ГӘЫРӶЬАРЫЛА АЖӘАБЖЬ ҲӘАЛА
Абиблиа аҭҵааразы амыругақәа ухы иархәала
Аҟазара злоу рҵаҩцәаны ҳаҟазарц азы Иегова амыругақәа рацәаны иҳаиҭеит. Урҭ рахь иаҵанакуеит авидеонҵамҭақәа, абуклетқәа, ажурналқәа, аброшиурақәа, ашәҟәқәа, насгьы зегь раасҭа ихадоу ҳмыруга — Абиблиа (2 Тим. 3:16). Иара убас Иегова Иажәа инарҵауланы аҭҵаара иҳацхраауа амыругақәа ҳаиҭоит. Урҭ рахь иаҵанакуеит Ахьчаратә бааш аелектронтә библиотека, апрограмма JW Library®, Ахьчаратә бааш онлаин-абиблиотека, насгьы «Путеводитель по публикациям Свидетелей Иеговы».
Адоуҳатә бырлашқәа рыԥшааразы иҳамоу амыругақәа зегь ухы иаурхәалар, агәырӷьара ду умазаауеит. Урҭ рхархәашьа Абиблиа зурҵогьы идырҵала. Усҟан дара рызҵаарақәа рҭак Абиблиаҿы рхаҭа ирыԥшаалоит, насгьы уи агәырӷьара рзаанагалоит.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «АҴАҨЦӘА РАЗЫҞАҴАРА ИАҲЗААНАГО АГӘЫРӶЬАРА. ИЕГОВА ИЦХЫРААРА ШӘЫДЫШӘКЫЛАЛА: АБИБЛИА АҬҴААРАЗЫ АМЫРУГАҚӘА», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Илҳәазеи Џьеид Адунеи шшаз иазкны?
Иабалыԥшааи Нита аеволиуциеи ашареи ирызку аинформациа?
Абиблиа инарҵауланы ианҭаҳҵаауа, насгьы еилаҳкааз егьырҭ ианырзеиҭаҳҳәо, агәырӷьара ду ҳауеит!
Ишԥалыԥшааи лара Џьеид илыхәаша аинформациа?
Ишԥалыцхрааи Нита иҭылҵааз?