АНЦӘА ИАЖӘА АҞЫНТӘ АХАЗЫНАҚӘА | АУСҚӘА 1—3
Ақьырсиантә еизара иԥшьоу адоуҳа аиуит
33 шықәса ҳ. ҳ. аан еиуеиԥшым аҭыԥқәа рҟынтә аиудеицәа Иерусалим еизеит, Аҩынҩажәижәаба мшы аныҳәа азгәаҭаразы (Аус. 2:9—11). Урҭ ауаа Моисеи изакәан ишықәныҟәозгьы иҟалап дара иааижьҭеи атәым тәылаҿы инхозҭгьы (Иер. 44:1). Убри аҟынтә урҭ рахьтә шьоукы рҭеиҭыԥши рхымҩаԥгашьеи рыла аиудеиаа иреиԥшымызт, аха изланхоз ауаажәлар реиԥш иҟан. Еиуеиԥшымыз ажәларқәа рҟынтә 3 000-ҩык раҟара ауаа рҽанӡаарх, ақьырсиантә еизара бызшәа рацәала ицәажәо еизараны иҟалеит. Урҭ ақьырсианцәа культурала ишеиԥшымызгьы акзаара рыхьчон, насгьы иааиԥмырҟьаӡакәа ауахәамаҿы еизон (Аус. 2:46).
Ишԥаулшо уара азҿлымҳара аарԥшра:
уҭыԥ аҿы инхо атәымтәылауаа рахь?
егьырҭ атәылақәа рҟынтә иааз, уеизарахь иныҟәо аишьцәеи аиаҳәшьцәеи рахь?