уи аҿҳарԥшыр ҳалшоит Иисус дануасҭаз иҟаиҵоз аус. Аҩнымаҭәа, ашә, ауӷә, ма еиҭа даҽа маҭәарк ҟаиҵаанӡа, раԥхьа иара иԥшаар ихәҭан уи амаҭәар ибзианы излыҵуаз аҵла. Анаҩс иара имыругақәеи иҟазареи ихы иархәаны ииҭахыз амаҭәар ҟаиҵар акәын. Убас еиԥшҵәҟьа иахьа ҳара раԥхьа иҳаԥшаар ауп згәы цқьоу ауаа, анаҩс ҳмыругақәеи ҳҟазареи ҳхы иархәаны, урҭ Иисус иҵаҩцәаны аҟалара ҳрыцхраар ҳалшоит (Матфеи 28:19, 20).

5. Иаҳдыруазар ҳахәҭоузеи Арҵаразы амыругақәа ирызкны? Иҳаилшәыркаа. (Шәахәаԥш астатиа алагамҭаҿы иаагоу асахьа.)

5 Амыругақәа зегьы ирымоуп еиуеиԥшым ахықәкқәа. Иаҳҳәап, шәрызхәыц Иисус дануасҭаз ихы иаирхәоз амыругақәаb. (Шәахәаԥш албаага.) Иара иҟаиҵоз амаҭәарқәа злеишәоз, адырга зларықәиргылоз, излахиҵәоз, излакылиҵәоз, излаицәуаз, насгьы излеидичаԥалоз амыругақәа иҭахын. Убас еиԥш Арҵаразы амыругақәа зегьы рхатә хықәкқәа рымоуп. Шәааи еилҳаргап урҭ амыруга хадақәа ҳхы ишаҳархәалаша.

АУАА ҲАЗУСҬЦӘОУ ДЕИЛЗЫРКААУА АМЫРУГАҚӘА

6, 7. а) Шәхы ишԥашәырхәо асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыцқәа? б) Хықәкыс ирымоузеи ауаа ҳаизарахь иаазыԥхьо абӷьыцқәа?

6 Асаит jw.org ахь ухьазырԥшуа абӷьыцқәа. Арҭ абӷьыцқәа даара ишыхәыҷугьы, ахәарҭа ду ааргоит. Урҭ ауаа ҳсаит иазхьадырԥшуеит. Ҳсаит аҟынтә дара ҳазусҭцәоу еиҳа еиӷьны еилыркаар рылшоит, уи инеиҳангьы, уа абиблиатә ҵара иаҳәар ауеит. 400 000-ҩык инареиҳаны ҳсаит аҿы абиблиатә ҵара иаҳәахьеит, уи адагьы есыҽны шәҩыла уи иаҳәоит! Уара есыҽнытәи аусқәа уанырҿугьы иуԥыло ауаа абӷьыцқәа руҭаларц азы, урҭ еснагь иуцзар ауп.

7 Ааԥхьаратә бӷьыцқәа. Аизарахь уаазыԥхьо абӷьыц актәи адаҟьаҿы иануп: «Шәааҳаԥхьоит Иегова ишаҳаҭцәеи шәареи Абиблиа еицҭышәҵааларц». Аҩныҵҟа иануп ауаа ҳаизара иаҭаар, ма абиблиатә ҵара иаҳәар шрылшо. Ааԥхьаратә бӷьыцқәа ауаа ҳазусҭцәоу аилкаара ирыцхраауеит, иара убас здоуҳатә ҭахрақәа еилызкаауа Абиблиа аҭҵаара рыднагалоит (Матфеи 5:3). Ҳәарада, ауаҩы Абиблиа аҵара иҭахымзаргьы, гәахәарала аизарахь дааҳаԥхьоит. Иара ҳаизара даҭаар, ибоит Абиблиа иазкны шаҟа еиликаар илшо.

8. Избан ауаҩы знык иадамзаргьы аизара даҭаар зыбзиоу? Иаажәга аҿырԥштәы.

8 Даараӡа ихадоуп ауаа знык иадамзаргьы ҳаизара иаҭаарц азы рааԥхьара. Избан? Избанзар аизараҿы дара ирбар рылшоит Иегова ишаҳаҭцәа ауаа Абиблиа иану аҵабырг шыддырҵо, насгьы Анцәа изку адыррақәа риура ишрыцхраауа, убри ала амцдинхаҵарақәа ишреиԥшым (Исаиа 65:13). Ҿырԥштәыс иааҳгар ҳалшоит Еиду Аштатқәа рҿы инхо Реии Линдеи. Шықәсқәак раԥхьа дара уи аиԥшымра гәарҭеит. Дара Анцәа дхарҵон, насгьы еиҳа еиӷьны дырдырырц рҭахын. Убри аҟынтә ирыӡбеит рықалақь аҿы иҟаз ауахәамақәа зегьы ирҭаарц, аха иахьныҟәало ауахәама зеиԥшразар ахәҭоу заа иӡбаны ирыман. Актәи, уи ауахәамаҿы иҿыцу ак еилыркаар акәын. Аҩбатәи, уи иаҭаауа ауаа реилаҳәашьала иубарҭазар акәын урҭ Анцәа имаҵзуҩцәа шракәу. Уи ашықәсқәа рцәагеит, избанзар ауахәамақәа даара ирацәан. Аха ирбаз даара ргәы канажьит. Дара иҿыцу ҳәа акгьы еилырымкааӡеит, насгьы ауахәамахь иныҟәоз ауаа реилаҳәашьала Анцәа имаҵ руеит ҳәа узҳәомызт. Аҵыхәтәантәи ауахәама ианаҭаа ашьҭахь Линда аусура дцеит, Реи — аҩныҟа. Амҩан дышцоз Реи Аҳратә зал ибеит. Иара иӡбеит днеины иҟоу дахәаԥшырц. Ҳәарада, Реи иибаз даараӡа иџьеишьеит. Аҳратә зал аҟны зегьы даара иқьиан, реилаҳәашьагьы даара еиҿкаан. Реи аԥхьатәи аҭыԥ аҿы дтәеит, насгьы еиликааз даара игәаԥхеит! Уи иаҳгәаланаршәоит апостол Павел иажәақәа, иара иҳәеит раԥхьаӡакәны аизарахь иааз ауаҩы абас иҳәар шилшо: «Ииашаҵәҟьаны, шәара Анцәа дшәыцҟоуп» (1 Коринфаа рахь 14:23—25). Уи ашьҭахь Реи есымҽыша аизара даҭааун. Анаҩс иара егьырҭ аизарақәагьы дырҭаауа далагеит. Линдагьы Реи лыҽидылкылеит. Дара 70 шықәса ишырҭагылазгьы Абиблиа ҭырҵаауан, насгьы рыҽӡаархит.

АИЦӘАЖӘАРА АЛАГАРА ИУЦХРААУА АМЫРУГАҚӘА

9, 10. а) Избан абуклетқәа рхархәара зымариоу? б) Иҳаилыркаа ухы иаурхәалар шулшо абуклет «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?»

9 Абуклетқәа. Ҳара иҳамоуп амыругақәа рҟынтә аа-буклетк. Урҭ рхархәара мариоуп, насгьы аицәажәара алагаразы даараӡа ибзиоуп. Раԥхьатәи абуклетқәа 2013 шықәса инаркны аҭыжьра иалагеит, уи нахыс хә-миллиардк раҟара ҭыжьын! Урҭ абуклетқәа зегьы реиҿартәышьа еиԥшуп. Убри аҟынтә урҭ руак ахархәашьа уҵар, егьырҭгьы ухы ишаурхәалаша удыруазаауеит! Ишԥаулшарыз буклетк ухы иархәаны аӡәы иацәажәара уалагар?

10 Иаҳҳәап, уара иуҭахуп абуклет «Изакәызеи Анцәа Иаҳра?» ухы иаурхәар. Ирба ауаҩы раԥхьатәи адаҟьаҿы иаагоу азҵаара, анаҩс уиазҵаа: «Ишәызцәырҵхьоума шәара зныкыр азҵаара: Изакәызеи Анцәа Иаҳра?». Ишԥаҟашәҵарыз аҭак? Анаҩс уиазҵаа иарбан ҭаку иара иалихрыз. Иҟаиҵаз аҭак иашоу иашаму иаҳәара аҭыԥан, абуклет аарты, насгьы ахеиҵа «Иаҳәозеи Абиблиа?» аҵаҟа иаагоу ажәеинраалақәа — Даниил 2:44, Исаиа 9:6 — уизрыԥхьа. Шәеицәажәара ахыркәшамҭаз абуклет аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы ахеиҵа «Шәазхәыц» аҿы иаагоу азҵаара иҭ: «Ишԥаҟало аԥсҭазаара Анцәа Иаҳра анапхгара аҵаҟа?». Уи азҵаара аҭак ҟауҵар улшоит анаҩстәи шәеиқәшәараан. Даҽазнык ауаҩ иахь уаннеилак ухы иаурхәар улшоит аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», аурок 7. Ари аброшиура абиблиатә ҵара алагара иҳацхраауа амыругақәа ируакуп.

АБИБЛИА АХЬ АИНТЕРЕС ЦӘЫРЫЗГО АМЫРУГАҚӘА

11. Хықәкыс ирымоузеи ҳжурналқәа, насгьы иаҳдыруазар акәзеи урҭ ирызкны?

11 Ажурналқәа. «Сторожевая башня», иара убас «Пробудитесь!» адунеи аҿы зегь реиҳа ирацәаны иркьыԥхьуа, насгьы еиҭарго журналқәоуп! Ҳжурналқәа ирыԥхьо ауаа еиуеиԥшым атәылақәа рҿы инхоит аҟынтә, ацәаҿы иаагоу атема зегьы аинтерес рызцәырнагартә еиԥш иалырхуеит. Ҳара ажурналқәа ҳхы иархәаны ауаа ҳрыцхраалароуп аԥсҭазаараҿы зегьы реиҳа ихадоу аилкаара. Аха раԥхьаӡа иргыланы ҳара иаҳдыруазар ауп еиуеиԥшым ажурналқәа захь ирхоу.

12. а) Изызкыда «Пробудитесь!», насгьы хықәкыс иамоузеи уи? б) Иарбан аинтерес зҵоу хҭысу ааигәа узықәшәаз, ари амыруга ухы ианаурхәоз?

12 Ажурнал «Пробудитесь!» Абиблиа иазкны рацәак ззымдыруа, мамзаргьы зынӡаск акгьы ззымдыруа ауаа рахь ирхоуп. Иҟалап дара ақьырсианцәа зыгәра рго зынӡаск ирзымдыруазар, адинхаҵара ргәы ахшәазар, мамзаргьы Абиблиа рыԥсҭазаара еиӷьнатәыр шалшо рзеилымкаауазар. Ажурнал «Пробудитесь!» хықәкы хадас иамоу аԥхьаҩцәа Анцәа дшыҟоу агәра дыргара ауп (Римаа рахь 1:20; Ауриацәа рахь 11:6). Иара убас уи аԥхьаҩцәа иднарбоит Абиблиа Анцәа Иажәа шакәу (1 Фессалоникаа рахь 2:13). 2018 шықәсазы иҭыҵыз х-ҭыжьымҭак хьӡыс ирымоуп: «Ключ к счастью», «12 секретов счастливых семей», «Помощь тем, кто скорбит».

13. а) Изызкыда ажурнал «Сторожевая башня»? б) Иарбан аинтерес зҵоу хҭысу ааигәа узықәшәаз, ари амыруга ухы ианаурхәоз?

13 «Сторожевая башня» аларҵәаразы аҭыжьымҭа хықәкы хадас иамоу Абиблиа аҟынтә дыррақәак змоу, насгьы маҷк иадамзаргьы Анцәа дхазҵо ауаа абиблиатә ҵарақәа деилыркаара ауп. Дара Абиблиа иану ак рдыруазар алшоит, аха уи аҵакы ибзианы ирзеилкааӡом (Римаа рахь 10:2; 1 Тимофеи иахь 2:3, 4). 2018 шықәсазы иҭыҵыз х-ҭыжьымҭак хьӡыс ирымоуп: «Библия — до сих пор актуальна?», «Что принесет будущее?», «Любит ли нас Бог?».

АШЬАҾАҚӘА РЫҞАҴАРА РГӘАЗҬАЗҴО АМЫРУГАҚӘА

14. а) Хықәкыс ирымоузеи Арҵаразы амыругақәа рахь иаҵанакуа ԥшь-видеонҵамҭак? б) Иарбан аинтерес зҵоу хҭысу иумаз, урҭ ауаа иандурбоз?

14 Авидеонҵамҭақәа. Иисус ихаан ауасҭацәа ирымаз амыругақәа фымцала аус руамызт, аха иахьа ауасҭацәа ирымоуп ус еиԥш иҟоу амыругақәа. Ҳаргьы икьыԥхьу апубликациақәа рыдагьы, амаҵзураҿы ауаа идҳарбаша зеиԥшыҟам авидеонҵамҭақәа ҳамоуп. Урҭ рахьтә абарҭ ԥшь-видеонҵамҭак Арҵаразы мыругақәоуп: «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?», «Ишԥамҩаԥысуеи абиблиатә ҵара?», «Иҟарҵозеи Аҳратә зал аҿы?», «Изусҭцәада Иегова ишаҳаҭцәа?». Ҩ-минуҭк раасҭа еиҵаны ицо авидеонҵамҭақәа рхархәара маншәалоуп раԥхьатәи аицәажәарақәа раан. Еиҳа еиҳаны ицо авидеонҵамҭақәа ухы иаурхәалар улшоит аҩбатәи, ахԥатәи, аԥшьбатәи аицәажәарақәа раан, ма еиҳаны аамҭа змоу ауаа уанрацәажәо. Арҭ авидеонҵамҭақәа даараӡа иссируп, избанзар ауаа Абиблиа аҵара алагареи ҳаизарақәа рҭаареи ргәазҭарҵоит.

15. Инырыр шԥалшо ауаҩы ихатәы бызшәала иибо авидеонҵамҭа? Иаажәга аҿырԥштәқәа.

15 Ҳаҳәшьак амаҵзураҿы дылԥылеит уаанӡа Микронезиа инхоз ԥҳәыск. Лара лхатәы бышәа аиап бызшәа акәын. Убри аҟынтә аиаҳәшьа аиап бызшәала авидеонҵамҭа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?» ллырбеит. Авидеонҵамҭа ахәаԥшра даналага уи аԥҳәыс ҿаалҭит: «Ари схатәы бызшәа ауп. Исызхаҵом! Ари ицәажәашьа зеиԥшроу ала сахьиз адгьылбжьаха датәуп. Иара сбызшәала дцәажәоит!» Уи ашьҭахь лара илҳәеит уажәшьҭа ҳсаит аҿы лбызшәала иҟоу зегьы дшаԥхьо, насгьы дшахәаԥшуа. (Иаҿшәырԥш Аусқәа 2:8, 11.) Еиду Аштатқәа рҿы инхо даҽа иаҳәшьак лашьа иԥа даҽа континентк аҿы дынхоит. Лара уи ихатәы бызшәала авидеонҵамҭа «Изаҭахузеи Абиблиа аилкаара?» ахь азхьарԥш изылышьҭит. Иара авидеонҵамҭа данахәаԥш ашьҭахь илзиҩит: «Сара даараӡа сархәыцит адунеи знапаҿы иҟоу амчра змоу ицәгьоу анапхгаҩы шиакәу ахьаҳәо ахәҭа. Сара Абиблиа аҵаразы арзаҳал хасырҭәааит». Ари ахҭыс даараӡа угәы шьҭнахуеит, избанзар иара дынхоит ҳажәабжьҳәаратә ус закәанла иахьшьақәырӷәӷәам атәылаҿы!

АҴАБЫРГ ДЗЫРҴО АМЫРУГАҚӘА

16. Иҳаилшәыркаа арҭ аброшиурақәа хықәкыс ирымоу: а) «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала», б) «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә», в) «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?»

16 Аброшиурақәа. Ишԥаҳалшо цқьа изамыԥхьо, мамзаргьы зхатәы бызшәала Абиблиа шьаҭас измоу апубликациақәа змам ауаҩы аҵабырг ирҵара? Ҳара иҳалшоит аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала» ҳхы иаҳархәарc. (Шәахәаԥш албаага.) Иара убас аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә» ала абиблиатә ҵара алагара даара имариоуп. Уара иулшоит ауаҩы иурбар аҵыхәтәантәи адаҟьаҿы иаагоу 14 тема, анаҩс еиҳа аинтерес изцәырызго алихырц уиҳәар. Иалихыз атема ала абиблиатә ҵара уалагар улшоит. Уҽазушәахьоума ус аҟаҵара узацәажәоз ауаҩы иахь дырҩегь уаннеиуаз? Ҳмыругақәа рҟынтә ахԥатәи аброшиура «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?» ауп. Уи хықәкыс иамоуп Абиблиа зҵо ауаҩы ҳорганизациа иабардырра. Абиблиатә ҵараан ари аброшиура ухы ишаурхәаша еилукаарц азы уахәаԥш март, 2017 шықәсазы иҭыҵыз аусуратә тетрад «Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи».

17. а) Хықәкыс ирымоузеи Абиблиа аҵаразы иҳамоу ҩ-шәҟәык? б) Иҟарҵар рыхәҭоузеи зыҽӡаазхуа зегьы, насгьы избан?

17 Ашәҟәқәа. Аброшиура ухы иархәаны ауаҩы Абиблиа ирҵара уаналагалак ашьҭахь, иануҭаххалак ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?» ахь уиасыр улшоит. Ари амыруга ауаҩы ицхраауеит ихадоу абиблиатә ҵарақәа реилкаара. Ауаҩы доуҳала деизҳауазар, насгьы ари ашәҟәы дахысзар, уара иулшоит абиблиатә ҵара иацуҵар ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» ала.d (Шәахәаԥш албаага.) Ари амыруга ауаҩы ицхраауеит есыҽны абиблиатә принципқәа рхархәара. Ишәхашәмыршҭлан ауаҩы иҽӡааиххьазаргьы ашәҟәы далгаанӡа абиблиатә ҵара шизымҩаԥгалатәу. Уи абзоурала ауаҩы агәрахаҵара ӷәӷәа еизирҳар, насгьы Иегова дизиашаны даанхалар илшоит. (Шәаԥхьа Кәаласаа рахь 2:6, 7.)

Арҵаразы амыругақәа — ари ауаа аҵабырг дҳарҵарц азы иҳамазар ҳахәҭоу амыругақәа роуп

18. а) Ҳгәы зызҭанаҵозеи 1 Тимофеи иахь 4:16 аҵабырг арҵаҩцәа реиԥш, насгьы лҵшәас иаанагозеи уи? б) Хықәкыс иҳамазар акәзеи Арҵаразы амыругақәа ҳхы ианаҳархәо?

18 Иегова ишаҳаҭцәа реиԥш, ҳара аиаша ҵабырг иазку агәырӷьажәа ауаа идҳарҵалароуп (Кәаласаа рахь 1:5; шәаԥхьа 1 Тимофеи иахь 4:16). Уи аҟаҵара иҳацхраауеит Арҵаразы амыругақәа, уа ҳара иаҳҭаху амыругақәа зегь ҳамоуп. (Шәахәаԥш арамка «Арҵаразы амыругақәа».) Шәааи урҭ ибзианы ҳхы иаҳархәалап. Дасу ҳхала иҳаӡбар ҳалшоит иарбан мыругоу ҳхы иаҳархәаша, насгьы ианаҳархәаша. Аха ишәхашәмыршҭлан ҳара хықәкыс иҳамоу апубликациақәа ршара шакәым, иаҳҳәо ажәабжь иақәҿызымҭуа ауаа ҳлитература раҳҭом. Ҳара хықәкыс иҳамоу наӡаӡтәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭаху ауаа Христос иҵаҩцәаны иҟаларц азы рыцхраара ауп. Ус еиԥш иҟоу ауаа ахынраалара рылоуп, насгьы ииашаҵәҟьаны Анцәа дырдырыр рҭахуп (Аусқәа 13:48; Матфеи 28:19, 20).

a Аусқәа 13:48, АдҾ: «Ари заҳаз егьырҭ ажәларқәа рҟынтә ауаа гәырӷьеит, насгьы Иегова иажәа арҳаракра иалагеит, наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара зҭахыз ауаа зегьы Анцәа дхарҵеит».

b Шәахәаԥш август 1, 2010 шықәсазы иҭыжьыз «Сторожевая Башня» аҿы астатиа «Плотницкое ремесло», арамка «Набор инструментов плотника».

c Ауаҩы аԥхьашьа изымдыруазаргьы уара иулшоит аброшиура «Уизыӡырҩла Анцәа» ухы иархәаны Абиблиа ирҵара, избанзар уа асахьақәа рацәоуп.

d Ашәҟәы «Иаҳнарҵозеи Абиблиа?», насгьы «Ишԥаҳалшо Анцәа ибзиабараҿ аанхара?» шәбызшәала ианҭыҵлак, урҭ рахь шәиасыр шәылшоит.

АРҴАРАЗЫ АМЫРУГАҚӘА

АСАИТ JW.ORG АХЬ УХЬАЗЫРԤШУА АБӶЬЫЦҚӘА

АБУКЛЕТҚӘА

АЖУРНАЛҚӘА

АВИДЕОНҴАМҬАҚӘА

АБРОШИУРАҚӘЕИ АШӘҞӘҚӘЕИ

ЖӘАҚӘАК РҴАКЫ

  • Ажәабжь бзиа ауаа ианырзеиҭаҳҳәо ҳара ҳрышьҭоуп «наӡаӡатәи аԥсҭазаарахь уназго аҵабырг аилкаара» зҭаху ауаа. Ус иҟоу ауаа ргәы цқьоуп, ахынраалара рылоуп, насгьы Анцәа изку адыррақәа роурц рҭахуп. Убри аҟынтә дара ажәабжь бзиа иазыӡырҩуеит

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра