АҚЬЫРСИАНТӘ ԤСҬАЗААРА
Гәырӷьарыла ашәаҿы Иегова дҳаракла
Павели Силеи абахҭа ианҭакыз ашәақәа рыла Иегова дҳараркуан (Аус. 16:25). Ҳәарада, дара аԥышәара иаиааирц азы ашәаҳәара амч рнаҭеит. Иаҳҳәар ҳалшозеи ҳара? Ҳашәаҳәагатә шәҟәи ҳсаити рҟынтә ашәақәа ҳгәы дырӷәӷәоит, насгьы аԥышәарақәа ҳанрықәшәо азиашара ахьчара иҳацхраауеит. Аха зегь раасҭа ихадоу урҭ ашәақәа Иегова дҳараркуеит (Аԥсал. 28:7). Ҳара изныкымкәа ҳгәазҭарҵахьеит шәақәак иадамзаргьы ҿырҳәала иаҳҵарц. Иулшама уара уи аҟаҵара? Аҭаацәаратә мҵахырхәара зеиԥшыҟам лшароуп ашәақәа рҵаразы.
УАХӘАԤШ АВИДЕОНҴАМҬА «ДЕТИ ПОЮТ ХВАЛУ ИЕГОВЕ», АНАҨС АБАРҬ АЗҴААРАҚӘА РҬАК ҞАҴА:
Ҳгәы шԥашьҭнахуеи Аҳратә ашәақәа анаҳҳәо?
Рыҽшԥазыҟарҵо аудио-авидео аҟәшаҿы ашәақәа рҭаҩра?
Рыҽшԥазыҟарҵо ахәыҷқәеи аҭаацәеи ашәақәа рҭаҩра?
Иарбан Аҳратә ашәақәоу уара еиҳа иугәаԥхо, насгьы избан?