АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | ИОАНН 7, 8
Иисус Иаб дҳареикуан
Иисус иажәақәеи иусқәеи рыла жәҩантәи Иаб дҳареикуан. Иара иҭахын ауаа ирдыруазарц ииҳәоз ажәабжь Анцәа иҟынтә шакәыз. Убри аҟынтә иҵарақәа зегьы шьаҭас ирымаз Аҩыра акәын, иара убас иара лассы-лассы урҭ рҟынтә ацитатақәа ааигон. Иисус дандырҽхәоз, аҽхәаԥхьыӡ зегь Иегова ииҭон. Зегь раԥхьаӡа иргыланы иара дзышьҭаз Иегова идиҵаз аус анагӡара акәын (Иоанн 17:4).
Ишԥаҳалшо ҳара Иисус иҿыԥшра...
асцена аҟынтә ма хаҭала ауаа Абиблиа андҳарҵо?
егьырҭ ҳандырҽхәо?
ҳаамҭа шнаҳхша анаҳаӡбо?