АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Уандырҽхәо ахынраалара аарԥшла
Аамҭа-аамҭала ҳара ҳдырҽхәоит. Гәыкала иҳәоу ажәақәа угәы шьҭырхуеит (Ажәам. 15:23; 31:10, 28). Аха ҳара ҳгәыҳҽанызар ауп зегьы ҳреиӷьушәа ҳгәы иаанамгаларц, насгьы ҳԥагьамхарц азы.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ИИСУС ИЕИԤШ АЗИАШАРА ААШӘЫРԤШЛА. ШӘАНДЫРҼХӘО», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ҳаздырҽхәар алшозеи ҳара?
Избан аишьцәа Сергеи дыздырҽхәоз?
Иҟарҵазеи ииашамкәа дандырҽхәоз?
Иунарҵозеи уара ахынраалара зныԥшуаз Сергеи иҭак?