АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 8, 9
Иԥагьоу афараон игәгьы иаанагомызт иара Иегова игәҭакы анагӡара дшаҿу
Мсыртәи афараонцәа нцәақәас рхы рыԥхьаӡон. Уи иҳаилнаркаауеит афараон хьамҵрада Моисеии Аарони рзыӡырҩра адагьы, аныхаԥааҩцәа рзыӡырҩрагьы мап зацәикуаз.
Уазыӡырҩуама уара егьырҭ ргәаанагара? Иааурԥшуама аџьшьара алабжьарақәа рзы? Ма уара еснагь уиашоуп ҳәа уԥхьаӡома? Иухоумыршҭын, «аԥагьара ауаҩы дҭанархоит» (Ажәам. 16:18). Убри аҟынтә аԥагьара уиааиртә алумыршан!