АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Гәыкала иҟоу абзиабара ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ изларылукаауа ҟазшьоуп. Аизараҿы акзаара хьчала
УИ ЗХАДОУ Иисус иԥсра уахык шагыз иара Анцәа диҳәон иҵаҩцәа «раӡәра наӡаны» иҟазарц (Иоанн 17:23). Акзаара ҳахьчаларц азы ҳара бзиа ҳаибабалароуп, насгьы агәаара ҳҽацәыҳахьчалароуп (1 Кор. 13:5).
УИ ШЫҞАҴАТӘУ
Иегова дызхәаԥшуа ауаҩы иҟазшьа бзиақәа роуп, ҳаргьы убас ҟаҳҵалароуп.
Гәыҭбаарыла иранажьла.
Шәеилибамкаара шәыӡбазар, уи уаҳа шәаламцәажәалан (Ажәам. 17:9).
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «„БЗИА ШӘЕИБАБАЛА“. АГӘААРА ШӘҼАЦӘЫШӘЫХЬЧАЛА», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Иаазырԥшуазеи авидеонҵамҭа актәи ахәҭаҿы Ҳелен дышгәааз?
Ишԥалылшеи Ҳелен авидеонҵамҭа аҩбатәи ахәҭаҿы иҽеим ахәыцрақәа мап рыцәкны абзиара азхәыцра?
Ишԥаныри аҵыхәтәаны аизара Ҳелен лхымҩаԥгашьа?
Иззеицәада ҳангәаауа?