Ахьчаратә бааш ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
Ахьчаратә бааш
ОНЛАИН-АБИБЛИОТЕКА
аԥсуа
ҩ
  • ӷ
  • ӡ
  • қ
  • ҟ
  • ԥ
  • ҭ
  • ҳ
  • ҵ
  • ҷ
  • ҽ
  • ҿ
  • ҩ
  • џ
  • ә
  • АБИБЛИА
  • АПУБЛИКАЦИАҚӘА
  • АИԤЫЛАРАҚӘА
  • w21 февраль ад. 25
  • Аччаԥшь амч

Ари ацыԥҵәахазы авидео ыҟаӡам.

Ҳаҭамыз, авидео аҭаҩра аан агха ҟалеит.

  • Аччаԥшь амч
  • Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
  • Иеиԥшу аматериал
  • Астендқәа рыла ажәабжьҳәара алҵшәа бзиақәа аанагоит
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
  • Гәыкала иҟоу абзиабара ииашаҵәҟьоу ақьырсианцәа егьырҭ изларылукаауа ҟазшьоуп. Аизараҿы акзаара хьчала
    Ҳқьырсиантә ԥсҭазаареи ҳмаҵзуреи. Аусуратә тетрад 2018
Ахьчаратә бааш Иегова Иаҳра аӡбахә ауаа ирыланаҳәоит (аҵаразы аҭыжьымҭа) 2021
w21 февраль ад. 25

Аччаԥшь амч

ФИЛИППИНҚӘА рҿы ақалақь Багио аҿы ҩыџьа аӡӷабцәа амҩаду ианыланы ишцоз астенд иадгылаз ҳаҳәшьа дырбеит. Дара астенд ааигәа имнеиӡеит, аха уеизгьы ҳаҳәшьа Хелен ирхааны дырҿаччеит. Аӡӷабцәа уи ргәы ҟанаҵеит.

Ԥыҭрак ашьҭахь аӡӷабцәа втобусла аҩныҟа ишцоз Аҳратә зал аҭӡамц аҿы икыдыз ҳсаит алоготип рбеит. Дара иргәалашәеит астенд аҿгьы ирбаз уи алоготип шакәыз. Аӡӷабцәа автобус иҭыҵны Аҳратә зал ианадгыла агәашәқәа рҿы икыдыз аизарақәа реихшанҵа рбеит.

Дук мырҵыкәа дара аизарахь инеит. Шәгәы ишԥаанаго ирбада Аҳратә зал ианыҩнала? Шәақәшәеит, Хелен! Дара лара иаразнак дырдырит. Хелен аӡӷабцәа лара лахь ишнеиуаз анылба, иҟалаз лзымдырит, дшәеит. Аха аӡӷабцәа изнеиз лзеиҭарҳәеит.

Аӡӷабцәа аизара ахаҭагьы уа ишрыдыркылазгьы ргәаԥхеит. Дара рыҩныҟа инеизшәа ргәы иабеит. Аизара ашьҭахь аишьцәеи аиҳәшьцәеи Аҳратә зал шеилдыргоз анырба даргьы рҽаладырхәырц рҭаххеит. Ԥыҭрак ашьҭахь аӡӷабцәа руаӡәк даҽа тәылак ахь диасит, аха егьи аизарақәа рахь аныҟәареи Абиблиа аҵареи далагеит. Уи зегь зыбзоурахаз Хелен дахьырҿаччаз ауп!

    Аԥсуа публикациақәа (2000—2025)
    Аҭыҵра
    Аҭалара
    • аԥсуа
    • Егьырҭ рзышьҭра
    • Архиарақәа
    • Copyright © 2025 Watch Tower Bible and Tract Society of Pennsylvania
    • Ахархәаразы аԥҟарақәа
    • Амаӡара аполитика
    • Амаӡара архиарақәа
    • JW.ORG
    • Аҭалара
    Егьырҭ рзышьҭра