АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АҚӘҴЫМҬА 10, 11
Моисеии Аарони агәымшәара ӷәӷәа аадырԥшуеит
Моисеии Аарони агәымшәара ӷәӷәа аадырԥшит, усҟантәи аамҭазы зегь реиҳа амчра змаз афараон ианиацәажәоз. Ирыцхраазеи урҭ? Моисеи изкны Абиблиаҿы иануп: «Уи аҳ игәыԥжәара дацәымшәаӡакәа, хаҵарала Мысра далҵит, аӡәгьы Ибарҭамыз дибозшәа иныруан, дагьарӷәӷәон» (Аур. 11:27). Моисеии Аарони Иегова иахь агәрахаҵара ӷәӷәа рыман, насгьы еснагь иара иқәгәыӷуан.
Иарбан ҭагылазаашьақәоу агәымшәара уҭаххар ахьалшо, амчра змоу ауаҩы угәрахаҵара иеилыркааразы?