Арҵаразы амыругақәа
1. Излареиԥшузеи ажәабжьҳәаҩцәа анапҟазацәа?
1 Анапҟазацәа еиуеиԥшым амыругақәа рхы иадырхәоит. Урҭ руак рхы иадырхәоит иҷыдоу аусқәа рынагӡаразы, егьырҭ еснагь рхы иадырхәоит. Аԥышәа рацәаны измоу анапҟазацәа еснагь рааигәара ихианы ирымоуп ихадоу амыругақәа, насгьы дара урҭ ибзианы рхархәашьа рдыруеит. Дарбанзаалак ақьырсиан Абиблиа игәазҭанаҵоит амаҵзураҿы аҽазышәара ааирԥшларц, уи ала иара илшоит «ҽыԥныҳәа змам аӡәы» иакәны аҟалара (2 Тим. 2:15). Иарбан мыругоу зегь реиҳа ихаданы ҳара иҳамоу? Уи Анцәа Иажәа — амыруга, аҵаҩцәа разыҟаҵаразы еснагь ҳхы иаҳархәо ауп (Матф. 28:19, 20). Убри аҟынтә ҳара ҳҽазаҳшәалароуп уи ҟазарыла ахархәара, насгьы аиаша ажәақәа ишахәҭоу аиҭаҳәара. Аха иҟоуп лассы-лассы ҳхы иаҳархәо егьырҭ амыругақәагьы, урҭ рхархәашьа ақьырсианцәа зегьы ирҵароуп ауаа аиаша дырҵаразы (Ажәам. 22:29).
2. Иарбан ихадоу мыругақәоу арҵаразы ҳара иҳамоу?
2 Арҵаразы ихадоу амыругақәа. Иарбан мыругақәоу Абиблиа ада ҳхы иаҳархәалар ҳахәҭоу? Абиблиа иану аиаша ауаа дырҵаразы зегь реиҳа ихадоу мыругоуп ашәҟәы «Иаҳнарҵаҵәҟьозеи Абиблиа?». Абиблиа зҵо ари апубликациа ҳицахысзар, аҵара иацаҳҵар ҳалшоит ашәҟәы «Анцәа ибзиабараҿ шәыҟаз» ала, уи абзоурала ауаҩы иеилҳаркаауеит абиблиатә принципқәа есыҽнытәи иԥсҭазаараҿы ихы ишаирхәаша. Убри аҟынтә ҳара ҟазарыла ҳхы иаҳархәалароуп арҭ ҩ-публикациак. Иара убас ихадоу амыругақәа рахь иаҵанакуеит брошиурақәак. Абиблиа аҵара алагаразы иҟоу арҵагатә цхыраагӡа хадақәа ируакуп аброшиура «Ажәабжь бзиа Анцәа иҟынтә». Иҟалап шәахьынхо аҭыԥаҿы иҟазар рацәак аԥхьашьа ззымдыруа, мамзаргьы даҽа бызшәак ала ицәажәо ауаа, насгьы уи абызшәала иҟоу апубликациақәа маҷзар, мамзаргьы зынӡа иҟамзар. Ус еиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа рҿы ҳхы иаҳархәар ҳалшоит аброшиурақәа «Уизыӡырҩла Анцәа», мамзаргьы «Уизыӡырҩла Анцәа, наӡаӡа унхала». Абиблиа зҵо ҳорганизациа ахь дназыԥхьо даҽа мыруга хадоуп аброшиура «Иназыгӡода иахьа Иегова игәаԥхара?». Аҵаҩцәа разыҟаҵаразы иҳацхраауа, насгьы зхархәашьа ҳҵар ҳахәҭоу амыругақәа иреиуоуп ароликқәа «Изаҭахузеи Абиблиа аҵара?», «Иҟарҵозеи Аҳратә залқәа рҿы?».
3. Ишԥаҳацхраауеи «Иԥшьоу ҳмаҵзура» аҭыжьымҭақәа?
3 «Иԥшьоу ҳмаҵзура» анаҩстәи аҭыжьымҭақәа рҿы еилыргахоит, арҵаразы ихадоу арҭ амыругақәа иҵегь еиӷьны ҳхы иаҳархәалар шҳалшо. Иҳауз алабжьарақәа ҳхы иаҳархәалар, ҳара ҳхы мҩаԥаҳгалоит Павел Тимофеи иеиҳәаз ажәақәа инарықәыршәаны: «Ухеилкаара уаҿыз, ирылаурҵәо аҵараҿы уҽырҵаулала,— есааира убри угәцаракыз; абас аиԥш ала уанныҟәа, ухгьы иузыӡырҩуагьы еиқәурхоит» (1 Тим. 4:16).