АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Ахынраалара улаз — умыҽхәалан
Аҽхәара — аԥагьара аанарԥшуеит. Ауаҩы ихы анирҽхәо иааигәа иҟоу ауаа уи агәахәара рнаҭаӡом. Убри азоуп Абиблиаҿы изану: «Уирҽхәалааит даҽаӡәы, уара убз акәымкәа» (Ажәам. 27:2).
УАХӘАԤШ АМУЛЬТФИЛЬМ «АХЫНРААЛАРА УЛАЗ», АНАҨС ҴАҞА ИААГОУ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Изхыҽхәозеи абжьааԥны ауаа?
Дызхыҽхәози Ахра иҩыза иҿаԥхьа?
Ишԥаиеилиркааи Ахра иаб аҽхәара шҽеим?
Ишԥаҳацхраауеи 1 Пиотр 5:5 иану ахынраалареи ахӡырымгареи аарԥшра?